Аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реиқәшәараан аԥсшьарамшқәа ииагахоит:
- Ажьырныҳәа 2 (асабша) - ажьырныҳәа 4 (ашәахьа) ахь
- Лаҵара 1 (асабша) - лаҵара 3 (ашәахьа) ахь
- Лаҵара 9 (амҽыша) – лаҵара 10 (ашәахьа) ахь
- Лаҵара 23 (амҽыша) – лаҵара 24 (ашәахьа) ахь
- Нанҳәа 28 (асабша) - нанҳәа 30 (ашәахьа) ахь.
Аныҳәамшқәеи аусутә мшқәеи ирманшәаланы ахархәаразы аҩаша, ажьырныҳәа 5 ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 16 рахь.
Амшаԥымш амҽыша, лаҵара 2 иахьақәшәо азы аҩаша, лаҵара 4 усуратә мшымкәа ишьоуп.
Аныҳәатә ԥсарамшқәа рахь иара убас иаҵанакуеит – Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш ныҳәа март 8, Аиааира ДУ амш мшаԥы 9, Симон Кантәи имш ныҳәа – мшаԥы 23, Аԥсны азхаҵара амш – нанҳәа 26, Аиааира амш –цәыббра 30 амҽыша иахьақәшәо аҟнытә, жьҭаара 1-ԥсшьарамшуп. Абҵара 26 – Аԥсны Аконституциа амш- убасгьы ԥсшьарамшуп.
Аныҳәатә, аха усуратә мшны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит: Амедицинатә усзуҩ имш, Аргылаҩцәа рымш, Асовет мчра ашьақәыргылара амш – хәажәкыра 4. Иара убас аныхәатә мшқәа рахь иаҵанакуеит – мшаԥы 14 Аԥсны аҳазалхратә усзуҩцәа рзаанаҭтә мшы, ԥхынгәы 23- Абираҟ амш, нанҳәа 15- Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш, жьҭаара 11 – Аԥсны Арбџьармчқәа рымш, жьҭаара 30- Аҭҵаарадырра амш.
Агәалашәаратә усуратә мшқәа ҳәа иазгәаҭоуп: Кавказ аибашьра иалаӡыз – мшаԥы 21, Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз – нанҳәа 14, Аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз ргәаладыршәоит – жьҭаара 30, Иԥшьоу Апостол Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ — ԥхынҷкәын 13, Лаҭа иҭахаз ргәалашәара амш — ԥхынҷкәын 14 рзы.