"Ишьақәырӷәӷәоу аконцепциа инақәыршәаны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа ируакуп амилаҭтә интересқәа аԥхьа аргылара, анаҩс адәныҟатәи азнеишьақәеи ашәарҭадареи активла анырра рзоура. Убри инаваргыланы адәныҟатәи аимадарақәа рыҩаӡара арацәара, аусеицуразы иаарту азнеишьа, азинеиҟарара шьаҭас иганы. Адәныҟатәи аполитика аус амҩаԥгараҿы теорила иҟаҵазарц зылшо апунктқәа азгәаҭоуп. Апрактикаҿы аларҵәара атәы ҳҳәозар, ҿырԥштәыс иаагап аҳәынҭқаррақәа разхаҵара апункт. Араҟа ихадароуп хаҭалатәи аиҭанеиааира, аибадырра. Аҳәынҭқаррақәа раԥхьатәи ахаҿқәа рҟынӡа иҟаҵәҟьоу аҵабырг рызнагара акырӡа аҵанакуеит, уи ихадароу амеханизмқәа ируакуп. Абарҭ аусурақәа рынагӡара ихадароуп адәныҟатәи аполитика аус анагӡара", - еиҭалҳәеит Аԥшьлааԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Бжьаниа Аԥсны адәныҟаполитикатә концепциа шьақәирӷәӷәеит
-
Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа ртәы