Жәлар рашәақәа ирызҟазоу: ашәаҳәаҩ Џьамал Мархолиа иҭоурых

© Foto / из архива Джамала Мархолия Ансамбль Кьиараз
Ансамбль Кьиараз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дарбанызаалак инапы злаку азанааҭ бзиа ибозар, гәык ала дазнеиуазар, уи иқәымҿиар ауам. Зхәыҷаахыс аԥсуа жәлар рашәақәа ирызҿлымҳау, урҭ рахьтә еицырдыруа зегьы ҿырҳәала изҳәо, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьиараз" ахкныгӡаҩцәа ируаӡәку Џьамал Ражден-иԥа Мархолиа.

Џьамал Мархолиа изҳаит Аацы ақыҭан, аҟазара злаз аҭаацәараҿы, хҩык аишьцәеи, хҩык аиаҳәшьцәеи рыгәҭа. Иаб Ражден деицырдыруан "Азар ашәа" зеиԥш ыҟам анагӡаҩы ҳәа. Иаб иаҳәшьа Шьамина агитара аларҳәон. Убри аҟнытә иџьашьатәым Џьамали, иеиҳабацәа Џьубеи, Игори амузыкахь ирылаз абаҩхатәра ҷыда.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Џьамал Аацытәи абжьаратә школ дҭалеит, аха анаҩс диасуеит Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аинтернат ахь. Усҟантәи аамҭазы аҵараиурҭа директорс дахагылан Леила Ачԥҳа, аҵара аҟәша напхгара аиҭон Гиви Агрба. Џьамал Мархолиа иахьагьы иҳәоит урҭ рҵареи рааӡареи рҿы ароль дуӡӡа шынарыгӡаз. Ахәыҷқәа дара ирҿыԥшны аамысҭашәареи, алеишәеи, адыррахь агәазыҳәареи рылаҽуан есыҽны.

Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
"Дәрыԥшьтәи аҟармаҵыс" Ражден Гәымба

Асовет еидгыла аамҭақәа раан, ахәыҷқәа аҵара инаваргыланы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы рҽалыркаарц, анаҩс азанааҭ алхраҿы ицхыраагӡахоит ҳәа ирзеиҿыркаауан аолимпиадақәа, убас амузыка азгьы.

"Алықьса Кәакәасқьыр ҳәа амузыкант бзиа аинтернат ахь даҳзааит, аолимпиада ҳазыҟаиҵоит ҳәа. Сара саныхәыҷыз нахыс слымҳа иаҳауаз аԥсуа ашәақәа ракәын, сҭаацәа ирыцназыгӡон азы маҷк иадамхаргьы аԥышәа сыман ҳәа схы сыԥхьаӡон, аха уеизгьы еидикылоз ахор саднамкылар ҳәа сшәон. Ашьҭахь, агәаҭарақәа рҿы сшаликааз ансеиҳәа сгәырӷьара ҵҩа амамызт. Аолимпиадақәа ирылахәыз иреиӷьыз аҵаҩцәа ракәын азы ҳхы дуны иаҳбон, еиҳау аҩаӡарақәа ҳгәы рзыҳәон. Анаҩс амузыка ҳазыҟаиҵо далагеит акомпозитор дуӡӡа Ражден Гәымба. Аинтернат аҿы аклуб бзиа ҳаман, убраауп асценагьы ҳахьаиршьцылаз. Амала ҳгәы ҳзырхьуазгьы ыҟан, аԥсуа хәыҷқәа злаз ахор вбак амамкәа иқәгыларгьы, ақырҭқәа аԥхьагыларазы рҽырымшьуази, аҩбатәи аҭыԥқәа ракәын иҳаҭәаршьоз", - ихәыҷра шықәсқәа игәалашәоит Џьамал.

Ашәаҳәаҩ раԥхьаӡакәны асцена ду ахь данцәырҵ инигӡаз "Лакоба изы ашәа" ауп. Урҭ ацәаҳәақәа иахьагьы иҿаҿы иааилоит ахәыцрақәа дынрымҽхаркуа.

© Foto / из архива Джамала Мархолия Џьамал Мархолиа
Жәлар рашәақәа ирызҟазоу: ашәаҳәаҩ Џьамал Мархолиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Џьамал Мархолиа

Џьамал Мархолиа аиҳабыратәи аклассқәа рахь даниас, иашьа Игорь дицны нхара Пицундаҟа дааит. Усҟан акурорттә еилазаара аргылара ианаҿыз акәын, аобиект анџьныр хадас иамаз Ҭамара Гыцԥҳа наҟ-наҟ усурҭа ҭыԥлеи нхаралеи еиқәшәап ҳәа аԥсуа ҿар арахь ааԥхьара рылҭон хаҳәк иадамхаргьы еиқәырҵап ҳәа. Лара илыбзоураны Пицунда зшьапы азаркыз аԥсуаа иахьагьы инхоит, инҵоит.

Џьамал иашьа Игорь Мархолиа, Пиунда 1967 шықәсазы иаԥиҵеит раԥхьатәи ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль "Амзара". Убри алагьы жәлар рмузыка ықәыҩҩит араҟа. Џьамал иакәзар, ахкынагӡаҩцәа дреиуан. "Амзара" аҟны адагьы, ашәаҳәаҩ аусура далагеит акурорттә еилазаараҿы акультуратә-массатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩыс.

© фото из архива Джамала Мархолия Ансамбль Кьиараз
Жәлар рашәақәа ирызҟазоу: ашәаҳәаҩ Џьамал Мархолиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ансамбль Кьиараз

1972 шықәсазы Џьамал Мархолиа аррахь иԥхьоит, иуалԥшьақәа наигӡон Иарославль. Азеиԥш ԥсадгьыл иуал анаиҭа, уажәшьҭа Пицундаҟа акәымкәа иаб игәараҭахь Аацыҟа дхынҳәуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, 18 шықәса инарзынаԥшуа иқыҭауаа рымаҵ иуан. Џьамал Мархолиа Аацы ақыҭа аспорттә Комитет аиҳабыс дарҭеит, убас напхгара аиҭон акомсомол, азанааҭ Еидгыла, ДОСААФ, деиҳабын атеатр.

"Усҟан ақыҭақәа рҟны аԥсҭазаара еилашуан. Аҿар аҵара ҵара ашьҭахь, аиҳабацәа ракәзар русура ианахашәалоз аамҭа ахьархыргоз, уимоу рҟазареи рбаҩхатәреи ахьаадырԥшоз атеатр, ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль, аспорттә кружокқәа ҳаман. Араиком Апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩс иҟаз Константин Озган ицхыраарала Аацы аҽырҩырҭагьы ааҳартит. Ажәакала қыҭак ҳаҵамхо ҳаҟан. Аацы анҭыҵгьы ҳтеатр Ш. Ҷкадуа иҩымҭақәа ирылхыз асатиратә миниатиурақәа ддырбон егьырҭ ақыҭақәа ирҭааны, убас Лиудмила Хынтрыгә-иԥҳа Хагәышьԥҳа лааԥсара зду ҳ-аколнхаратә ансамбльгьы ажәлар ргәы шьҭнахуан", - еиҭеиҳәоит Џьамал Мархолиа.

Акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
45 шықәса асценаҿы: акәашаҩ Галина Ажьиԥҳа лҭоурых

Аԥсны арыцҳара ианҭагыла, 1992-1993 шықәсқәа рзы, Џьамал иашьцәа дрывагыланы бџьарла иԥсадгьыл ихьчон. Авзвод "Аиааира" захьӡызгьы командаҟаҵаҩс даман.

"Аибашьра адәаҟны иҟалалон ашәак анаацәыраҳгозгьы, зны-зынла игәышьҭыхгаз, зны-зынла ҳахәрақәа зырӷьоз. Ашәа-ари цәанырроуп, ҩнуҵаҟала ушьақәзыргыло хәшәуп", - иҳәоит иара.

Џьамал Мархолиа аибашьраҿы иааирԥшыз агәаӷьреи, ахаҵареи рзы ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара анышьақәгыла ашьҭахь, Џьамал Мархолиа Гагра араион, Алаҳаӡыхь ақыҭан аҩны аахәаны иҭаацәа иманы арахь нхара дааит. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы аусура далагоит абҩарҵәыра арҵаҩыс Валери Орчыҟәба директорс дызмаз Гагратәи аԥсуа школ №1 аҟны. Анаҩс, Ҭенгьиз Габуниа иааԥхьарала Гагра араион акультура аҟәша аинспекторс аус иуит. Ус ишыҟаз, ашәаҳәаҩ иҟазара атәы здыруаз Оҭар Хәынҵариа, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьиараз" анапхгаҩы Баграт Багаҭелиа иирдыруеит Џьамал Мархолиа иӡбахә.

"1997 шықәсазы Баграт Багаҭелиа ааԥхьара сиҭоит афольклортә ансамбль "Кьиараз" ахь ахкынагӡаҩыс. Уи нахыс еиԥмырҟьаӡакәа абра сыҟоуп", - инаҵишьит ашәаҳәаҩ.

Ансамбль Кьараз - Sputnik Аҧсны
"Кьараз" есышықәса иҿахоит

Џьамал Мархолиа амузыкахь имоу абаҩхатәра иҩнаҭаҟны акәзар ашьаҭа ахьакыз, анаҩс Ражден Гәымбеи, Алықьса Кәакәасқьыри рыбзоурала асцена ду ахь дцәырҵзаргьы, дартистны ажәлар дрылазырҵәаз Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа иоуп.

"Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа иеиԥш арҵаҩы дыҟамзар ҟалап иахьагьы. Акомпозитор дуӡӡа иааԥсара ӷәӷәаны исыдуп. Уи аус сыдиулон индивидуалла, аҩны. Сыбжьы ааиразы зны имариаз ашәақәа сирҳәон, нас еиҳа иуадаҩу рахь ҳаиасуан. Сҟазара ҳаразкыз, адисциплина аҽақәыршәаны аусушьа сзырҵаз Баграт Аҳмаҭ-иԥа иҟамзаара даара иаҳныԥшоит Гагра амузыка знапы алакыу зегьы. Убасцәҟьа иӡбахә сымҳәар ҟалом Оҭар Хәынҵариагьы. Дара аҩыџьагьы алегенда уаа ҳәа исԥхьаӡоит", - амузыкантцәа дуқәа дрыхцәажәоит Џьамал Мархолиа.

Ашәаҳәаҩ "Кьиараз" дацны хыԥхьаӡара рацәала аконцертқәа ихы рылаирхәхьеит Аԥсни, анҭыҵи. Зегь раасҭа игәалашәараҿы иаанхо, "аԥсуа чара" захьӡу амузыкатә композициазы Маиҟәаԥ "Гран-при" ианаԥсаха ауп. Ахәаԥшцәа ҳмилаҭ ацәа зыҟәныз ақәгылара џьашьатәыс ирзыҟалеит. Џьамал уи акомпозициаҿы асценахь дааиуеит ихәда ашәарах ықәҵаны, "Ажәеиԥшьаа" рашәа нагӡауа.

Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам

Џьамал Мархолиа иахьа аԥсуа жәлар рашәас иааизымдыруа ыҟам уҳәар ауеит, ажәлар ирылаҵәаны иҟоу рахьтә. Убас зҿлымҳара аиҭоит аԥсуа естрадагьы.

"Сара зегь раасҭа бзиа избо ашәа ҳәа акагьы сымаӡам. Жәлар рашәақәа зегьы сзеиԥшуп, аха зынагӡара сзыманшәалоу атәы уҳәозар "Ажәеиԥшьаа рашәа", "Ахра ашәа", "Ахәра ашәа", "Данаҟаи иашәа", "Салуман", "Смыр Гәдиса", "Озбақь ахаҵа" алскаауеит. Аестрадатә артистцәа рахьтә исымоуп зашәақәа еиҳа исзааигәоу, иаҳҳәозар Анатоли Алҭеиба, Заур Зыхәба", - инаҵишьит ашәаҳәаҩ.

Џьамал Мархолиа 23 шықәса раахыс аус зциухьоу артистцәа рахьтә зыбжьы уамакала игәаԥхо, насгьы ашәа зыцҳәара мариоу ҳәа рыхьӡ иҳәеит Марина Жьиԥҳа, Назырбеи Ебжьноу, Алик Чуаз, Славик Мхонџьиа, Мактина Абӷаџьааԥҳа. Даара абжьы ссир ихан адунеи зыԥсаххьоу Витали Гәымба.

© Foto / Саида ЖибаАнсамбль "Кьараз"
Жәлар рашәақәа ирызҟазоу: ашәаҳәаҩ Џьамал Мархолиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Кьараз"

Иахьа ансамбль "Кьиараз" иаднакылаз аҿар рахьтә, Џьамал Мархолиа ԥсабарала илоу абаҩхатәраа џьашьаны дилацәажәоит Инал Жьиба. Иагьазгәаиҭоит арԥыс арҵаҩы бзиа димазар, амузыка аганахь ала хара ицо аӡәы иакәны дшыҟоу.

Џьамал Мархолиа иԥсҭазаара абжеиҳан ажәлар рымаҵ аура ишазкызгьы, ԥсыуа ҵасла, қьабзла иааӡоу ԥшьҩык ахшара ршьапы иқәиргылеит.

Џьамал Мархолиа ауаҩы егьа ихшыҩ бзиазаргьы, аҟыбаҩ ҷыда илазаргьы, аԥсуара шьаҭас ианизыҟамла иааԥсара башахоит ҳәа иԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0