Ҳагԥҳа: хықәкыс иҟоу аԥсуа жәлақәа рҳәашьеи рҩышьеи реиқәыршәара ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛили Хагба
Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлақәа рҳәашьеи рҩышьеи апроблема иаарласны ианыӡбамха ишнеи-шнеиуа ажәла аҭоурых иаша ашьақәыргылара алзмыршо апроблема ду цәырҵыр алшоит, ҳәа агәаанагара лымоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Иарбан уадаҩрақәоу аԥсуа жәлақәа рыҩраан ицәырҵуа?

— Аԥсуа жәлақәа рҩышьа апроблема ыҟан уаанӡагьы, иҟоуп иахьагьы. Иарбан жәлазаалак ииашаны ианҩым, еиуеиԥшым адокументқәа рҿы еиуеиԥшымкәа ирныло ианалагалак, еицакхоит. Нас ишнеи-шнеиуа ажәла аҭоурых иаша ашьақәыргылара алзмыршо апроблема ду цәырҵыр алшоит. Ари азҵаара кыр аамҭа ҵуеит ҳалацәажәоижьҭеи, хаҭала Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт сара напхгара зысҭо абызшәа аҟәшаҿы арҭ ауадаҩрақәа ӡбашьак роуразы аусура ҳаҿуп. 2005 шықәсазы В.Г. Арӡынба инапхгарала аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа шьақәыргылан. Усҟангьы ахьӡ авариантқәа акык-ҩбак ыҟан, аха аҵыхәтәан "атәылауаҩшәҟәы" азынҳажьит.

Абхазский язык - Sputnik Аҧсны
"Аԥсшәа – зҵара цәгьоу бызшәоуп": аԥсуаа рыҩныҵҟа иҟоу агәаанагаразы

Анаҩс уи иагәылаҳҵашаз атерминологиагьы аус адаҳулеит. Аҵыхәтәантәи аредақциа сыԥшәма Анатоли Хьециеи сареи иҟаҳҵан, аԥсуа жәлақәа 500 рсиа агазеҭ аҟны иаҳкьыԥхьит. Уи асиа кыр аамҭа ахархәара аман, аха лассы-лассы ауаа неиуа, ҳажәла даҽакала иҩызар ҳҭахуп ҳәа рҳәо иалагеит. Ҳаргьы ауаа ргәы ишаҭаххо иҳариашо ҳҿааҳхеит, аха ари апроцесс ҵыхәаԥҵәара амоуит. Убри азы ажәлар еилыркаауазароуп досу ииашоуп ҳәа игәы иззаанаго еснагь ииашаны ишзыҟамло. Иҟоуп зхатә гәаанагара ада даҽакы здызымкыло. Иҟоуп аҵарауаа ргәаанагара агәра зго, иадгылаҩцәоу. Ҳәараҭахума, ауаа зегьы еиԥшӡам.

— Иарбан хҟьа-ԥҟьақәоу ажәла хазы-хазы ашара иацзар алшо?

— Иахьа аԥсуа жәлак аҩышьа ҩба-хԥа вариант анаҳԥыло аҿырԥштәқәа маҷӡам. Иаҳҳәап: Џьынџьал-Аџьынџьал-Џьинџьолиа; Џьопуа-Џьапуа-Аџьапуа-Џьонуа; Ломиа-Ламиа; Ҵнариа-Аҵнариа уҳәа. Ииашоуп, ауаҩы ишиҭаху ижәла аҩра азин имоуп, аха зегьы ирдыруазар рыхәҭоуп: аханатә жәлак еицызхо ауаа абас рҽыршо иалагар, жәлакы аҩышьа авариантқәа рацәахар- ишнеи-шнеиуа урҭ хазы-хазы ицоит, еиԥшым ажәлақәахоит. Нбанк аҿы мацара аиқәымшәара ҟаларгьы, уи уара иужәлоуп ҳәа шьақәыргылашьа умаӡам. Ара акгьы иацәыԥхашьатәӡам, акгьы хьымӡӷыс ишьатәӡам. Ԥсышәала акәыз, урысшәала акәыз, жәлак еицызмо зегьы рыжәлақәа еиԥшны ианызароуп, имеицакхарц, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ҳагхақәа рыриашара хыԥҽыганы ирызнымхарц. Зегьы еилыркаар сҭахуп ҳара ҳазлацәажәо ажәла ҭоурыхла хылҵшьҭрас иамоу шакәым. Уи аетнологцәа роуп изусу.

Валентина Халбад - Sputnik Аҧсны
Валентина Ҳалбад арҵаҩы изанааҭ иазкны: хадара злоу уус ушазыҟоу ауп

Ҳара ҳазлацәажәо аҩышьа ауп. Сыжәла ииашаны иҩызар сҭахуп ҳәа ауаҩы дансызнеилак, ҵарауаҩк, бызшәаҭҵааҩык иаҳасабала ииашоу авариант исҭар сыхәҭоуп. Аҵыхәтәан сара иҟасҵаз авариант аҟны аԥхьатәи ацәаҳәаҿы иануп иахьа иаҳԥыло ажәлақәа рҩышьақәа зегьы. Аганаҿы ҳара ианаҳҵеит ииашоу авариант. Ахԥатәи ацәаҳәаҿы иануп ҳгәаанагара злашьақәҳарӷәӷәо, шьаҭас ишьҭаҳхуа ахыҵхырҭақәа. Ҳара иахьатәи амш мацара акәым ҳзызхәыцша, уаҵәтәигьы ҳазхәыцыр ҳахәҭоуп. Ииашоу шаҳдыруа ҳажәлақәа зеицаҳкри? Зыжәла "ӡе" ма "швили" ала инҵәо, аха ԥсихологиала иаԥсуаахахьо, "ба" ҳәа зыжәла нҵәо џьоукы-џьоукы раасҭагьы аԥсуара злоу рацәаҩны абзыԥқәагьы абжьуаагьы ирыланхоит. Абзиа ҟалама ацәгьа ҟалама, урҭ уаанӡатәи рхылҵшьҭра иазхәыцыр ауӡом. Урҭ уажәшьҭа ҳара иаҳтәуп, иаԥсуаауп. Ажәла аҟны ихадаратәу ашьаҭа ауп. Асуффикс уԥсахыр ҟалоит, "ӡе" ахьыҟоу "иԥа" ҳәа, ма еиҭа даҽакала. Иаҳҳәап "иԥа"-и "ба"-и хылҵшьҭрак ауп ирымоу. Ажәакала, арҭ аԥсахрақәа аӡәы мацара иалеигалаӡом, аижәлантәқәа зегьы еицҿакны ирыӡбоит.

— Аԥсуа жәлақәа урысшәала, ма даҽа тәым бызшәак ала ианаҳаҩуа иарбан ԥҟаррақәоу хадаратәла изықәныҟәалатәу?

Заседание экспертного совета Международного объединения содействия развитию абазино-абхазского этноса Алашара - Sputnik Аҧсны
Чрыгба: шықәсқәак рышьҭахь аԥсуа бызшәа зынӡа иаӡӡаар ҟалоит

— Хықәкыс иҟоу иахьынӡазалшо ажәла аҳәашьеи аҩышьеи реиқәыршәара ауп. Ҳәара аҭахума ҳара ҳконсонантизм, ацыбжьыҟақәа рсистема даара ибеиоуп аҟнытә аурысшәаҿы урҭ ашьҭыбжьқәа зегьы ыҟаӡам. Аха убригьы иахьынӡауа ала иазааигәаны иҳаҩлароуп. Даҽа милаҭк иатәу аԥхьара ицәыуадаҩхар ҳәа ҳшәозшәа сгәы иабоит. Ҳара хьаас иаҳкша аԥсуаа ҳхаҭа ианаҳҳәо еицакхар ҳәа ауп. Иахьатәи аҿар реиҳараҩыкгьы ишәыжәлои ҳәа урызҵаар урысшәала ишану авариант уарҳәоит. Ари аҭагылазаашьа аԥхьырҟәҟәааразоуп ҳара ҭҵаарадыррала ажәлақәа ииашаны ишыҩтәу шьақәырӷәӷәаны ақьаад изанаҳҵаз. Сара сақәгәыӷуеит арҭ азҵаарақәа рыӡбараҿы ҟәыӷара згым ҳажәлар еицырзеиԥшу акахьы ишнеиуа. Сара исҭахуп аԥсуа ӡӷаб ма аԥсуа ҷкәын рыжәла уаназҵаауа, азҵаара шуҭииз еиԥш ԥсуаҵасла аҭак ҟарҵалар. Ауаҩы ибызшәатә хәыцра шыҟоу ауп ижәлагьы шиҳәо. Убри аҟнытә тәым бызшәала ихәыцны ицәажәо ауаҩы иажәақәа шьаҭас ргара иашаӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0