Ҳаԥсуа литератураҿы абаҩхатәра бзиа змаз, иахьа иҳалагылам апоетцәа анаҳгәалаҳаршәо, хымԥада иӡбахә ҳәатәуп Рауь Лашәриа. Уи даныҷкәынӡаз инаркны, иаразнак поетк иаҳасабала деицгәарҭеит, иҩымҭақәа акьыԥхь аҿы ицәырҵит, ираҳаит иара иаԥхьаҩцәа. Уи ус шакәу агәра удыргоит раԥхьатәи иажәеинраалақәа:
Адунеи ду сзыԥшуп илахҿыхӡа,
Адунеи ду ахы сгәанарԥхоит…
Аха сара сыблақәа ирхымҵӡо,
Исҭахы-исҭахым избалоит…
Рауль Лашәриа диит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан анхаҩ нага, Ӡыкәыр Лашәриа иҭаацәараҟны 1941 шықәса рзы. Уи 1961 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аԥсуеи англыз бызшәеи рзанааҭ ала афилологиатә факультет дҭалоит, ибзиаӡангьы ихиркәшоит. Уи нахыс, арра дахысны данаа ашьҭахь аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь", ажурналқәа "Амцабз", "Алашара", "Аԥсуа Телехәаԥшра", агазеҭ "Еҵәаџьаа", ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алитфонд адиректорс уҳәа акырџьара.
Рауль инарҵаулан аҵара змаз поетын, уи идыруан, дрыԥхьахьан адунеитә литератураҿы иреиӷьӡоу аҩымҭақәа. Иара илшон англыз бызшәахьтә ишиашоу ажәеинраалақәа аԥсшәахь реиҭагара, иаҳҳәап, апоет-акритик Владимир Аҵнариа анемец бызшәахьтә ишиашоу ажәеинраалақәа шеиҭеигоз еиԥш!..
Аиҭагара атәы анаҳҳәа, сара ибзианы исгәалашәоит, Рауль агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы еиҭагаҩыс аус аниуаз, ТАС иаанашьҭуаз аматериалқәа зегьы, акьыԥхьҩы дналхагыланы, акалами ақьаади мкӡакәа ишиашаз ишеиҭеигоз!.. Уи аҩыза зылшоз аиҭагаҩцәа Аԥсны даара имаҷҩын, уи аҟыбаҩ дуӡӡа аҭахын…
Аибашьра ашьҭахь, аԥсуаа абжаҩык еиуеиԥшым амалқәа ианырхьынҳалоз, иара иԥшәмаԥҳәыси иареи Аҟәа ашәҟәыҭирҭа дәқьан аадыртит, ԥшаашьа змамыз ашәҟәы ссирқәа рыԥшааит, иқәыргылан хәыбжала ирҭииуан, шаҟараантәгьы дара рхарџьала иаахәан, ҳара ҳаннеилак ҳамҭас иҳарҭахьааз!..
Уи иԥсадгьыл даара бзиа ибон, дазгәдуун, еиуеиԥшымыз амитингқәа рҿы дықәгыломызт, дцәажәомызт, аха иҩымҭақәа рҿы иҟан уи ижәлари иԥсадгьыли рхьаа, ргәырҩа, ргәырӷьара…
Исыгәҭасуаз сара ҭымра-ҭымра,
Сырцәымӷыз, сдыргылоз хара…
Аԥсынра исыхьнагӡашам еиҭымрак,
Чҳашьа змам зегь зычҳаз Аԥсынра!..
Ирхыччоз агәыӷрақәа исымоу,
Иашьклаҳәуаз амц са сҿара!..
Аԥсынра иснарбоит сара сымҩа,
Чҳашьа змам зегь зычҳаз Аԥсынра!..
Раули сареи хәышықәса ажурнал "Алашара" аредакциаҿы аус еицаауан. Иара аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс дыҟан, сара апроза аҟәша аредакторс. Усҟан аибашьра аԥхьа акомпиуторқәа ыҟамызт, аинтернет ыҟамызт, иара иус хада, аредакциа аҩнуҵҟа ажурнал ианылоз аҩымҭақәа зегьы рыԥхьара анаҩсгьы, атипографиа дахылаԥшлар акәын, нбанк нааны ицар ибар акәын!.. Урҭ зегьы иара дрызҟазан, икылиршәшәаауан, иара знык илаԥш зхигаз, уи угәы рҭынчны акьыԥхьразы амҩа иқәуҵар ауан!.. Избанзар, уи дшыҷкәынӡаз агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшьи" "Аԥсуа телехәаԥшреи" дрыӡрыжәит, драаӡеит,
аматериал аредакциа азушьа, аус адулашьа идырҵеит…
Иазгәаҭатәуп, уи "Аԥсуа телехәаԥшра" анаадырт аҽны инаркны уа редактор хадас акыр шықәса аус шиуз, ажурналистцәа реилашыра дшалагылаз.
Аха Рауль аус ахьиуаз иарбан маҵуразаалакгьы, апоезиа ицын, уи шәымҭак иадамхаргьы иаанимыжьцызт… Уи ициит, насгьы иара даара иааиџьушьашаз, апоетцәа ражәеинраалақәа рацәаӡаны ҿырҳәала идыруан, уи иҳәар ҟалон амашьынаҿы, аиҩызцәа ҳахьааиқәшәоз ачара хпыҿқәа рҿы, иара убасгьы апоетцәа ирлас-ырласны имҩаԥыргоз аиԥылара дуқәа рҿы, ашколхәыҷқәа рҿы.
Уи иажәеинраалақәа убриаҟара аԥсуа-цәа рхан азы, рҵара, ргәынкылара мариан, иаразнак рҽузааигәартәуан!.. Исгәалашәоит, усҟан ҳара ашкол ҳҭан, Рауль агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы икьыԥхьит усҟан амц зҳәоз, аҵарҭыша згоз ирҿагылаз, ирҿаԥызыххаауаз, арубрика "Ажыцба Қәыц" аҿы ҟәыдырԥаҩык илызкыз аочерк. Иахьагьы схаҿы иаанханы иҟоуп уи злалагоз, апоет ихьӡиртәыз аԥшҩы илызку ацәаҳәақәа;
Ната, ибжьаша дыбҭоуп,
Аԥара ҟаԥшьқәа иџьыба иҭоуп,
Анцәа ду ихьӡала дыршәа,
Аԥарагь меигӡарахда иршәа!..
Рауль дпоет-лирикын. Уи абзиабара иазку иажәеинраалақәа ахаа-цәа рыҟәнуп, угәы иԥхаӡа иҭалоит, угәалашәараҿгьы иаанхоит… Уи абаҩхатәра змоу апоет раԥхьатәи иҟазшьақәа иреиуоуп, избанзар, убри алоуп, ашәышықәсқәа анҵлакгьы, иара ихьӡ камыршәкәа изларҳәало…
Иаҳгәалаҳаршәап Рауль заатәи илирикатә жәеинраалақәа иреиуоу руак:
Абысҭа былшо ахәара?!
Абысҭа былшар ахәара,
Иахамшәалоу бырҽхәара,
Бан ибзылуп анхәара,
Баб ибзиуп абхәара,
Абысҭа былшар ахәара!..
Сара исгәалашәоит Раули сареи раԥхьаӡатәи ҳаибадырра. Усҟан сара ажәбатәи акласс аҿы стәан, ажәеинраалақәа рацәаны изыҩуан азы, саб, издыруада, абри акыр илҵуазар ҳәа, аредакциақәа рҿы снеигон, сыдирдыруан ашәҟәыҩҩцәа!.. Ииашаҵәҟьан, даара гәыблыла сыздызкылаз, исԥылаз апоетцәа анысгәаласыршәо, есымша саԥхьа даагылоит Рауль!.. Уи дызҿыз иусқәа зегь наҟ инышьҭеиҵан, дзыҩнатәаз икабинет ашә ааиркын, стетрад еиҵәа хәыҷы ахы инаркны аҵыхәанӡа даԥхьеит… Нас, саб иахь ихы наирхан: " Ианкәа, иудысныҳәалоит, уҷкәын ажәеинраала бзиақәа иҩуеит, иаарласны агазеҭ аномерқәа ирнаҳҵоит…" иҳәеит!.. Сара сахьтәаз зны сыԥхашьеит, зны амҵәыжәҩақәа соуит, саб уи гәазҭаз, дҩагылан, Рауль иҭабуп идуӡӡан уусқәа зегь ныжьны уахьҳхаҵгылаз ҳәа иеиҳәеит. Сара ахаан исхашҭуам уаҟатәи гәыблылатәи ҳаиԥылара, ҳаицәажәара, шаҟа смаршәа кны, џьара сгәы иамыхәашаз, ицәызҟьашаз ак иамхамҳәарц дышсацәажәоз Рауль!..
Раули сареи ҳаиҩызара атәы аҭоурых салацәажәозар, уи даара ирацәоуп, уахыки-ҽнаки иуҳәаша ыҟоуп!.. Аха абраҟа исгәаласыршәар сҭахуп сара сзы ахаан хашҭшьа змам, даҽа хҭыс бзиак сҩыза гәакьа идҳәалоу!..
Сара сажәеинраала хәыҷқәа еидызкылоз раԥхьаӡатәи сышәҟәы ҭыҵит сшыҷкәынӡаз, 1982 шықәса рзы. Усҟан алитературатә ԥсҭазаара уажәаҵкысгьы ицәқәырԥон, иҟан даҽа гәыбылрак, даҽа знеишьак… Шамахаӡак аҿар рҩымҭақәа даара игәамԥхакәа ус асахьаз измырҽхәоз, кыр шықәса раахыс ажурнал "Алашара" апоезиа аҟәша аиҳабыс иҟаз, абри ашәҟәы аҭыҵра дақәныҳәеит, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь"
ианиҵеит инеиҵыхыз истатиа. Нас, усҟантәи аинститут афилологиатә факультет аҟны еиҿкааз акружок аҿы аилыргара мҩаԥыргеит, даара ажәа ԥшӡақәа сарҳәеит. Уи даҽа ҭоурыхуп…
Изхысҳәаауа, абасеиԥш раԥхьатәи сышәҟә хәыҷы ахцәажәара бзиақәа анымҩаԥыс, сзааӡаз сқыҭа Ҷлоуаагьы ирҭаххеит ашәҟәы аӡыргара мҩаԥыргарц! Уи сара ианысзаарыцҳа, изықәдыршәаз аҽҳәара аҽны сҩыза Сергеи Агындиа даашьҭаҳхын, усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿ еиҿкааз алитературатә пропаганда абиуро адиректор Алик Џьапуа ҳаԥхьа днагылан Ҷлоу Акультуратә хан аҟны ҳнеит.
Уа ҳахьнеиз, ачараҵәҟьа ҳзура рҽазыҟаҵан иҟан!.. Ари аҷкәын ҳқыҭа иалҵыз иоуп, дҳарԥхашьозма рҳәан, ҿык-бзык иаанагоз зегьы еиқәдыршәеит, астол унацәа узаламҵо архиара иаҿын!.. Нас, аԥсуа литература ашкол арҵаҩы Марина Џьапуаԥҳа днасыдгылан, исалҳәеит, ҳара ҳҽазыҟаҳҵонаҵы, уҩызцәа иҵегь ааигәа ақыҭақәа рҿы аӡәыр дыҟазар, дааугар даара ибзиахон, ҳәа. Ари зегьы ирызҟазаз, ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа даара ирацәаны ҿырҳәала издыруаз, усҟан ҳашәҟәыҩҩцәа реидгыла ацхыраараҿы, апропагандаҿы арӷьажәҩара азызуаз, Алик Џьапуа ианиаҳа, иҳәеит иаразнак, Кәтолҟа, Рауль Лашәриа иахь ҳцоит, уи иахьа хәашоуп, аҩныҟа дмаакәа ҟалаӡом ҳәа!..
Уи акәхеит, ахуҳәа, сааҭбжак ала, Кәтол, Рауль иашҭаҿы ҳгылан!.. Уи иан, иаҳәшьа, иара зегьы амхырҭа иҭан, хәба-фба уардын ҿыхны иалажьын. Алик ҳаззааиз анреиҳәа, иан иаразнак Раульгьы ажәак аҳәаха иамраӡакәа, уҩыза еиҵбы ари аҩыза аиԥылара бзиа имазар, уаха қәак шԥаури, аџьықәреи уаҵәы иалаҳгап, уиццароуп лҳәеит!.. Уи акәхеит, Раульгьы ҳаԥхьа днагылан, иҽааибыҭаны, Ҷлоуҟа дҳацааит!..
Ауха ҳаиԥылара шаҟа ибзиан имҩаԥысыз, изакәытә поезиатә хәылԥазыз еиҿыркааз Ҷлоуаа, уи хадаратәла изырԥшӡаз сҩызцәа, еиҳараӡакгьы иахьагьы сгәы иҭымҵәаауа иҭоуп Рауль Лашәриа иажәа ԥха, иажәа раз… Хашҭра зқәым сҩыза бзиа Рауль!..
Рауль аибашьраан иҭаацәа зегьы, иаҳәшьа заҵә, иан, иӡӷабцәа ахҩык, иԥшәмаԥҳәыс, ҳпоет иаб иҩны Кәтол иҟан. Урҭ уантәи шаҟантә ахҵәара рықәшәаз, ирхыргаз ааӡаб аиҭаҳәара даара ицәгьоуп, зегьы иреиӷьны ианыԥшуеит иара ипоезиа. Апоет иажәеинраала "Агәилқәа" уанаԥхьалак, иубоит иаҳхысны ицаз аибашьра шаҟа ҳацҟьаз, ҳаӷәыхыз, аха аԥшӡара агәаҭара шҳалшо, уи ҳшеиқәнархо… Абра иаазгоит уи ацыԥҵәаха…
Аибашьра шыҟаз агәилқәа ирыздырӡом,
Ирыздырӡом агәилҭрагь минала ишҭәу.
Рыԥшӡара шрымац ирымоуп, идырӡӡом,
Қәыԥшра лахҿыхроуп макьана изтәу…
Аԥсҭҳәа иахажьу мариала иахыҵӡом,
Ашәеиқәа иалоуп макьана Аԥсынра…
Ирыздырӡом агәилқәа, рыцҳа, ирыздырӡом,
Ҳҵеицәа ршьа шакәу изыршәҭыз дара…
Рауль Лашәриа иҭижьхьан апоезиатә шәҟәқәа: "Аҵх ҵәца", "Аеҵәақәа зҿало аҵла", "Урашан", "Абзиабара ашықәс", "Сымшра амацәаз", "Асааҭ ахыц", "Сдоуҳа ашҭа", "Аԥшақәа ргәил", "Ашьанеи агәыԥшқеи", "Сырмеи агәили", "Иалкаау", "Слахьынҵа аҿаԥхьа".
Уи аԥсшәахь еиҭаган иҭижьит ҳ-Џьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых инарҵаулан изҳәо ашәҟәы: "Урҭ игәыҭшьаагаз амшқәа."
Иҳәатәуп инаҵшьны, Рауль Лашәриа ишҭижьхаз ахәыҷқәа ирызку ажәеинраала ссирқәа. Наҟ-наҟ сара агәра ганы сыҟоуп, урҭ ишрыхәҭоу асахьақәа рыцҵаны, хазы шәҟәны иҭыжьзар, иреиӷьӡоу, ахәыҷқәа ирызку ашәҟәы ссирқәа рылҵуеит!..
Абра иаазгар сҭахуп, Рауль Лашәриа иԥҳаиҳаб, ажурналист бзиа Елана Лашәриаԥҳа илзикыз ажәеинраала ахәҭак:
Елана
Зегь маншәалоуп, лҭыԥи-лҭышәи,
Зегьы лмоуеи - дзызгәыкуа!..
Аха сналышьҭуам ашәиҭышәи,
Исыкәлыршоит лнап хәыҷқәа!..
Сыкәа дҭала, смаӷра дҭала,
Еилсыргартә ажәак мҳәаӡо,
Аҩны сандәылҵуа шьыжьымҭанла
Сыхьҵәуароуп уи дызҿӡоу!..
Ах, Елана, сгәы сыбмырхьын,
Бықьыԥшәыԥра шьҭа иазхоуп!..
Ирацәоуп уажәнатә ибнырхьоу,
Уажәнатә ибдыруа рацәоуп!..
Заа дҳацәцеит апоет, ҳҩыза гәакьа Рауль Лашәриа, аха уи ипоезиа ҳара иҳацуп, уаҵәы игыло ахьыбҿар уи ишәҟәқәа ирыхӡыӡаауа, иргәаԥханы ишрыԥхьо, ҳлитератураҟны наӡаӡа аԥсҭазаара бзиа шроуа агәра ганы сыҟоуп!..
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Касланӡиа Рауль Лашәриа изкны