Аԥсны аоперштаб: COVID-19 злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, 112 хҭыс ҿыц

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова
Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8675-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6786-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 113-ҩык.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 538-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 112-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа.

1959 шықәса рзы ииз ахаҵа ахәышәтәырҭахь днаган ԥхынҷкәын 28 рзы акыр иҭагылазаашьа уадаҩны. Иахәҭаз амедицинатә цхыраара ширҭазгьы иԥсҭазаара далҵит аклиникатә диагноз "акоронавирустә инфекциа ҿыц" иманы.

64 шықәса зхыҵуаз ахаҵа ԥхынҷкәын 17 рзы ахәышәтәырҭа дҭашәеит адиагноз "зыхәышәтәра хьанҭоу аполисегментартә гәыҵәкра" иманы. Изымҩаԥыргоз ахәышәтәра иахьмырԥшкәа, иара иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 28 рзы. Изышьақәырӷәӷәан акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 96-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 85-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 29-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 45-ҩык.

Аҟәатәи амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 40-ҩык пациент. 36-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0