Аҟәа ақалақь ахада аныҳәамштә банкетқәа рымҩаԥгара азин ҟаиҵом

© Sputnik / Томас ТхайцукВечерний Сухум
Вечерний Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иусдҵа инақәыршәаны акоронавирустә инфекциа алаҵәара ацәшәаразы ареспубликаҿы аԥкыратә уснагӡатәқәа аанкылоуп ажьырныҳәа 12 рҟынӡа. Арахь иаҵанакуеит агәырӷьаратә уснагӡатәқәагьы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба аусдҵа "Ашықәс ҿыц ази Қырсаныҳәази абанкетқәа рымҩаԥгара азин аҟамҵаразы" инапы аҵеиҩит.

"Ауааԥсыра рыхьчаразы, Аҟәа иахьаҵанакуа авирус COVID-19 аламырҵәаразы 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзази 2021 шықәса ажьырныҳәамзази иарку ахыбрақәа рҿы амассатә уснагӡатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзин ыҟамзааит, хаҭала Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рымҩаԥгара иазку", - аҳәоит аусдҵа атекст аҿы.

Аԥсны ахада иусдҵа инақәыршәаны акоронавирустә инфекциа алаҵәара ацәшәаразы ареспубликаҿы аԥкыратә уснагӡатәқәа аанкылоуп ажьырныҳәа 12 рҟынӡа. Арахь иаҵанакуеит амассатә уснагӡатәқәагьы.

Аепидемиа иаалагазар Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп быжьнызқьи бжаҩык. Аиҳараҩык Аҟәа ақалақь иатәуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0