Сынтәа ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду изиҳәо еилкаахеит

© Sputnik / Василий Батанов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийский Дед Мороз посетил Севастополь
Всероссийский Дед Мороз посетил Севастополь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵаа Бабаду иԥошьҭаҿы иазгәарҭеит сынтәа ҩынтәны иҿаҵоу асаламшәҟәқәа шеиҳау.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Асалам шәҟәқәа рҿы Аҵсс Бабаду иҳәоит агәабзиара ҟаларци апандемиа нҵәарци ҳәа аанацҳауеит  РИА Новости Велики Устиуг аҿы иҟоу Аҵаа Бабаду инхарҭа аԥошьҭа аиҳабы Наталиа Медведкова лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аҳәара ҟарҵоит Аҵаа Бабаду дычмазаҩымхарц, зегьы агәабзиара роурц, апандемиа нҵәарц", - еиҭалҳәоит  Медведкова.

Лара лажәақәа рыла ԥхынҷкәын 1 азы аԥошьҭахь инеихьан 3,8 миллион салам шәҟәы. Мышкы ахы-аҵыхәала уахь инеиуеит 900 инаркны 3 000 рҟынӡа саламшәҟәы.

"Аиҳараҩык зҳәо ателефонқәа, аконструкторқәа LEGO, акуклақәа LOL, асинтезаторқәа, амаланыҟәақәа, агироскутерқәа роуп",- лҳәоит Медведкова.

Адуцәагьы Аҵаа Бабаду асаламшәҟәқәа изырыҩуеит. Урҭ ргәы ззыҳәо рахь иаҵанакуеит ауадақәа, амашьынақәа, аныҟәарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0