Валериа Адлеиԥҳа ҷыдала афестиваль "Аԥсны" азы ашәа ҿыц ҭалҩит

Анапаҵаҩра
Валериа Адлеиԥҳа – жәларбжьаратә авокалтә шоу "Ты супер!" актәи асезон аҿы аиааиҩы.

АҞӘА, ԥхнҷ 1 – Sputnik. Валериа Адлеиԥҳа ҷыдала афестиваль "Аԥсны", Москватәи аԥсуа диаспора еиҿыркааз азы иҭалҩит аԥсышәала ашәа "Сыҟоуп уааигәара" (Я с тобой). Абри атәы  Sputnik иазеиҭалҳәеит лара ашәаҳәаҩ лхаҭа.

"Афестиваль "Аԥсны" ҩынтәуп салахәхоижьҭеи. Ҵыԥх Москва сықәгылан, сынтәа апандемиа иахҟьаны иҳаӡбеит онлаин амҩаԥгара. Азыӡырыҩцәа рзы ашәа-аҳамҭа ҭааҩит",- лҳәоит лара.

Валериа лажәақәа рыла ашәа аҩызареи аицхыраареи ирызкуп.

"Ашәаҿ уҩыза  ҭагылазаашьак иахҟьаны инапқәа аниваҳауа, имч анымхо ушивагылаша атәы аҳәоит. Зегь шыбзиахо агәра иуыргароуп. Ашәа ахьӡгьы "Сыҟоуп уааигәара" ҳәоуп ишыҟоу",- лҳәоит лара.

Ажәақәеи амузыкеи иҩит Анри Гәымба, ашәа акустикатә версиа иалахәын амузыкантцәа - Алхаси Алмасхани Марколиаа, Ҭимур Агрба. Абек вокал – аԥсуа блогер Сандро Аблоҭиеи Ирена Сымсымԥҳаи.

Афестиваль "Аԥсны", Москватәи аԥсуа диаспора еиҿыркааит цәыббра 30 2018 шықәса рзы.

2020 шықәсазы акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны онлаин-формат ала имҩаԥгахоит.

Валериа Адлеиԥҳа – жәларбжьаратә авокалтә шоу "Ты супер!" актәи асезон аҿы аиааиҩы афестиваль лҽалалырхәырц анаԥхьара лыҭан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0