Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа АҶА арҭҟәацгақәа рзы имҩаԥырго агәаҭарақәа ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукКвициния Тимур
Квициния Тимур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭҟәацгақәа ирыцу амашәыри, рыҵәахышьа аԥҟарақәеи, аџьармыкьаҿы изҭиуа ргәаҭарақәа шымҩаԥысуеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит АҶА Аҟәа ақалақьи араиони абылрацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа АҶА арҭҟәацгақәа рзы имҩаԥырго агәаҭарақәа ирызкны

"Арҭҟәацгақәа рыҭиразы аԥҟарақәа ргәаҭара ирылаган Аҟәатәи аџьармыкьала. Иҳәатәуп, сынтәа иаҳа имаҷны ишырҭиуа ҵыԥх аасҭа, аха аџьармыкьа аиҳабацәа ирҳәеит амза 20 нахыс урҭ рхыԥхьаӡара ишацло. Игәаҭаз аҭыԥқәа рҿы еилагара ӷәӷәа ыҟамызт. Апиротехника ахьырҵәахуа аҭыԥ аҿы иҟазароуп амцакра ҟалар уи азы адырра узҭо, амца арцәага. Арҭҟәацгақәа рыҵәахраан уа иану аԥҟарақәа ирықәныҟәалароуп аҭиҩцәагьы, рхаҭагьы ирдыруазароуп. Агәаҭарақәа еиҭа ирыцҵахоит. Адәқьанқәа рыԥшәмацәа ираҳҭаз аԥҟарақәа ирықәымныҟәар, урҭ русура аанаҳкылар ҳалшоит, егьырҭ изыхәҭоу аусбарҭақәа рахь адырра ҟаҳҵоит. Ахараԥса рықәыҩрагьы азин ҳамоуп, Уи – 4000 мааҭ инаркны 12000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ауаарацәа ахьыҟоу аџьырмыкьақәа рҿы ари азҵаара хылаԥшрада ааныжьра - ашәарҭадара ду ацуп", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0