Урыстәылатәи асапиорцәа еиҭарҳәеит Ҟарабах русура шаҟа иадхало

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпециалисты противоминного центра Минобороны РФ приступили к работе в Карабахе
Специалисты противоминного центра Минобороны РФ приступили к работе в Карабахе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи асапиорцәа Ашьха Ҟарабах ирыԥшааз арҭҟәацгақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: агранатақәа, ахеиҵаҵақәа, акәалӡԥҽыгатәи агранатаршәга ахқәа, аџьаԥҳаны.

АҞӘА, абҵара 28- Sputnik. Жәохә шықәса иназынаԥшуа иаҭаххоит Ашьха Ҟарабах аҵакыра арҭҟәацгақәа рҟынтә арыцқьаразы, ара имҩаԥысуаз аибашьра ашьҭахь, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аминаҿагыларатә агуманитартә центр аиҳабы Самвел Месропиан иажәақәа шьаҭас иганы.

"Ари азанааҭ ала 20 шықәса аус зуеит, сԥышәа ишыснарбо ала, 15 шықәса иназынаԥшуа иаҭаххоит Ашьха Ҟарабах арҭҟәацгақәа рҟынтә арыцқьаразы. Ҳусутә рацәоуп", -  иҳәеит Месропиан.

Открыто движение по Лачинскому коридору  - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аминаҿагыларатә центр аҟазауаа Ҟарабахҟа амҩа иқәлеит

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит  Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.

Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоит.

Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0