Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны раԥхьаӡа акәны онлаин ахь ицәырҵит ԥхынҷкәын 8, 2014 шықәсазы. Уи аахижьҭеи иҵит фышықәса.
"Ҳзыӡырҩцәеи ҳаԥхьаҩцәеи иаадырԥшуа азҿлымҳара иабзоураны иахьа уажәраанӡа аус аауеит. Есымша ҳазҿлымҳауп аоперативла ажәабжьқәеи, актуалра зҵо аиҿцәажәарақәеи рызнагара. Аԥсуа версиа асаит аҟны х-ҩык аредакторцәа-аҭыжьыҩцәа ҳаҟоу, уи Алина Жьиԥҳаи, Наала Хьециаԥҳаи, сареи. Ҳара асаит аҿы иарбоу зегьы – авидео, аудио, асахьа, атекстқәа ҳнапы иҵыҵуеит. Уажә ааигәа дҳадаҳкылеит акорреспондент Наала Гәымԥҳа, лара хықәкыла аԥсуа версиазы аматериалқәа лыҩуеит. Иҳаԥхьо ирдыруеит, еиҳарак ҳажәабжьқәа шеиҭагоу, урҭ еиҭалгоит Светлана Ладариа. Аԥсшьарамшқәа раан иҭҳажьуеит иуникалтәу аматериалқәа, дара иаарышьҭуеит аштат анҭыҵ аус зуа авторцәа. Гагрантәи аматериалқәа аалышьҭуеит Саида Жьиԥҳа, арепатриантцәа ирызку аматериалқәа ҟалҵоит Сырма Ашәԥҳа, иара убас иҟоуп арубрика "Жәлар рдоуҳа" ҳәа, уахь ирыҩуеит Сусана Ҭаниаԥҳаи, Есма Ҭодуаԥҳаи. Дҳамоуп аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа, иара убас аԥсуа литература иадҳәалоу атемақәа рыла аматериалқәа ҳадигалалоит апоет Анатоли Лагәлаа", - ҳәа еиҭалҳәеит Ажьиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Sputnik Аԥсны фышықәса рыҩнуҵҟа: арбагақәа