00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аибга иаадыртит Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ

© Foto / СГБ РАНовое здание заставы СГБ Абхазии в селе Аибга
Новое здание заставы СГБ Абхазии в селе Аибга - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Аибга ақыҭан Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ ҿыц ахыбра аргылара иалагеит 2020 шықәса нанҳәамзазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәаахьчаратә ҭыԥ ахыбра аадыртит Аибга ақыҭаҿы аҩаша, ԥхынҷкәын 15 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Русҭам Латипов.

"Аибга иахьа иаадыртит ахыбра ҿыц. Иара ҩбаны еихагылоуп. Уахь инагоуп аҳәаахьчаҩцәа реилазаара. Ахыбра ҳхатәы мчқәа рыла иргылоуп. Аобиект  иахәҭоу аҩнымаҭәала еиқәыршәоуп. Иҟоуп аӡыршы, аӡыхьшәашәа, алашара адизельтә генератор ала инарышьҭуеит", - иҳәеит иара.

Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Русҭам Латипов агәра игоит асеиԥш иҟоу асоциал-бзазаратә ҭагылазаашьақәа раԥҵара аусура хымԥада иахәоит ҳәа, аиҳаракгьы аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы.

Латипов иҳәеит аԥхьатәи аусурақәа 2019 шықәса рзы ишалагаз, аха аӡынразы урҭ рыҿҳәара инахан. Аргыларақәа еиҭахацыркхеит 2020 шықәса нанҳәамзазы. Апроект аԥаразоужьра мҩаԥыргеит атәыла аиҳабыреи анапхгареи, ашәарҭадаратә маҵзуреи. Аргыларатә материалқәа рыхәҭак атәылауаа иҟарҵаз ҳамҭоуп.

Аибга ақыҭа Ԥсоу аӡиас ахыхь ишьҭоуп, ҩбаны еиҟәшоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара. Ақыҭа амшын иҩахыкны 840 метра рҟны. Аԥснытәи аган иаҵанакуа Аибга инхоит Урыстәыла иатәылауаау шәҩык ауааԥсыра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0