Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Латипов: ҳауаажәлар Егры аӡиас ала аҳәаа ахысра азин еиларымгартә алшара раҳҭеит

© Foto / пресс-служба президента РА Рустам Латипов
 Рустам Латипов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Егры аӡиас ала Аԥсны атәылауаа рзы агуманитартә коридор шаарту мчыбжьык ҳәа.
Латипов: ҳауаажәлар Егры аӡиас ала аҳәаа ахысра азин еиларымгартә алшара раҳҭеит

Агуманитартә коридор аус аулоит ԥхынҷкәын 3 -10 рыбжьара асааҭ 9:00 инаркны 19:00 сааҭ рҟынӡа.

"Иахьа асааҭ 9 инаркны аусура ҳалагеит, асааҭ 19 рҟынӡа аушьҭырҭатә ҭыԥ есҽны аус аулоит. Асааҭ ҩба рҟынӡа иахьа аҳәаа иахысыз ҳәа аӡәгьы арбамызт. Ҳгәаанагарала уи зыхҟьо аиасразы иахәҭоу ақьаадқәа зегьы иахьрымам ауп, ачымазара ҿкы шрымам ақьаад ыҟазароуп. Уи ақьаад ҿҳәарас хымш амоуп. Ԥҟарак ыҟаӡам шаҟа аамҭа рыбжьаҵатәу ҳәа агуманитартә коридорқәа. Мзызс иҟоу аурыс ҳәаахьчаҩцәа рҟынтә иҳауа адырра ауп уа иҟоу ҳауаажәлар рзы. Урҭ аҳәаа ахыҵра аԥҟара еиларымгарц, аӡиас ирны идәықәымларц, убас еиԥш алшара раҳҭоит. Аҳәаахьчаҩцәа ишазгәарҭо ала сынтәа аҳәаа аркуижьҭеи акыр иҳаракуп аилагарақәа, 4 нызқь инарыцны аԥҟарақәа реилагара аҭыԥ амоуп. Уи иахҟьаны аҳәара ҟаҵан, ҳаргьы уи ҳадаҳкылеит, уажәтәила мчыбжьык ҳәа аартра азыӡбоуп", - иҳәеит Латипов.

Аҵыхәтәан ас агуманитартә коридор аартын нанҳәа 5 инаркны 9-нӡа. Усҟан Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит 500-ҩык инареиҳаны.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0