Аԥсны ААР: жәаҩа криптоферма ацәаҳәақәа ирҿыхуп мчыбжьык аҩныҵҟа

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг-ферма на территории технополиса "Москва"
Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР уаанӡа афымцацәаҳәақәа ирҿырххьаз акриптовалиута аиуразы аобиектқәа хылаԥшра рзыруеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22- Sputnik. Жәаҩа криптоферма ацәаҳәақәа ирҿыхуп мчыбжьык аҩныҵҟа, апломба раархоуп 3783 шьақәгыла ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭеи Аԥсны ААР СОБР аусзуҩцәеи Гәылрыԥшь араион Баӷмаран ақыҭаҿы иаадырԥшит аус зуаз амаининг-ферма.

Изъятие криптофермы  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР закәаншьаҭада аус зуаз амаининг-ферма ықәыргеит

Аферма уаҩ дызхымыз аобиект аҿы иқәгылан. Иара аусуразы иқәыргылан амчхара ду змоу атрансформатор. Зынӡа иаарԥшын 420 шьақәгыла акриптовалиута аиуразы. Дара афымцацәаҳәақәа ирҿырхит, апломбақәа раадырхеит, акт шьақәдыргылеит.

Очамчыра араион аҿгьы уаҩ дзыҩнам аҩнқәа ҩба рҿы иқәыргылаз акриптофермақәа ҩба аарԥшын. Уа аус руан 60; 150 хархәага.

Иара убасгьы Очамчыра аферма ду аркын - 1538 шьақәгыла. Дара зыҩнагылаз ахыбра астанциа маҷ ааигәара игылан. Аферма афымцалашара аиуразы аус руан атрансформатор дуқәа хԥа.

Пицундатәи ачазауад аҵакыраҿы иаанкылоуп амаининг-ферма - 319 шьақәгыла зыҩнагылаз. Ахархәагақәа ықәыргылан анаплакы ахы ианамырхәо ахыбраҿы.

Ахаҳәырҷҷа аус ахьадыруылоз анаплакқәа ҩба рҿы ирцәан 590 шьақәгыла. Аҽа х- криптофермак аарԥшын, иагьаркын Бзыԥи Риҵатәи ахырхарҭеи рҿы, афымцацәаҳәақәа ирҿыхын 566 шьақәгыла. Цандрыԥшь аҳаблаҿы УБЕП аусзуҩцәа 180 шьақәгыла змаз аферма ааныркылеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы адырра ҟанаҵоит уаанӡа афымцацәаҳәақәа ирҿырххьаз акриптовалиута аиуразы аобиектқәа хылаԥшра шырзыруаз.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аамҭала атәылахь  акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа ралагалара  ааннакылеит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 20 инаркны 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Иара убри ақәҵарала иаанкылоуп амаининг фермақәа русура.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0