Аԥсны ААР аусзуҩцәа Керч иҭахаз даҽа еибашьҩык иуацәа рыԥшааит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арра-патриоттә проект "Ахьӡ архынҳәра" хышықәсоуп Аԥсны аусура мҩаԥнагоижьҭеи. Апроект амҩаԥгара иалахәуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Аԥсны аҭыԥантәи амилициа аусзуҩцәа ирылшеит 1942 шықәса рзы Керч ахьчараан иҭахаз азениттә пулемиотчик Саркис Малхосиан иашьа иԥа иԥшаара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР.

Еилкаахеит аибашьҩы иуа Иашҭхәа ақыҭаҿы дшынхо. Ахаҵа иҵәахны имоуп иаб иашьа аибашьраҟынтәи иааишьҭыз афотосахьақәа. Саркис Малхосиан иҭаацәа ирдыруаз Ҟрым, ақыҭа Жуковка анышә дшамадоу заҵәык акәын. Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҟынтәи аибашьҩы иҭаацәа инагӡоу аинформациа роуит, еилыркааит ифырхаҵаратә мҩа.

Жәларбжьаратәи арра-патриоттә проект "Ахьӡ архынҳәра" хышықәсоуп Аԥсны аусура мҩаԥнагоижьҭеи. Апроект амҩаԥгара иалахәуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра.

Мвд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР Керч иҭахаз рыуацәеи-рҭынхацәеи рышьақәыргылара иаҿуп

2018 шықәса раахыс иахьанӡа иарахьы иадҵаалахьеит 100 ҭаацәарак, зҭахцәа 1942 шықәсазы Керч амҵан еибашьуаз.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" иалнаршахьеит Аԥснынтәи аибашьра иалаӡыз рҭаацәарақәа 230 рыԥшаара. Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар инапынҵала ареспублика араионқәа зегьы рҿы аҭыԥантәи амилициа Аибашьра ду аан хабарда ибжьаӡыз рсиақәа ргәаҭара иаҿуп, рыуацәеи рҭынхацәеи шьақәдыргылоит.

Азеиԥштәылауаҩтә ԥшьгамҭа "Ахьӡ архынҳәра" анемец фашист концлагерқәа рҿы иҭахаз рыԥшаара иазырхоуп, ацхыраара рнаҭоит зыуа-зҭахы рыԥшаара иашьҭоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0