Ихьӡырҳәагоу ауаа аузышьҭуаз: Аҟәатәи алицеи-интернат 60 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервое сентября в школе Лицей-Интернат
Первое сентября в школе Лицей-Интернат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 6, 1960 шықәса рзы иаартын К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат. Иахьатәи аамҭазы ари аҵараиурҭаҿы аҵара рҵоит 181-ы ҵаҩы.

Ԥхынҷкәын 6 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Ԥхынҷкәын 6, 1960 шықәса рзы иаартын К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат. Аинтернат аартра еиҵагылоз аҿар рзы илашарбаган, адырра ҿыцқәа ируасхырын ҳәа азгәалҭоит аинтернат анапхгаҩы, 20 шықәса инеиԥынкыланы ашкол аҵаратә процесс амаҵ азызуа Лариса Валикәа-иԥҳа Қапԥҳа.

Акция Голубь мира - Sputnik Аҧсны
"Аҭынчра аҳәыҳәқәа" ажәҩан ахь иаурышьҭиҭ Аҟәа

Лара дазааҭагылеит аинтернат аҭоурыхи, уи знысыз ауадаҩрақәеи, аибашьрашьҭахьтәи аԥеиԥши, иахьа арҵаратә процесс шеиҿкаауи ртәы. Қапԥҳа излалҳәо ала, аинтернат аартра хҭыс духеит. Уи раԥхьатәи напхгаҩыс дыҟан еицырдыруа арҵаҩы Леила Николаи-иԥҳа Ачба. Лара лыбзоурала еиҿкаан ззанааҭ бзианы издыруаз арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи рколлектив. Еиҿкааз аколлектив имҩаԥыргон ааӡаратә усура ду, уи алагьы аҵара зҵоз ахәыҷқәа ари аинтернат аҩбатәи рыҩнеиԥш иазыҟан.

Қапԥҳа ибзиаӡаны илгәалашәоит аинтернат зыниаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан, аибашьрашьҭахьтәи аинтернат алахьынҵа. Аибашьраан аинтернат аушьҭымҭацәа аӡәк еиԥш еидгылеит, рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 68-ҩык ааӡаҩцәа, 11-ҩык ирыхҵоуп "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ.

"Ицәгьан аибашьрашьҭахьтәи арҵаратә процесс аиҿкаара. Ахыбра ааха ӷәӷәа аиуит. Абас, ауадаҩрақәа шмаҷмызгьы, ҿыц ашәқәа аанартит 1995 шықәсазы. Уи лыбзоуроуп аинтернат раԥхьатәи анапхгаҩыс иҟаз Леила Ачԥҳа. Уи илывагылеит ашкол аушьҭымҭацәа, ахадара аусӡуҩцәа, аинтернат алахьынҵа хьаас изкыз зегьы. Аибашьрашьҭахьтәи аҵаратә процесс иацхрааит аҭаацәагьы. Доусы илшоз ааигон: афатә, ажәтә, амаҭәа ԥхақәа. Абас ахәыҷқәа еилымхӡакәан аҭаацәа рлагала ҟарҵон", - ҳәа еиҭалҳәоит Қапԥҳа.

Ари ашкол иалгахьеит 1000-ҩык инареиҳаны аушьҭымҭацәа. Урҭ рахьтә аӡәырҩы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҭакԥхықәратә ҭыԥқәа ааныркылон. Аинтернат аушьҭымҭацәа рыбжьара иҟоуп еицырдыруа аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, акомпозиторцәа, жәлар рартистцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рыҟны аус зуа арҵаҩцәа. Лариса Қапԥҳагьы ари аинтернат доушьҭымҭоуп.

"Аибашьра ашьҭахь араҟа аҵара рҵон 300-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа. 2000 шықәса рзыҳәан ашкол ааӡаратә ҟәша напхгаҩыс саҭан. Усҟан арҵаратә процесс арҿыцра ҳалагеит. Гәахәарыла еснагь иаҳгәалашәоит ҳаушьҭымҭацәа, анаҩс еицырдыруа иахьыҟалаз ҳалаҽхәоит. Урҭ иреиуоуп ҳаушьҭымҭацәа: Лиудмила Гәымԥҳа, Заур Зыхәба, Вахтанг Возба, Уасил Аҩӡба, Роман Аргәын уҳәа ирацәаҩны", - ҳәа гәыблыла рыӡбахә лҳәоит аинтернат аиҳабы.

аҟәатәи ашкол алицеи-интернат адиректор Лариса Капԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қапԥҳа: ааӡаҩцәа рзы аибашьра еилгеижьҭеи курс ҳәа акгьы мҩаԥгамызт

Иахьатәи аамҭазы арҵаҩратә еилазаара 30-ҩык ыҟоуп, ааӡаҩцәа - 20-ҩык. Ашкол акорпус еихшоуп арҵаратәи, ацәаратәи ҳәа. Аҵаҩцәа рхы рыладырхәуеит атәылаҿы имҩаԥысуа ашколтә олимпиадақәа. Иахьа апандемиа иахҟьаны арҵаратә процесс аанкылоуп, аха аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аимадара рыбжьоуп. Уи атәы дазааҭгыло, ашкол анапхгаҩы Лариса Қапԥҳа илҳәоит:

"Апандемиатә чымазара амшала, ишыжәдыруа еиԥш, аҵаратә процесс аанкылоуп ашколқәа зегьы рыҟны. Аха ҳара ҳҵаҩцәеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп. Ааигәа арҵаҩратә еилазаара аилатәара ҳаман. Онлаинтә ҵара ҳара ҳҟны иалҵӡом еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны. Иҳаӡбеит мчыбжьык ахь знык ҩ-класск ашкол ахь ихалаларц, аурок мҩаԥаагоит, адҵақәа рыҭаны иоуҳажьуеит. Иазгәасҭарц сҭахуп - ааигәа ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысуаз онлаинтә диктант аҩраҟны ҳҵаҩцәа ҩыџьа аԥхьахә ҭыԥқәа ирыԥсахеит, уи даара ҳаигәырӷьеит. Агәыӷра сымоуп хара имгакәа ҳҵаратә процесс ишахәҭоу еиԥш ишьақәгылап ҳәа", - лҳәоит Лариса Қапԥҳа.

2008 шықәсазы аинтернат иазыҟаҵан акапиталтә ремонт. Иахьазы уаҟа аҵара рҵоит 181-ы ҵаҩы.

Ажәабжьқәа зегьы
0