Аныҳәатә режим ала: Аԥсны АҶА, ААР, "Амшынеиқәафымцамч" аныҳәазтәи русура

© Sputnik Милиция МВД
Милиция МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА, ААР аныҳәамшқәа рзы русуратә режим азырхоуп ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаара, иҷыдоу џьара машәырк аԥырҟәҟәаара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи иааиуа амшқәа рзы иҷыдоу арежим ала аус рулоит ҳәа Sputnik иазаанацҳаит аусбарҭақәа рыпресс-маҵзурақәа.

"Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала "Аԥсны ААР аппарат хада, атранспорттә усбарҭа, аҩнуҵҟатәи аусқәа ақалақьтәии араионтәии ҟәшақәа 2020 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2021 ажьырныҳәа 11 рҟынӡа иҷыдоу амаҵзуратә режим ахь ииагахоит", - ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Адырраҭараҿы ишаҳәо ала, аныҳәамшқәа рзы аусуратә режим ҷыда азырхоуп ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаара, иҷыдоу џьара машәырк аԥырҟәҟәаара.

Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" аштаттә режим ала аусура мҩаԥысуеит.

Вечерний Сухум - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь ахада аныҳәамштә банкетқәа рымҩаԥгара азин ҟаиҵом

"Ари амш азы асменақәа рҿы игылоу зегьы аштаттә режим ала аус рулоит. Авариатә маҵзурақәа зегьы азыхиахоит ак ҟалар, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны ԥхынҷкәын 31, ажьырныҳәа 1 рзы аусбарҭа агәыԥқәа хаҭәаахоит амцарцәаратәии аиқәырхаратәии резервтә техникала.

"Абылрақәа раԥырҟәҟәааразы ауснагӡатә цҵақәа мҩаԥгахоит, ашәарҭадаратә ҭахрақәа шынагӡоу ахылаԥшра аҭахоит, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥырҟәҟәаара азыԥхьагәаҭахоит", - ҳәа аҳәоит аусԥҟа апунктқәа руак.

Аусԥҟа анагӡараз аҭакԥхықәра рыдуп Аԥсны АҶА аҟәшақәа рнапхгаҩцәа.

Уаанӡа аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭахьан аепидемиологиатә ҭагылазашьа иаҿырԥшны амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи рыбжьара ишалшо ала авирус аламырҵәараз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргароуп ҳәа.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит аныҳәаламҭалатәи ауснагӡатәқәа зегь шаԥихыз, итрадициатәу аныҳәатә банкет инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0