"Абхьӡуп жәлас иҟоу": ажәлақәа рцәырҵра азҵаарақәак афольклортә нҵамҭақәа рыла

© Sputnik / Марианна Кубрава Село Алакумхара
Село Алакумхара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлақәа рхылҵшьҭрақәа ирызкны афольклор аҟны иуԥылоит еиуеиԥшым амифологиатә жәабжьқәеи алегендақәеи, урҭ дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Афольклор-етнографиатә материалқәа ишаҳдырбо ала, ажәлақәа рцәырҵра ауаҩшьра иахылҟьаны иааԥшуеит. Аӡәы ауаҩшьра ҟаҵаны дахьынхоз аҭыԥ иԥсахуеит, ашьоуразы ишьҭамларазы иара ихьӡ иҳәомызт, ижәла иҳәомызт, знапаҵаҟа дыҟоу ихьӡ жәланы ишьҭихуан. Ас еиԥш ажәлақәа рхылҵшьҭра шыҟоу атәы азгәеиҭоит аҵарауаҩ А.И. Мусукаев Кавказ ажәларқәа аӡәырҩы рҿы. Уи анаҩсангьы иуԥылоит абшьҭрала иаауа ажәлақәа: Ӡаԥшьиԥа, Иналиԥа, Мардиԥа, Ҵыӷьҭыриԥацәа уҳәа иреиуоу. "Абхьӡуп жәлас иҟоу" рҳәон аԥсуаа.

Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Арда Ашәба: аибааӡара аус аҿы аижәлантәқәа рчара аҵакы дууп

Убри инаҷыдангьы, иҟоуп аԥстәқәа рыхьӡ иадҳәалоу ажәлақәагьы. Иаҳҳәап, Цыгәба – "ацгәы аԥа" аҟынтәи, Бганба – "абга аԥа", Мышәба –"амшә аԥа" уҳәа уб.иҵ. Убас иҟоу иреиуоуп Иналаа рыжәлагьы. Иааҳгап ҿырԥштәык ажәла атотемтә ҟазшьа аҭаны иахьаарԥшу. Араҟа иаазгоит 2008 шықәсазы иҟаҵаз астудентцәа ранҵамҭа Арсҭаа Риза Ҟасҭеи-иԥа иҟынтәи. Анҵамҭа ҟалҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудент Амра Аирԥҳа лфольклортә практика ашықәс аан:

"Иҟан хҩык аицалацәа, урҭ ахҩы ргәыбжьанытә лцәалтәымкәа дыҟан. Арҭ ахҩык еснагь амахәыд ылхра ицон. Ҽнак аицалацәа реиҳабы амахәыд ылхра илгеит. Уа амаҭқәа рацәаны иҟан. Арҭ анааԥса, аицалацәа реиҳабы леиҵбацәа лырцәеит. Лара дырхылаԥшуа, ихьчо дыштәаз, ацәа лиааин, лылацәа неиқәылԥсеит. Данааԥш аамҭаз илбеит зцәазтәымкәа иҟаз лҿы ахымаҭ аҭалара ишаҿыз, аҵыхә кылҳәҳәон. Ари рықәҿылымҭит, аҵыхә кны дахар амаҭ лыцәлыцҳар ҳәа дшәеит. Ахымаҭ анылбаалда ашьҭахь уи иаалырԥшит леицалацәа рҩыџьагь. Зцәазтәымкәа иҟаз лыҿҳәара аамҭа ааигәаны иҟан. Арҭ аицалацәа реиҳабы аҩны ианааи, иралҳәеит агәыбжьанытәи аҭаца лара илҿалҵо ада аӡә ак лҿаимҵарц. Ахәыҷы даниуаз лара лыда аӡәгьы дыҩналымҵеит. Ахәыҷы даниуаз ихәда амаҭ акәшан диит. Нас амаҭ "уаҳа уаҳԥырхагамхан, ухы уақәиҭуп" ҳәа иоулышьҭит".

Еиҿартәышьала ари ажәабжь "амаҭ зысымшьуа" ҳәа еиуеиԥшым егьырҭ ажәлантәқәагьы еиҭарҳәо иуԥыло асиужет еиԥшуп, уи аструктуроуп иамоу. Аха акыр азҿлымҳара амоуп ажәабжьҳәаҩ Арсҭаа Риза иҟаиҵо алагала. Ажәабжь иацҵо иара иҳәоит абас еиԥш:

Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Ҳагԥҳа: хықәкыс иҟоу аԥсуа жәлақәа рҳәашьеи рҩышьеи реиқәыршәара ауп

"Аҭырқә бызшәала амаҭ "инал" ахьӡын. Уи ииз ахәыҷгьы Инал ихьӡырҵеит. Инал даныҩызҳа, илеишәа бааԥсхеит. Ас еиԥш иҟазшьа аныҟала, иуаажәлар, аиашьара ааилацәажәан, ҳақәихуеит рҳәан, Инал хазынхара ҳәа дрышьҭит. Иара Уаҭҳараҟа дыисит. Уажәы Иналиԥа ҳәа иҟақәоу Арсҭаақәа роуп. Иналаа зхылҵыз Арсҭаа рҭаца лоуп", - иҳәеит ажәабжьҳәаҩ.

Аиашазы, еилкаауа ҳҿанынаҳха, "амаҭ" ҭырқәшәала аҳәашьа ажәабжьҳәаҩ зыӡбахә иҳәаз иазааигәоуп, иҟалап ара ашьҭыбжьеиқәшәара ҟалазар, аҭырқәшәаҟынтә уи иахьӡуп "yilan" - "илан". Убри аан иҳәатәуп, ари ажәла зхылҵыз иазку аҳәамҭа аверсиақәа руак шакәу, убри алагьы еилкаауп жәлак ахылҵшьҭра еиуеиԥшым аверсиақәа амазар шыҟало.

Ажәла – ари ауаҩы дызҵазкуа иҭаацәара, амахәҭа аанарԥшуеит. Жәлак аҩнуҵҟа быжьба-ааба (еиҳангьы) абшьҭратә махәҭақәа рыла еихыршоит.

Иахьагьы аӡәы ижәла ианазҵаалак, "узԥада" ҳәа иҵаауеит, хылҵшьҭрала иарбан махәҭоу дызҵазкуа адырразы. Зыӡбахә ҳамаз аинформант Арсҭаа рыжәлаҟны иҟоу абиԥаратә махәҭақәа быжьба рҟынӡа еиқәиԥхьаӡеит: Наҩеииԥацәа, Бадызиԥацәа, Иасыфиԥацәа, Мадыгәиԥацәа, Зафасиԥацәа, Ԥаӷәыӷәиԥацәа, Мықәиԥацәа.

Иазгәаҭатәуп аԥсуа жәлақәа зегьы еидызкыло, урҭ рхылҵшьҭрақәа рыӡбахә зҳәо хазы игоу аҭҵаамҭа иахьауажәраанӡагьы ишыҟам. Уи азы аҽԥышәарақәа изныкымкәа аҵарауаа ишыҟарҵахьоугьы, урҭ аматериалқәа хаҭәаамкәа иаанхоит. Убри аан еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны иԥсаххаз аԥсуа жәлақәа (ақырҭшәа анҵәамҭахь ииагаз, ма зынӡаск иԥсахыз) реиҭашьықәыргылара актуалра аманы иҟоуп.

Иҟоуп жәлақәак иртәышьҭроу рхала уи аиҭашьақәыргылара зылзыршаз. Аха ари ҳәынҭқарратә программаны иҟазар акәу акоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0