Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Семион Михаил-иԥа Адлеиба Аԥсуа радиоҟны ибжьы ирлас-ырласны иуаҳауан, уи дызлацәажәозгьы аинтереси актуалреи рыман. Иара Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ахыҵхырҭаҿы дгылан. Қәҿиарала инаигӡоз ижурналистикатә усура зыдҳәалоу, раԥхьаӡа иргыланы, ахәыцреи, аинформациа аус адулареи роуп. Семион Михаил-иԥа иааинырсланы, обиективла адырраҭарақәа ҟаиҵон, ихатә гәаанагара ауаа ирыхьынмырҳалакәа. Иара изныкымкәан аредактор имаҵура идыргалахьан, аха иара излаиҳәо ала арепортиор иус еиӷьу ыҟам.
"Сара схаҭа схы саԥшәымоуп. Ауаҭахқәа ирыҩнатәаны аус зуа среиуаӡам, иагьсызныҟәгом уи анапынҵа. Арепортиори аредактори еиҿурԥшуазар, арепортиор еиҳа ихы дақәиҭуп, ҭыԥк аҟны дтәаны аус иуӡом аредактор иеиԥш", - ҳәа иҳәоит ажурналист.
Семион Адлеиба дрызҿлымҳан атуризм, аҭоурых, архитектуратә баҟақәа ирызку аматериалқәа. Дахьымнеиц ҭыԥк Аԥсны иҟаӡам, аспециалистцәа ирзымдыруа абаҟақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа идыруеит.
Аамҭаказы екскурсиамҩаԥгаҩыс аус иуан. Амш актәи азбжазы арепортаж ирхиауан, ашьыбжьышьҭахь аекскурсиатә гәыԥ иманы амҩа дықәын Афон ҿыц ма Риҵаҟа. Семион Адлеиба дреиуоуп раԥхьаӡакәны Аԥсны еиҿызкааз аспелеологцәа ргәыԥ аԥшьгаҩцәа, х-нызқьынтә аҳаԥқәа рҭалара еиҿикаахьан.
"Сара сзы абарҭ аҩ-заанаҭк ԥсшьаран", - иҳәоит ажурналист.
Иара игәалашәоит Аԥсуа радио аредактор хада Артиом Амқәаб раԥхьаӡакәны адҵа иҭаны данишьҭуаз. Усҟан Ростовынтәи Аҟәаҟа иааргеит аӡынрахгаразы азоопарк аҟынтәи агыгшәыгқәа. Ҿыц аусура иалагаз акорреспондент идырҵеит ахәыҷтәы дырраҭара "Аԥсны апионер" азы агыгшәыгқәа рыбжьы анҵара.
Уи атәы дазааҭгыло, ажурналист Семион Адлеиба игәалашәоит:
"Исиҭеит "арепортиор", усҟантәи аамҭазы иҟаӡамызт адиктофонқәа. "Арепортиорқәа" аа-кьылак рҟынӡа ркапануан. Избоит иҭаку агыгшәыгқәа. Аха схазы еилыскаароуми иарбақәан урҭ: уа иҟоуп Африкатәи алымқәа, Австралиатәи астраусқәа. Адиректор аброшиура сиҭан, урҭ зегьы закәыз еилыскааит. Амикрофон наҿаскын, авольер сназааигәахан, ацәажәара сналагеит - ари агыгшәыгқәа реиҳабы алым шакәу, нас егьырҭ агыгшәыгқәа, агиенақәа шракәу. Амикрофон ааигәара ианназга, абжьы ҭганы ихәааит. Егьырҭгьы снарзааигәахо, рыбжьқәа рынҵара саналагеит. Абас мацара хәлаанӡа аус зуан. Нас аԥшаҳәаҿы атекст еиқәсыршәон", - ҳәа игәалаиршәоит ажурналист.
Семион Михаил-иԥа Адлеиба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара даветерануп, Жәлар рфорум "Аидгылара" далахәын. Иара Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шш. раан аус иуан Аԥсуа радио аредакциаҿы, имаҷымкәа ианиҵахьан аиҿцәажәарақәеи арепортажқәеи аибашьра адәаҟынтә. Иара ирадиодырраҭарақәа реиҳарак Аԥсуа радио ахьтәы фонд ахыԥхьаӡараҿы иҟоуп.
Адлеиба Семион Михаил-иԥа ианашьоуп аорденқәа "Агәымшәарази" "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Адлеиба игәалаиршәеит Аԥсуа радио аҿы раԥхьатәи ианҵамҭа шыҟаиҵоз