Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны

© Foto / из личного архива Мурата Яган Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото.
Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеиаҿы "Аамысҭа қьабз" аларҵәаҩ, аԥсуа ҵарауаҩ, афилософ Мураҭ Иаган (Маан) иԥсҭазаареи идоуҳатә мҩеи ирызкны.

Sputnik

Аԥсны ибзиаӡаны дырдыруеит аԥсуа философ, аҵарауаҩ, Канада инхоз Мураҭ Иаган. Мураҭ Маана рышьҭра деиуоуп. Иара диит Аԥсны иахьаҵанакуа, Ашьхара ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы, ԥхынҷкәын 16, 1915 шықәсазы, Маан Меҭ иҩнаҭаҿы.

© Foto / из личного архива Мурата ЯганаМураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото.
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото.

Мураҭ дышхәыҷыз илахьынҵаҿы аҽыԥсахра ду ҟанаҵеит XIX-тәи ашәышықәсазы ҳҭоурых аҿы иҟалаз атрагедиа ду. Уи иахҟьаны Мураҭ дышхәыҷыз иабдуцәа Ҭырқәтәыла ихҵәаны ицар акәхеит. Усҟантәи аамҭацәгьа иднарҟаҵаз ашьаҿа Мураҭ дақәыӡбны: "Сара сҭаацәара Кавказ иқәҵит, зыԥсадгьыл аанзыжьыз егьырҭ аԥсуаа зегь реиԥш рыхдырра лаҟәын азы", – ҳәа иҩит Иаган иавтобиографиатә шәҟәы "Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтә" ҳәа зыхьӡу аҟны.

Уи ашәҟәы "Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтә" Аҧсны Раҧхьаӡатәи ахада Владислав Арӡынба иабжьгарала аҧсшәахь еиҭеигеит Владимир Занҭариа.

© Foto / из личного архива Мурата Ягана Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото.
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото.

"Владислав Арӡынба игәы иалан абас еиҧш иҟоу аҵарауаҩ, афилософ дҳаманы, хылаҧшрада иныжьра шиашам атәы. Исыдиҵеит аурысшәахь еиҭаганы иҭыҵыз ишәҟәы ҿыц, аҧсшәахь еиҭазгарц. Хымԥада, уи снапы асыркит, еиҭазгеит автобиографиатэ ҩымҭа. Анаҩстәи иҭыҵуаз ишәҟәқәа адунеи аҟны еицырдыруа аиҭагаҩ Попов аурысшәахь еиҭеигеит" - ҳәа иҳәеит Владимир Занҭариа.

© Foto / из личного архива Мурата Ягана Виачеслав Чрыгба, Марз Аттар, Мураҭ Иаган Вернона ақалақь аҿы.
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба, Марз Аттар, Мураҭ Иаган Вернона ақалақь аҿы.

 

Мураҭ Иаган (Маан) доуҳатә рҵаҩыс диман аҵарауаҩ Омар Беигәа. Дизааигәан дидыруан ҳдиаспораҿы инхо ҳауаажәлар рзы раԥхьатәи алфавит еиқәзыршәаз Мысҭафа Быҭәба. Ибзианы дидыруан афранцыз ҵарауаҩ Џьорџь Диумезиль. Мураҭ Иаган (Маан) ибзианы ицааиуан абызшәақәа: идыруан афранцыз бызшәа, анемец бызшәа, англыз бызшәа уҳәа имаҷымкәа. Аха аус злаиуаз аҭырқә бызшәеи англыз бызшәеи ракәын.

Мураҭ акыршықәса Ҭырқәтәыла дынхон. Аха уатәи аԥсҭазаара иара игәы иаднакыломызт. Убри аҟынтә 1963 шықәсазы, 48 шықәса дшырҭагылаз иԥшәмаԥҳәыс Гогәуаԥҳа Меизи ԥшьҩык рыхшареи иманы Канадаҟа нхара ииасит. Уаҟа нхарҭа ҭыԥс иалихит ԥсабарала Кавказ угәалазыршәоз, ашьха қалақь Вернон. Вернон анхара даналага, Мураҭ иҭаацәа ныҟәигарц азы аргылаҩ изанааҭ алихит. Атәанчарахьы диасаанӡагьы аҩнқәа иргылон Канада иахьаҵанакуа, еиҳарак дахьынхоз ақалақь Вернон аҟны. Аха данхәыҷыз аԥсуа, аубых ҭаҳмадацәа згьама идыркхьаз адоуҳатә ҵаулара ҭаха инаҭомызт, есымша данын аԥшаара мҩа.

Ҭырқәтәыла данынхоз Мураҭ дырҭаахьан еиуеиԥшым адоуҳатә хырхарҭақәа: асуфиитә мистикатә орденқәа, Иаса Қьырса ишьҭра иану уҳәа ирацәаҩны дрыднагалахьан, ихгьы ԥишәахьан.

Аха аҵыхәтәан зегь акоуп аԥыжәара агеит зқьышықәсала ҳабдуцәа иаԥырҵоз, изықәныҟәоз адоуҳатә ҭынха. Уи аԥсуаа "Аԥсуара" ҳәа ҳашьҭоуп. Ҳашьцәа аедыгьцәа – "Адыгаӷа" рҳәоит. Аха дара рыҩбагь рышьаҭа акоуп.

Ирҳәоит, аԥсуара ашьақәыргылара 40 шықәса иаҿын ҳәа. Иахьышьақәдыргылазгьы Лыхны ақыҭан ауп рҳәоит. Ианышьақәдыргылоз еилахәын аԥсуаа, аубыхцәа, аедыгь жәларқәа зегьы. Иара шоит хԥаны: алеишәа, ақьабз, аамысҭа қьабз ҳәа.

© Foto / из семейного архива Мурата ЯганаМурат Яган.
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Мурат Яган.

Актәи аҩаӡара – "алеишәа" ауп. Алеишәахь иаҵанакуеит аетикет иадҳәалоу зегьы. Уи атәашьа-агылашьала иалагоит. Ауаҩы итәашьаҿгьы иҟоуп ишьақәыргыланы иҟоу аформақәа. Уи аиҳаби аҵби пату рықәибаҵашьеи, аибашьрақәа раантәи ахымҩаԥгашьеи ирыдҳәалоуп. Аиҳабы иарӷьарахьала аӡәгьы дидтәалаӡом, избанзар уи иарӷьа напы абџьаршьҭыхра иазыхиазароуп есымша. Насгьы џьара инеины иантәо, инкыдиала-аакыдиалан итәамзароуп. Иаразнак ацҟьара рықәшәар, убри иазхианы итәазароуп. Абас атәашьаҿы аԥҟарақәа рацәоуп. Урҭ ирықәымныҟәо алеишәа издырӡом ҳәа дыԥхьаӡоуп. Ажәакала, алеишәа – ауаҩытәыҩса ауаажәлар рыҩныҵҟа ихымҩаԥгашьа шьақәнарӷәӷәоит. Уахь иаҵанакуеит асасдкылара, ачарақәа, аԥсарақәа раантәи ахымҩаԥгашьа, ауа-аҭахы рҭаара уҳәа ирацәаны.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Аҩбатәи аҩаӡара "ақьабз" ауп. Уи имҩақәнаҵоит ажәлар напхгара рзызуа аиҳабыра рхымҩаԥгашьа, рыуаажәлар рымаҵ аураҿы рнапхгаратә знеишьақәа.

Ахԥатәи аҩаӡара – ари "аамысҭа қьабз" ауп. Аамысҭа қьабз арҭ аҩаӡарақәа иреиҳау ауп. Уи адоуҳа иазкуп. Адоуҳатә ҳаракыра змоу ауаҩы иааӡареи анаҩстәи ихымҩаԥгашьатә закәанқәеи мҩақәнаҵоит. Уи аҩаӡара шьҭызхуа ауаҩы иҭахуп цәала-жьылатәи аҽазыҟаҵарақәеи, хшыҩлатәи аҽазыҟаҵарақәеи. Ари амҩа даараӡа ихьанҭоуп. Убри азын уи зегьы ирзышьҭыхӡом. Ишьҭызхуа зегь раасҭа иӷәӷәоу иоуп. Уи шьҭызхыз ихымҩаԥгашьа даара иаамысҭашәахоит. Убри азоуп "Аамысҭа қьабз" ҳәа зазырҳәогьы.

Ари аҳаракыра шьҭихырц азы ауаҩы дышхәыҷыз далырхуан. Уи азын иҟан анҵыра рацәа змаз Аамысҭа қьабз мҩа ианысыз аҭаҳмадацәа. Урҭ иалырхуаз ахәыҷқәа раԥхьа иԥыршәон, нас изылшоз алхны разыҟаҵара иалагон. Ԥсабарала ирымаз аҟыбаҩ анаҩсгьы рцәа-ржьы даара аус адырулон. Иарбан ҭагылазаашьазаалак аҿы аиааишьа, ахымҩаԥгашьа идырҵон.
Абарҭ аҩаӡарақәа ирыҵаркуаз зегьы ааидкыланы, аԥсуаа "Аԥсуара" ҳәа ҳзышьҭоу ауп. Уи имҩақәнаҵоит ажәытәӡатәи аԥсуа-аедыгь дунеидкылашьа, аԥсабараҿы, ауаажәларратә еилазаараҿы ауаҩытәыҩса иҭыԥ, иаҳамбо адунеии ҳдунеии реизыҟазаашьа. Аамысҭа қьабз аҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылоит аморалтә-етикатә цәырҵрақәа реиԥш амистикатә цәырҵрақәагьы. Уи ауаҩытәыҩса иҵәахуи ицәыргои илшарақәа аԥсҭазаараҿы ҟазарыла рхархәара мҩақәнаҵоит, ишьақәнаргылоит.

© Foto / из личного архива Мурата ЯганаМураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото.
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото.

Мураҭ Иаган (Маан) "Аԥсуара" даҽакала "Аамысҭа қьабз" мистикатә наукоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Иҳәоит, ауаҩы – аԥсы зхоу ацәеижь ҳәа иԥхьаӡоу иакәӡам, ацәеижь – аԥсы ныҟәызго иоуп ҳәа. Аԥсы аныҟәгаразын ауп ацәеижь зшоу. Ацәеижь заҟа иӷәӷәоу, ихаҭәаау аҟара, ихаҭәаахоит аԥсы аныҟәгаразы. Уи ауаҩы даниуа илоу адагьы, ацәеижь аус адуларагьы ишьақәнарӷәӷәоит. Уи азын цәала-жьылатәи, аԥсыԥ лагаҩагаратәи аҽазыҟаҵарақәа рацәаны иаҭахуп.

Мураҭ Иаган (Маан) Канада даннанага ԥыҭрак ашьҭахь Аамысҭа қьабз ахырхарҭақәа рылаирҵәо далагеит аҵаҩцәа еизганы, хәыҷы-хәыҷла. 1992 шықәсазы еиҿкаан афонд "Аамысҭа қьабз". Уи хықәкыс иаман Аамысҭа қьабз аҩырахь аиагара, Мураҭ ишеиҭеиҳәоз акьыԥхьра, ауаажәлар рыларҵәара.

Вернон, "Аамысҭа қьабз" аофис аҟны иҵәахуп зқьыла амагнитофон ианҵоу аҩырақәа – Мураҭ еиҭеиҳәоз. Еиду Америкатә Штатқәеи Канадеи ирацәаҩуп Аамысҭа қьабз аҵара иаҿу ауаа. Иара убас, Европеи Израили еиҿкаауп рацәак идуум агәыԥқәа

Афонд "Аамысҭа қьабз" иамоуп ахатәы шәҟәҭыжьырҭа. Уаҟа иҭрыжьхьеит Мураҭ Маан ишәҟәқәа рацәаны: "Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтә", "Аамысҭа қьабз арҵара", "Аԥсуа шықәсынҵыра рацәеи агәабзиареи", "Аамысҭа қьабз алагалажәеи ажәытәтәи Кавказтәи ашьхақәа рдоуҳатә ҵареи", "Ауаажәларратә еилазаара қьабз аԥҵашьа". Иара убас Мураҭ Иаган (Маан) иҩымҭақәа зегьы иреиҳау "Аамысҭа қьабз" ашәҟәқәа.

Мураҭ Иаган (Маан) иԥсҭазаара далҵит 2013 шықәса, ԥхынҷкәын 19 рзы, Канада, 98 шықәса дшырҭагылаз. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0