Афымцамч машәыр аԥыхраан ааха зауз иҭагылазаашьа макьана иуадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ԥхынҷкәын 6 рзы ааха иоуит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ. Иара Краснодарҟа дышьҭын.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ԥхынҷкәын 6 рзы ааха зауз АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ арҩашьыга иманы ареанимациаҿ дышьҭоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иаб Зураб Аџьынџьал.

"Сԥа арҩашьыга иланы ареанимациаҿ дышьҭоуп. Иԥсабаратәым акома иалагалара рҭахым. Иԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам ҳәа аҳәара гәаӷьыуацәоуп. Уажәы ишьақәыӷәӷәара ҳаракхеит. Аҳақьымцәа ирҳәоит иҭагылазаашьа уадаҩуп, ашәарҭара 50 процент еиҳауп ҳәа", – иҳәоит Аџьынџьал.

Иара иажәақәа рыла, иԥа ицәеижь аблыра 56 процент аҵанакуеит, урҭ рҟынтәи 20 процент – ахԥатәии аԥшьбатәии ҩаӡароуп. Уи адагьы 21 шықәса зхыҵуа арԥыс илахь аганаҿ ашьшьара амоуп, аҩадатәи идақәа ашьажәпара рыдубалоит.

"Аток имысӡеит. Исыз "электрическая дуга" ҳәа изышьҭоу ауп. Иарма напы иасны иарма шьапахьы иалсит. Аток исызҭгьы иԥсы еиқәхомызт. Иара иҭагылазаашьа аангьы еиқәхо маҷуп", - ҳәа иҳәоит аб.

Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи астанциа маҷ аҿы амашәыр аан ааха зауз Краснодар аоперациа изыҟарҵеит

Аҟәатәи астанциа маҷ аҿы амашәыр аан ааха зауз Краснодар ахәышәтәырҭаҿы аоперациа изыҟарҵеит ԥхынҷкәын 8 рзы. Ԥхынҷкәын 9 рзы аҩбатәи аоперациа ҟарҵараны иҟан, аха иҭагылазаашьа иаҿырԥшны иаламгеит.

Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Уи аҽныҵәҟьа аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы. Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы 2-3 мчыбжьы ишадхало атәы ҳәан. Абри аамҭазы алашара ауааԥсыра ирзынашьҭхалоит авариатә схемала ҳәа адырра ҟарҵеит. Аха ԥхынҷкәын 9 рзы "Амшынеиқәафымцамч" Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, уажәшьҭа Аҟәа ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк идырцәалоит, иааидкыланы аҳҭнықалақь аҿы 12 сааҭ алашара ҟалом.

Ажәабжьқәа зегьы
0