87 шықәса ирҭагылоу, Лыхны ақыҭан инхо аныҳәаҩ Зарема Ҷанба-Ҭарнаа уамашәа угәы даахәартә дыҟоуп. Лашҭа ҳанынҭала, лла аҵыхәа ршәшәо, аԥшәмара кны аҩныҟа иҳаԥхьагыланы аҿынанахеит. Лылаԥш ҳшааҵашәаз еиԥш, дышныҳәаҩу мҩашьо лнапы ыргьежьуа "шәан, сара, сшәыкәахшоуп" ҳәа дааҳԥылеит. Уи лыҿцәажәара даара аинтерес аҵан, лажәабжьқәа, дызнысыз лхатәы ҭоурых - арҭ зегьы нҵамҭак иузаркуам.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Аныҳәаҩ лҭоурых
Зарема Ҷанба-Ҭарнаа диит 1934 шықәсазы Оҭҳара ақыҭан. Ақыҭантәи ашкол даналга ашьҭахь, дҭалоит усҟан С.Орџьеникиӡе ихьӡ зхыз Аҟәатәи аӡахратә комбинат, иласу аалыҵтә ҟәша ахь. Леилҟьареи лгәырҵҟәыл бзиеи ирыбзоураны хара имгакәан ацәаҟаҵареи ашьаҵаҟаҵареи аҟәшаҟны напхгаҩыс дҟалоит.
Зарема изныкымкәан Аԥсны ахьӡала Москва ақалақь аҟны имҩаԥысуаз акоммунистцәа реизарақәа дрылахәын. Лара лгәалашәараҟны ахаан илхамышҭуа хҭысны иаанхеит лҵара аизырҳаразы Қырҭтәылаҟа лцара амш.
"Ҽнак Аҟәаҟа аиҳабыра быԥхьоит ҳәа сзаарыцҳаит. Сгәы хыҭхыҭуа исарҳәарызеишь ҳәа амҩа сықәлеит Аҟәаҟа. Сахьҩеиз, усҟантәи ҳаԥсуа интеллигенциа сԥылеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟан Хәыхәыт Бӷажәба, Шьалуа Иналиԥа, Баграт Шьынқәба. Убасҟан еилыскааит сдокументқәа Қарҭҟа ишырышьҭыз атәы, иреиӷьу акомбинат аусзуҩы ҳәа салкааны. Уамашәа избеит азныказы, аха сгәы иахәеит. Уахь сцара сыԥсҭазаараҟны ахаан исхамышҭуа сҿара иашықәсхеит", - ҳәа лгәалалыршәоит Зарема Ҷанба-Ҭарнаа.
Лқәыԥшра ашықәсқәа Зарема гәахәарыла дырзааҭгылоит. Урҭ зегьы ииасхьоу, лгәы зырҟәандо гәалашәараны аамҭа иазынхеит.
Иахьатәи аамҭазы Зарема бырг ԥҳәысуп, ҳаҭыр ду лықәуп, акыр здыруа, изызҵаауа, аныҳәарақәа мҩыԥызго, уи иацу амаӡақәа, акәамаҵамақәа еилырганы издыруа аӡәуп.
87 шықәса дшырҭагылоугьы, уи зынӡа илнубаалом. Лцәажәашьа, лгәалашәарақәа, лыхшыҩ еилыҷҷа, аиашазы, уаалыҵашьыцыртә еиԥш дыҟоуп.
Лышьыжь алагоит ҭаалымла. Аҭаалым ҟамҵакәан, лусқәа нап длыркуам, уи шьҭа лыԥсҭазаара иахәҭакхеит.
"Сықәра ахьнеихьоу жәбоит, аха, аиаша шәасҳәап, ахаан хәышәтәырҭак сҭамлацт сгәабзиара амшала. Ахәшәқәа зынӡа изжәуам, сгәы бзиоуп Анцәа иџьшьаны. Анцәа игәра згоит, уахгьы-ҽынгьы симҵаныҳәоит. Есышьыжь аҭаалым ҟасҵоит, сымаха-сышьаха аус дсыруеит", - лҳәоит Зарема.
Аныҳәаҩ ҳәа Зарема деицырдыруеижьҭеи 25 шықәса иреиҳауп шьҭа. Лара еснагь дрызҿлымҳан аныҳәарақәа, урҭ рымҩаԥгашьа, аныҳәаҩ илҳәоз лажәақәа уҳәа, акәамаҵамақәа азҿлымҳара рылҭон.
"Аҭаацәара сахьалалаз Лыхны дҳаман ныҳәаҩ бзиак. Схәыҷқәагьы зныҳәоз лара лакәын. Данныҳәоз еснагь сылзыӡырҩуан, илҿысҵааз даара ирацәоуп. Сыгәгьы иҭамызт саԥхьаҟа уи ҭакԥхықәны исзыҟалоит ҳәа, аха ауаа сыдҵаало, сныҳәаԥхьыӡқәа ргәаԥхо ианалага, мап сзымкит", - ҳәа лҳәоит лара.
Аныҳәаҩ лхаҿсахьа
Зарема Ҷанба-Ҭарнаа ахәыҷқәа лныҳәоит, ҿыц зыԥсҭазаара еилазҵаз аҭаацәара, убас аҭӡы, агәара, ахыбрақәа лныҳәоит. Иубарҭоуп уи даара ҭаԥхықәрала дшазнеиуа. Зхы зныҳәарц зҭаху заа илыдҵаалоит, заа лгәы лҽанырҵоит. Лара иахәҭоу амш алылхуеит. Аҭӡы, агәара, ахыбрақәа лныҳәоит шәахьалеи ԥшьашалеи. Ахәыҷныҳәара - хашеи хәашеи рыла. Аҭаца лныҳәара иалкааны амш азалхӡам, иануҭаху аныҳәара мҩаԥугар алшоит ҳәа азгәалҭоит аныҳәаҩ.
"Аныҳәарақәа рхатәы мшқәа ҳәа ҩбаны изазалху убри азоуп, исныҳәо, иаҳҳәап, ашәахьа имшшьаразар, аԥшьашахь ииаҳгоит, мамзар аԥшьаша имшшьаразар - ашәахьа дысныҳәоит", - ҳәа лҳәоит аныҳәаҩ.
Зарема лажәақәа рыла, аныҳәаҩ лхы-лгәы цқьазароуп, лажәақәа, лныҳәаԥхьыӡқәа гәаартыла иналыгӡозароуп, леилаҳәашьа дацклаԥшуазароуп, лкасы, лара деинааланы Анцәа димҵаныҳәароуп.
Ашыжь аныҳәарахь амҩа дықәлаанӡа, аныҳәаҩ лҽылкәабароуп, дпашәӡа лҽеилаҳәаны дыҟазароуп. Лышәҵатәы амаӷрақәа ҿырффа, агәы ҭыхны зынӡа иҟалаӡом. Лара лымкаала лышәҵатәы аныҳәара мацара иазкны илымоуп, уи даҽаџьара илшәылҵаӡом.
Анхәа-ԥсымхәа лымҵаныҳәара
Иарбанзаалак аныҳәарақәа ирымоуп рхатәы ныҳәаԥхьыӡқәа, рхатәы аишәа рхиашьа. Ахәыҷы иныҳәараан, раԥхьа иргыланы, ирныҳәоит акҿаҩра - аҭаацәа акрахьырфо, уи "Адәныҟәа" ахьӡуп. Иршьуеит акәтажә, х-чашәк ирыхныҳәоит. Уаҟа аишәа иқәзароуп: аилаџь, абысҭа, арашых сызбал.
"Ахәыҷы данысныҳәо аԥхьа исныҳәо акҿаҩроуп, уи "адәныҟәа" ҳәа иашьҭоуп. Адәныҟәа еиҳабу Анхәа-ԥсымхәа лоуп. "Анхәа-ԥсымхәа, быцәазар, бааԥшы, бааԥшызар-бсызҿлымҳаз, бхьышьаргәыҵа сакәыхшоуп, - ҳәа абраҟа "Адәныҟәа" ҳәа сныҳәоит, - абарҭ ахәыҷқәа исныҳәо былаԥш хаа рыҭ, џьара ицома, џьарантә иаауама, амра гылаанӡа идәылҵуама, мраҭашәарашьҭахь игьежьуама, ма нышәынҭрак ааигәа ииасуама, Адәныҟәа алԥха рыҭ, џьара ишьацәхныслома, иқәшьқьраауама, ҵлакы иаҿҟьама, адгьыл аҿы дкаҳама, Адәныҟәа алԥха рыҭ. Анхәа-ԥсымхәа, бхьышьаргәыҵа сакәыхшоуп", - ҳәа абас дныҳәоит аныҳәаҩ.
Аҭӡы, агәара, ахыбра анылныҳәо ирӡуеит иҷыдоу амгьал ашә агәылаҵаны, уи "ачамгьал" ахьӡуп. Инаганы агәара агәҭа ацәымза аркны аныҳәаҩ дахныҳәоит. Ацхаӡҩа, ахырҵәӡҩа хымԥадоуп аишәаҟны.
"Рыҭӡы-ргәара, рыдгьыл, Анхәа-ԥсымхәа, абарҭ ахыбрақәа ираҳкәажәу, ирхылаԥшуа, бхьышьаргәыҵа саҳәоит, аҭаацәа бырхылаԥш, лаԥшхаа рыҭ. Џьара ицозар, амашәыр алԥха рыманы игьежьуа, рыҩныҟа ԥшӡала ихынҳәуа, былаԥш хаа рҟәымгазааит. Иара ишаԥу ала, ишахәҭоу ала, аишәа рхианы ибсырбоит, сбыҳәоит, сажәақәа быдкыл, аҭаацәа бырхылаԥш", - ҳәа Анхәа-ԥсымхәа длымҵаныҳәоит Зарема.
Аныҳәарақәа раан лымкаала умҩахыҵ ҳәа аӡәгьы иарҳәаӡом, ус аӡәы дақәшәаны дмааиуазар.
Зарема Ҷанба-Ҭарнаа леиԥш иҟоу аныҳәаҩцәа урҭ рныҳәара акәамаҵамақәа иаҵоу ианҵатәуп, иҭҵаатәуп, уи, ҳәарада, хьыԥшьак иаҩызоуп, игәыгәҭажьтәым.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Амашәыр алԥха иазку акәырбан: аҭаацәара-қьабзтә ныҳәара
-
Анцәаҳәа, Анцәарныҳәара, Хыхь иҟоу - абшьҭра иатәу аҩнаҭа рныҳәа
-
"Машәыр анцәа иуқәимҵааит", ма Амашәыр анцәахәы аԥсуаа рҟны
-
"Дҧариуа, дыҧҳариуа": Ажьаҳара аныҳәара амҩаԥгара иазкны