АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 525-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 104-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Аҵыхәтәантәи ҩымш рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа.
- 1954 шықәса рзы ииз аԥҳәыс ахәышәтәырҭахь днаган ԥхынҷкәын 23 рзы адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц - ихьанҭоу аформа" лыманы. Илзымҩаԥыргоз ахәышәтәра иахьмырԥшкәа, лара лыԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 26 уахынла.
- 69 шықәса зхыҵуаз ахаҵа ԥхынҷкәын 8 рзы ахәышәтәырҭа дҭашәеит адиагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц" иманы. Изымҩаԥыргоз ахәышәтәра иахьмырԥшкәа, иара иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 26 ашьыжь.
- 1946 шықәса рзы ииз ахаҵа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 27 рзы. Иаразнак иахәҭаз амедцинатә цхыраара ширҭазгьы, убри аҽныҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит аклиникатә диагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц" иманы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 90-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 82-а акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 31-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 46-ҩык.
Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 40-ҩык пациент. 35-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>