Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алауреатцәа рыхьӡ ҳәоуп

© Sputnik / Анатолий Гаранин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Искандер
Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиуразы 2020 шықәса рзы 51 рҿиамҭа ықәыргылан. Ажурналист Витали Шариеи ауаажәларратә усзуҩ Асҭамыр Какалиеи Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә асиа кьаҿ аҿы рыхьӡ арбахеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Ажурналист Витали Шариа Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алауреатс ихьӡ ҳәоуп аноминациа "Ахәыҷра аҵла" аҟны ажәабжь "Аамҭа амашьына" азы.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алауреатцәа ранашьара мҩаԥган ԥхынҷкәын 10 рзы урыстәылатәи ПЕН-центр аштаб-квартираҿ. Акоронавирус иахырҟьаны ауснагӡатә онлаин-режим ала имҩаԥысуан ZOOM ахархәагаҿ.

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиуразы 2020 шықәса рзы 51 рҿиамҭа ықәыргылан.

Аноминациа "Апроза" аҟны лауреатс далхуп Валери Попов (аповест "Мы не рабы"), аноминациа "Апоезиа" аҟны – Елена Буевич (ажәеинраалақәа рышәҟәы "Остаться в Евпатории"), аноминациа "Акиносценарии адраматургиеи" аҟны – Георги Касвини Елена Усачиовои (Фазиль Искандер иажәабжьқәа ирылху асахьаркыратә фильм "Мне отмщение, и аз воздам" асценари).

2019 шықәса рзы Фазиль Искандер иаԥхьахә алауреатс ихьӡ ҳәан аԥсуа шәҟәыҩҩы Владимир Делба.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә ахәбатәи асезон ахы акуеит 2021 шықәса ажьырныҳәамзазы.

Памятник писателю Фазилю Искандеру на Новодевичьем кладбище в Москве - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа прозаикцәа Искандер иаԥхьахә иафиналистцәахеит

Фазиль Искандер иаԥхьахә шьаҭанаркит Урыстәыла ПЕН-центр 2016 шықәса рзы.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп ароман "Сандро Чагьамтәи" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа), аепос "Чик ихәыҷра", аповест "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи", аессе-диалог "Урыстәыла иазхәыцуеи америкауаҩи", аповестқәа "Ауаҩи уи икәша-мыкәшеи", "Апоет", "Ауаҩы игыларҭа", "Софичка", ажәабжьқәа "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара", "Алагамҭа" уҳәа егьырҭгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0