АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik. Аҳҭнықалақь зегь аҟны, Гәлиа имҩаҿы игылоу ахатәы ҩнқәа рҿада, ӡыла реиқәыршәаразы аусурақәа хыркәшоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ахадара Анхарҭа-коммуналтә усбарҭа адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
"Гәлиа имҩаҿы ахатәы ҩынқәа аус рыдырулоит абригадақәа ҩба. Урҭ руак Гәлиеи Воронови рымҩақәа рҽахьеиԥыршьуа иааихьеит, егьи – Чачба имҩаҿынӡа. Ахатәы ҩынқәа ақалақь ахадареи анардадаҩы ихарџь алеи аӡымҩангагақәа ирԥыршьуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла аҩнқәа рыԥшәмацәа заанаҵы адырра рыҭан аремонттә усурақәа мҩаԥысраны ишыҟоу азы.
Аҩӡба иҳәеит уаанӡагьы аремонт ҟазҵоз ари анардадаратә еиҿкаара шакәыз, ахатәы ҩынқәа ракәзар, ауаа рхала аҵеџьқәа рҟынтәи рыҩныҟақәа аӡцәаҳәақәа шнаргоз. Уажәы иҟоу аҭагылазаашьеи аныҳәа ааигәахареи инарыдҳәаланы ари аус азы ахарџьқәа реиҳарак ақалақь ахадара ахахьы иагеит.
"Иҟоуп атәанчаҩцәа, зылшара ԥку, убри азы ақалақь ахахьы иагоит асеиԥш иҟоу ауаа аӡы роуа аҟаҵара", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит ҩнеихагылақәак рҿы аӡы ахалара шацәыуадаҩу, аха уи лассы аҭыԥ ишықәҵахо.
Аӡымҩангагагатә цәаҳәақәа рыԥсахреи урҭ амагистралтә ҳақәа реиԥшьреи рзы аусурақәа ирылаган ԥхынҷкәын 20 рзы. Ԥхынҷкәын 21 азы ихдыркәшараны иҟан.
Аӡымҩангагақәа рышьҭаҵареи реиԥшьреи анапы ианын анардадатә еиҿкаара "Астория-Аквасервис". Аусура мҩаԥыргон 70-ҩык аҟазауааи 30 ак атехника ҷыдеи. Ус шакәызгьы аусурақәа зхыркәшамхеит. Ақалақьуаа хымш ӡыда иҟан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Сурманиӡе Аҟәа аӡымҩангагақәа рыԥсахразы: иус мариам, амҽхак ҭбаауп
-
Аҟәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵараз ахыркәшаратә усурақәа ирҿуп