Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габелаиа Лаҭатәи атрагедиазы: иаҳа игәцаракны иазнеитәуп жәларбжьаратәи ақәыӡбара аиурц

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Габилая
Аслан Габилая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
28 шықәса ҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа еихсны икарыжьижьҭеи Лаҭа иахыԥраауаз ахәыҷқәеи, аҳәсеи, абыргцәеи зҭаз авертолиот. Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Лаҭатәи атрагедиа.

Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭа иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҿы ақырҭуа фашистцәа еихсны икарыжьит амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи аазгоз авертолиот. Иҭахеит 87-ҩык. Урҭ рҟынтәи 35-ҩык хәыҷқәан, 8-ҩык зыбаҩ зтәымыз аҳәса ҭан.

Габелаиа Лаҭатәи атрагедиазы: иаҳа игәцаракны иазнеитәуп жәларбжьаратәи ақәыӡбара аиурц

"Лаҭатәи атрагедиа иҿыцу ҳҭоурых аҟны имӷьаӡо хәраны иануп. Ԥхынҷкәын 14 наунагӡа илахьеиқәҵагоу мшны иаанхоит. Иуадаҩуп уи ахҭыс алацәажәара. Ҳмилаҭ аҭоурых иаӡрыжәыз жәларуп, рдоуҳатә мчы даара иӷәӷәоуп. Лаҭатәи атрагедиа ишгәыҭшьаагоугьы, иахьа уажәраанӡа официалла адунеи аҟны ақәыӡбара амаиуӡацт. Ари аҩыза аҭоурыхтә трагедиа иақәыӡбаша аиҿкаарақәа ыҟоуп, адунеижәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа, аԥҟарақәа, ашәагазагақәа, Жәларбжьаратәи агуманитартә зин. Уи иахьчароуп аибашьра иалахәым зегьы, аха рыцҳарас иҟалаз, арҭ аиҿкаарақәа шырацәоугьы, иахьа уажәраанӡа Лаҭатәи атрагедиа иақәыӡбаӡам. Аҳәынҭқарра дуқәа иаҳа алшара рацәаны ирымоуп иаҳа имаҷу раасҭа, аха уи иаанагом адуқәа аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы аҳәынҭқарра маҷқәа рганахьала ишырҭаху рус рыӡбалароуп ҳәа", - иҳәеит Габелаиа.

Иара иазгәеиҭеит Лаҭатәи атрагедиа жәларбжьаратәи ақәыӡбара аиурц азы иаҳа игәцаракны ишазнеитәу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0