Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариа Мураҭ Иаган (Маан) изы: дуаҩ дуун, ҳқьабз, ҳҵас адунеи иаирдырт

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеиаҿы Аамысҭа қьабз аларҵәаҩ, аҵарауаҩ, афилософ Мураҭ Иаган (Маан) диижьҭеи 105 шықәса ҵит. Апублицист, апоет Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Мураҭ Маан.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Мураҭ Иаган (Маан)

Аԥсуа философ, аҵарауаҩ, Канада инхоз Мураҭ Иаган Маана рышьҭра деиуоуп. Иара диит Аԥсны иахьаҵанакуа, Ашьхара ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы, ԥхынҷкәын 16, 1915 шықәсазы, Маан Меҭ иҩнаҭаҿы.

"…Аԥсуааи, ачерқьесқәеи, адыгааи ҳхымҩаԥгашьа, ҳара аԥсуара ҳәа ҳзышьҭоу ихазынаха, иссирны, алмас икәалыкәаџьо ишыҟоу еиԥш иҟаиҵеит. Аԥсуааи ачерқьесқәеи ҳҭоурых, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа рхылҵшьҭра цқьа иззымдыруаз амилаҭқәагьы азҿлымҳахартә иҟаиҵан, иаԥиҵеит афонд "Аамысҭа қьабз". Ниу - Иорк инаганы аԥсуа бираҟ ахаиргылеит убри аофис. Иара икәша-мыкәша иҟаз аԥсуа, ачерқьес кәашарақәа дирҵон, дуниверсалны, дыссирны дцәырҵит. Владислав Арӡынба иара Аԥсныҟа дааԥхьан Ахьӡ –аԥша аорден актәи аҩаӡара ианеишьеит. Иџьоушьаша Мураҭ Иаган (Маан) Мусҭафа Быҭәбеи Омар Беигәеи идоуҳатә рҵаҩцәа ҳәа дрышьҭан", - иҳәеит Занҭариа.

Мураҭ Иаган - Sputnik Аҧсны
Инџьгьиа: Мураҭ Иаган иҩныҵҟатəи адоуҳа еснагь аҧсы ҭан, уи ахақəиҭра изыннажьит

Мураҭ Маан "Аԥсуара" даҽакала "Аамысҭа қьабз" мистикатә наукоуп ҳәа иԥхьаӡон. Иҳәон, ауаҩы – аԥсы зхоу ацәеижь ҳәа иԥхьаӡоу иакәӡам, ацәеижь – аԥсы ныҟәызго иоуп ҳәа. Аԥсы аныҟәгаразын ауп ацәеижь зшоу. Ацәеижь заҟа иӷәӷәоу, ихаҭәаау аҟара, ихаҭәаахоит аԥсы аныҟәгаразы. Уи ауаҩы даниуа илоу адагьы, ацәеижь аус адуларагьы ишьақәнарӷәӷәоит. Уи азын цәала-жьылатәи, аԥсыԥ лагаҩагаратәи аҽазыҟаҵарақәа рацәаны иаҭахуп.

Мураҭ Маан Канада даннанага ԥыҭрак ашьҭахь "Аамысҭа қьабз" ахырхарҭақәа рылаирҵәо далагеит аҵаҩцәа еизганы, хәыҷы-хәыҷла. 1992 шықәсазы еиҿкаан афонд "Аамысҭа қьабз". Уи хықәкыс иаман Аамысҭа қьабз аҩырахь аиагара, Мураҭ ишеиҭеиҳәоз акьыԥхьра, ауаажәлар рыларҵәара.
Вернон ақалақь "Аамысҭа қьабз" аофис аҟны иҵәахуп зқьыла амагнитофон ианҵоу аҩырақәа – Мураҭ еиҭеиҳәоз. Еиду Америкатә Штатқәеи Канадеи ирацәаҩуп Аамысҭа қьабз аҵара иаҿу ауаа. Иара убас, Европеи Израили еиҿкаауп рацәак идуум агәыԥқәа.

Афонд "Аамысҭа қьабз" иамоуп ахатәы шәҟәҭыжьырҭа. Уаҟа иҭрыжьхьеит Мураҭ Иаган (Маан) ишәҟәқәа рацәаны: "Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтә", "Аамысҭа қьабз арҵара", "Аԥсуа шықәсынҵыра рацәеи агәабзиареи", "Аамысҭа қьабз алагалажәеи ажәытәтәи Кавказтәи ашьхақәа рдоуҳатә ҵареи", "Ауаажәларратә еилазаара қьабз аԥҵашьа". Иара убас Мураҭ Маан иҩымҭақәа зегьы иреиҳау "Аамысҭа қьабз" ашәҟәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0