Есма Ҭодуа, Sputnik
Анцәарныҳәаразы аныҳәаҩ иқәырыгылара
Анцәарныҳәара ҭаацәашәала имҩаԥырго ныҳәароуп, уи еиднакылоит абшьҭра иаҵанакуа ауаа. Бзыԥаа рҟны иара Хыхь иҟоу ҳәа азырҳәоит. Иара мҩаԥыргоит ааԥынра анҵәамҭази аԥхыни. Ҳара ҳреспондентцәа ари аныҳәа аназгәарҭо иульмзазы ауп.
Акәырбан – аҿаҭахьа шрықәырҵои, уи анагӡашьеи ирызку зҵаарақәак
Иазгәаҭатәуп ари аныҳәа есышықәса иазгәазҭо шыҟоугьы, аиҳарак хышықәса рахь знык, ма хәышықәса рахь знык ишымҩаԥырго. Ари аныҳәара аҵакы атәы ҳара ҳиазҵааит "Аԥшьаҭыԥ" амаҵ азызуа аныҳәаҩ Борис Қәҭелиа, иара ихаҭагьы изныкымкәа ари аныҳәара мҩаԥигахьеит.
"Анцәарныҳәара ҳәа иҟоу, уи иара ус аҳәара иашаӡам, Анцәа аӡәы иоуп иҟоу, Анцәа-ҳәа ауп ишныҳәо. Анцәахәқәа рацәами, анцәахәқәа рацәоуп, аха Анцәа аӡә иоуп. Уа ашьтәа, ашкәакәа гра змам, хышықәса иреиҵамзароуп, нас ақәаб, абҩатәы қәаб дыргылоит, акәакәарқәа, ацәашьы – абри ауп изыхныҳәо. Ақәаб абас икнаҳаны ирымоуп, уи ылбаазго аныҳәаҩ иоуп, ус иалакьыслак ҟалаӡом. Са сныҳәаҩуп ҳәа, деиҳабуп ҳәа ауаҩ ихала ихы ықәиргылар иашаӡам. Аныҳәаҩ дықәдыргылоит ма абшьҭрала, ацәашьхәы зкуа ҳәа иҟоу, уигьы ишьҭахьҟьа цәгьа зымуц, згәы цқьоу, зыԥсы цқьоу, гра змам ауаҩы иакәзароуп, дыцқьазароуп, мамзаргьы ус иҟоу дрымамызар, аныҳәаҩ даарагароуп", - ҳәа ҳаиҳәеит аныҳәаҩ.
Ари аныҳәаразы аныҳәаҩ данықәдыргыло, уи аныҳәара ахаҭанӡа заа, мызкы, ма жәохәымш шагыу зынхьаа иҟоу ашьтәа ықәыргыланы дныҳәаны ацәашьхәы идыркуеит. Убри нахыс ауп иара ари аныҳәара амҩаԥгара азин аниоуа.
Џьал ақыҭа инхо Витали Ҭыжәба ҳаниҿцәажәоз акәзар, иҳаиҳәеит абас еиԥш: "Бзыԥаа рҟны Ажьырныҳәа ауп иаҳа ихадароу ҳәа ирыԥхьаӡо, аха саргьы ажьира сымоуп саб иҟынтәи, аха абжьыуаа ҳҿы Анцәарныҳәара еиҳауп. Абри Ажьырныҳәа ҟауҵаанӡа Анцәарныҳәара ҟауҵахьазароуп", - ҳәа азгәаиҭоит иара.
Аныҳәаҩ данықәдыргылалак ашьҭахь уи ари аныҳәара амаҵ азызуа иакәны дыԥхьаӡоуп, пату иқәырҵоит, игәы аҟаҵара рҽазыркуеит, Анцәеи ауааи ирыбжьагылоу цҳаражәҳәаҩык иаҳасабала ихәаԥшуеит. Уи раԥсшәеибыҳәашьа инаркны, иара изалху аҭыԥ уҳәа зегьы ирыцклаԥшуеит.
"Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаҧшреи, иахьатәи уи аҵаки
Ақьабз амҩаԥгашьа
Анцәаҳәа аныҳәаразы аԥсуа иашҭаҿы иара иазалху аҭыԥ цқьа ыҟоуп. Уаҟа ашәымкьаҭ ргыланы иҟарҵоит, хазы астол дыргылоит ишкәакәоу акы нақәыршәны. Ақәабгьы кныхны иааганы аԥхьа идыргылоит. Иазгәаҭатәуп ақәаб ачыҭ шкәакәа ҭаршәны ишрымоу, аԥара ҿырп ҭаԥсаны (ус еиԥш ала ақәаб рзыкнаҳаны ирымоуп Гәыԥ ақыҭа инхо Фрикан Ԥлиа иҩнаҭаҿы, уи аныҳәа анымҩаԥырго аԥара ҿырп аҿыц ачыҭ инылаҳәаны иҭарҵоит).
Ҳара ҳзыҿцәажәаз ҳинформант Арасаӡыхь ақыҭа иалиааз Нуну Дарсалиа ари аныҳәа лаб иҩнраҿы ишазгәарҭо атәы ҳзеиҭалҳәеит абас:
"Анцәарныҳәара ари аџьынџь ныҳәароуп. Аҩнаҭа иаҵанакуа, абиԥара иатәу, зцәашьхәы еилоу аб иҩнаҭаҿы еизаны имҩаԥыргоит. Иҟоуп аб иԥацәа хазы иаҿыганы ианыргогьы, усҟан дара рҭаацәа рыҩныҵҟа имҩаԥыргоит. Уи ишуқәу еиԥш – хышықәса рахь знык изқәу дыҟоуп, хәышықәса рахь знык изқәу дыҟоуп. Саб иҭаацәа рҿы хышықәса рахь знык иҟарҵоит, избанзар уа абжьаныҳәа ҳәа акагь ҳамаӡам. Сабхәараа рҿы акәырбан ныҳәа ҳәа иҳамоуп азы, уа хәышықәса рахь знык иҟарҵоит Анцәарныҳәара. Аҩны алаӷәраҿы, хыхь аҭуан аҿы аҿаԥ ҟаҵаны ақәаб хшьызароуп. Уи аныҳәаҩ аныҳәара даналаго илбааигоит. Ашҭа аҵыхәан ашәымкьаҭ дыргылоит, ахацәа акәац иахылаԥшуеит, аҳәса досу рмарҭхә иааргаз налаҵаны амажәа ркәаҳауеит, акәакәарқәа ҟарҵоит. Убри иалоу зегьы рыхәҭаа аџьыкхыш, ачашыла, ашә, ацәа – убри иалахәу зегьы инаргоит рмарҭхәқәа, - ҳәа ҳалҳәеит лара.
Иазгәаҭатәуп ақәаб зегьы ишрымам, иҟоуп ақәаб адымгалакәа иныҳәогьы. Аныҳәаҩ ақьабз иахәҭоу зегьы анмазеихалакь ашьҭахь арасатәы лаба агәыи агәаҵәеи акәакәари нахаҵаны аџьыкхыш нақәырҳәҳәаны иҟаиҵоит. Аныҳәараҿы егьырҭ аҭахцәа ыҟазаргьы иара иаҵагыло изтәышьҭроу роуп. Араҟа иаҵагылоит ахәыҷқәагьы, аӡӷабцәагьы. Ахәыҷқәеи аӡӷабцәеи аԥхьа инагылоит, урҭ рышьҭахь ахацәа. Акәасҭӷа ааганы акы инанҵаны идыргылоит. Ацәа акәасҭӷа инақәҵаны аныҳәаҩ ахылҩа-ԥсылҩа шьҭны аҳаԥшьа-ҩы аанкыланы аныҳәара дналагоит:
"Уа, ҳазшаз Анцәа дуӡӡа! Ахьы ԥааимбар ду! Ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп! Иахьа агәараҭа сахьааз, аишьцәа, аиҳәшьцәа, ахәыҷы, аду, ргәы ҭырхаха, рхы ҭырхаха аҳәара дуӡӡа урҭоит. Аҳәара иурҭо аҟынтәи жәак, ҩажәак исҳәо схы сақәиҭны сҟауҵаратәы суҳәоит, ухьышьарӷәыҵа сакәыхшоуп. Абра ашьтәа узааҳгеит, хәыц еиқәаҵәа злам. Абарҭ изуҳәо угәы инҭакны, ухы инҭакны, иаазрыцҳашьаны, урхылаԥшратәы Анцәа суҳәоит. Абарҭ анеибабо ианакәзаалакь абзиа иатәны, агәырӷьара иатәны еснагь еибабо суҳәоит, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп. Аӡәы нахьхьи дыҟоуп, аӡәы аахьхьи дыҟоуп, амҩа данума, амашьына дақәтәоума, машәыр рықәымкәа иахьыҟазаалакгьы урхылаԥшратәы суҳәоит!.." - ҳәа дныҳәоит аныҳәаҩ.
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу
Аныҳәараан ацәа акәысҭӷа иақәымҵакәа, ус ацәашьы аркны акәац зқәу ашәымкьаҭ иадзырҷабло ыҟоуп. Аҩнаҭа ашҭаҟны ашәымкьаҭ змыргыло астолк, ма ҟәардәк наргыланы ишкәакәоу акы нақәыршәны акәацгьы уа акы инанҵаны иқәдыргылоит.
Аныҳәаҩ дныҳәаны данаалгалак агәыи агәаҵәеи аҭаацәа агьама надирбоит, досу ркәакәарқәагьы надиркуеит. Ақәаб ззықәгылоу, аныҳәара анхдырқәшалак, аныҳәаҩ ақәаб аашьҭыхны аҭыԥ аҿы инаганы инапала инхишьуеит.