Пиотр Штеин иаԥҵамҭа "Акыр иаԥсоу Памелла" аҟны Жәлар рартист Виолетта Маанԥҳа ахаҿсахьа хада налыгӡоит. Ақәыргыламҭа арежиссиорс дыҟоуп Адгәыр Ақаҩба.
"Нодар Виктор-иԥа Ҷанба даныҟаз (Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсуа театр напхгара азҭоз - аред.) есымша дсазҵаауан, исгәаԥхо апиеса ҟалар, ма арежиссиор џьара акы иԥшаар, сақәшаҳаҭхару ҳәа. Ҵыԥх сиубилеи аан акы ҭҳажьыр ҳҭахын, аха иаҳзеиҿымкааит. Ааигәа аҭел дысзасит Адгәыр Ақаҩба, исеиҳәеит игәаԥхо пиесак алхны ишимоу. "Иара апиеса хынтәҟа иқәсыргылахьеит, аха уамашәа исҭахуп Аԥсуа театр аҟны ақәыргылара. Баԥхьар, ибгәаԥхозар, бгәаанагара еилыскаар сҭахуп", - ҳәа сеиҳәеит. Апиеса-акомедиа уамашәа исгәаԥхеит. Уаанӡагьы иансазҵаауаз, быхәмарыр абабҭаху ҳәа, исҳәон даара илашоу пиесак ҳәа. Даара акырҵуеит асценахь сымцәырҵижьҭеи, исҭахуп сыуаажәлар сыргәырӷьартә, рыԥсҭазаара хәыҷык еиӷьны иҟасҵартә еиԥш аҭагылазаашьа соурц. Иара убас иагьыҟалеит", - лҳәеит Маанԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Виолетта Маан: "Аҳәынҭқар ҟьантаз" аҿы ахәмарра сара схы-сгәаҿы инхеит
-
Корсаиаԥҳа Виолетта Маан лзы: асцена лшьа-лда иалоуп