Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахыргоз аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп

© Foto / пресс-служба Сочинской таможни Контрабанда сигарет
Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азакуаншьаҭада зиагара рҭахыз ааҭын аалыҵи автомашьынеи рымхуп, азинеилагаҩцәа рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ашьаҟамҩатә цәаҳәаҿы иаԥырҟәҟәаан Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 500 пачка аҭаҭын аалыҵ контрабандала аҳәаа ахыгара ҳәа аанацҳауеит Шәача ақалақь аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

© Foto / пресс-служба Сочинской таможни Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахыргоз аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп

Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ашьаҟамҩатә цәаҳәаҿы аҳазалхратә гәаҭара амҩаԥгараан аҳазалхыҩцәа гәҩарас дыркит "акоридор иаҵәа" ала имҩасуаз аԥҳәыс. Аҳазалхра аинспекторцәа гәҩарас иркит лхамы, иара акы аҵаҵәахны ишыҟаз азы агәаанагара роуит. Хаҭалатәи агәаҭараан аҳазалхыҩцәа рыгәҩара шиашаз шьақәыргылахеит. Ахамы аҩныҵҟала аҭаԥҟарсҭақәа аҭан, уа жәабала  асигарет пачкақәа ҭаҵәахын. Ахами аҵҟьеи рыбжьара иҭаҵәахын 130 пачка асигарет. Иара убасгьы аибаркыгақәа рҿгьы жәа-пачкак ԥшаан. Зынӡа 153 пачка (3060 цыра) асигарет аарԥшын.

© Foto / пресс-служба Сочинской таможни Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахыргоз аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылоуп

Аҿахәҿыхраан аԥҳәыс илҳәеит аҭаҭын аалыҵ аҭиразы ишылгоз. Аҭаҭын аалыҵ лымырхит. Лганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инарықәыршәаны. 

Иара убри амш азы аҳазалхыҩцәа даҽа ԥҳәыскгьы дааныркылеит. Лара "акоридор иаҵәал" диасуан ачемодан ду кны. Аҳазалхыҩцәа дангәарҭоз амандаринақәа ирыҵыргеит Аԥснытәи асигаретқәа "RITSA", "VogueBLUE" 410 пачка (8200 цыра).

Аалыҵ згоз илымхуп, аекспертизахь инашьҭуп. Азинеилагаҩ лганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп Урыстәыла КоАП ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инарықәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0