Иааӡагоуп: аԥсуара аурок иаԥсыуам ашкол аҿы ишымҩаԥысуа

© Foto / предоставлено Махазом ЕшбаГиачрыпшская средняя школа
Гиачрыпшская средняя  школа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса раахыс Гагра араион Гьачрыԥшьтәи аурыс школ аҿы аԥсуара шалагалоу, уи аԥсуеи атәым милаҭ ахәыҷқәеи иднарҵо атәы еиҭеиҳәеит ашкол адиректор, хаҭала ари амаҭәар мҩаԥызго Махаз Ешба.

Махаз Ешба хышықәса раԥхьа Гьачрыԥшьтәи абжьаратә аурыс школ ахь директорс аусура даныиарга, ибеит араҟа аҵара зҵоз рахьтә хыԥхьаӡарала аерманцәа шырацәаз, нас аурысцәа, ахԥатәи аҭыԥ аҿы аԥсуаа гылан. Убри аҟнытә адиректор қәыԥш иҭаххеит Аԥсны ииз, иааӡаз ахәыҷқәа милаҭеилых ҟамҵакәа ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа рылааӡара, уи еиҳагьы аҿар еиднакылоит, иааӡоит ҳәа иԥхьаӡаны.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

"150-ҩык ахәыҷқәа ахьҭоу Гьачрыԥшьтәи ашкол аҟны аԥсуа бызшәа амаҭәар ишахысуагьы, исҭаххеит хазы ҳмилаҭтә культура аазырԥшуа, ҳасасдкылара, аиҳаби аиҵби реихаҵгалара, аҳаҭыреиқәҵара уҳәа инарҵауланы ҳморал-етикатә кодекс деилсыркаарц. Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа адгылара ансылҭа, ус иагьыҟасҵеит. Амала исымҳәарц залшом, азнык азы аԥсуа бызшәа рҵозар аԥсуара иалырхи ҳәа зҳәақәаз аҭаацәа шыҟаз. Аха амаҭәар зызкыз, хықәкыс иамаз атәы анрасҳәа, ҭынч иазнеиуа иалагеит. Ахәыҷқәа иаразнак иашьцылеит, уимоу бзиа ибангьы аурок ахь иааиуан акарантин ҟалаанӡа", - аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашколтә программа ишалеигалаз атәы далацәажәоит Махаз Ешба.

© Foto / предоставлено Махазом ЭшбаГьачрыԥәьтәи ашкол адиректор, аԥсуаразы аурок арҵаҩы Махаз Ешба
Иааӡагоуп: аԥсуара аурок иаԥсыуам ашкол аҿы ишымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Гьачрыԥәьтәи ашкол адиректор, аԥсуаразы аурок арҵаҩы Махаз Ешба

Аԥсуара Гьачрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны абыжьбатәи акласс инаркны ажәеизатәи налаҵаны иахысуеит мчыбжьык знык. Аԥсуаа ирыҵамхо атәым милаҭ даара аинтерес рзаҵоуп. Махаз Ешба иазгәеиҭоит ари амаҭәар иабзоураны ахәыҷқәа рхәыцшьа аҽшаԥсахыз.

"Егьа умҳәан, аԥсуара амч ӷәӷәоуп. Хышықәса раԥхьа злеишәа ласыз аҵаҩцәа иахьа ҽакала рхы мҩаԥырго иалагеит. Уаанӡа аҵәҵәабжьы ангалак арҵаҩы ивҟьаны ицозҭгьы, уажәы иааҭгыланы аиҳабы доурыжьуеит. Аԥсуа рҵаҩцәа аԥсышәала аԥсшәа ҳарҳәоит", - иажәа иациҵоит Махаз Ешба.

Ашкол адиректор ҳаԥхьаҟа игәы иҭоуп аԥсуара иазку акласс-музеи аԥҵара. Уаҟа еидкылахоит аԥсуа наџьнатә аахыс ибзазара иадҳәалаз амаҭәарқәа.

Махаз Ешба имҩаԥиго аурокқәа рҟны еиҳараӡак излацәажәо ахымҩаԥгашьа, аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьақәа, асасдкылара, аԥсуа чысқәа уҳәа ирыдҳәалоу атемақәа роуп.

Уажәы акарантин инаҷыданы онлаин ахь ииасит аҟнытә, аԥсуара аурокгьы убасҵәҟьа имҩаԥыргоит.

"Аҵаҩцәа авидеоеимадарала аҩныҟатәи адҵақәа сзеиҭарҳәоит. Иџьоушьаратәы ибзиангьы рҽазыҟарҵоит. Аԥсуа чысқәа ирызкыз онлаин урок аан, атәым милаҭ ахәыҷқәа рахьтә иҟан акык-ҩбак аԥсуа чысқәа ырмазеины ирыхцәажәазгьы. Уи угәы имахәарц залшом", - ҳәа азгәеиҭоит ашкол адиректор, аԥсуара арҵаҩы Махаз Ешба.

Аԥсуара амаҭәар азы, Махаз Ешба иаарту аурокгьы мҩаԥигахьан Гагра араион аҵара аҟәша аспециалистцәа алархәны.

© Foto / предоставлено Махазом ЕшбаГьачрыԥшьтәи ашкол аҵаҩцәа
Иааӡагоуп: аԥсуара аурок иаԥсыуам ашкол аҿы ишымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Гьачрыԥшьтәи ашкол аҵаҩцәа

Зхатәы бызшәеи, зкультуреи, заԥсуареи рзы згәы былуа Махаз Ешба ааӡагак аҳасабала иалеигалаз амаҭәар алҵшәа аиуа ишалагаз аниба, еиҳагьы аурокқәа ирбеио далагеит. Аԥсуара иаҵанакуа рацәоуп хымԥада, аха иара ҳҭоурыхгьы адҳәаланы аҿырԥштәқәа рзааигоит.

"Аԥсуаа Аԥсны шроуз алегенда, Гьачрыԥшь ақыҭа ахьӡ ахьынтәаауа, Гагра ақалақь аҭоурых, ҳжьирақәа, ҳныхақәа рҵакы, аибашьра атема уҳәа аурок аҟны хшыҩзышьҭра аҳҭоит. Сара исҭахуп дызмилаҭзаалакгьы Аԥсны диизар, ари адгьыл иаԥшәымацәоу ркультура шҳараку, рҵасқәа, рқьабзқәа ирываҟәыло адунеи аҟны ишыҟам рдырыр", - ихықәкы далацәажәоит иара.

© Foto / предоставлено Махазом ЕшбаГьачрыԥшьтәи аурыс школ
Иааӡагоуп: аԥсуара аурок иаԥсыуам ашкол аҿы ишымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны
Гьачрыԥшьтәи аурыс школ

Гьачрыԥшьтәи абжьаратә аурыс школ аҿы аԥсуа бызшәа дзырҵо даҽа рҵаҩыкгьы аусура дааиԥхьеит адиректор. Аҳәынқарратә бызшәа еиҳагьы араҟа амч аиурц аџьабаа рбоит Инна Бенделиании Денис Анқәаби.

Махаз Ешба игәҭакы хадақәа иреиоуп Аԥсны иқәынхо зегьы аԥсышәала еилибакаауа, еицәажәо иҟаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0