Аҳақьым еиҭеиҳәеит Гагра алифт ашахта иҭаҳаз аҷкәын иҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра 16 шықәса зхыҵуа аҷкәын зыргылара хыркәшам аҩнаҿы алифт ашахта дҭаҳаит ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы. Убри аҽны иара Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3-Sputnik, Сариа Кәарцхьиа. Гагра алифт ашахта иҭаҳаз 16 шықәса зхыҵуа Николаи Архипов, иҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аҷкәын дызхәышәтәуа аҳақьым Олег Оҭырба.

"Иҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп. Дыӷәӷәоуп. Амҩа дықәугалартә дыҟаӡам", - иҳәеит Оҭырба.

Амашәыр иақәшәаз аҷкәын иан Елена Лысак Краснодарҟа дылгарц лгәы иҭоуп иҭагылазаашьа маҷк еиӷьхар, амҩа дықәугалар алшо ианыҟалалак. Иара убас лара илҳәеит ирыхьыз арыцҳара згәы иалсыз ауаа рҭаацәа ирыцхрааразы, аҷкәын ихәышәтәразы асоциалтә ҳақәа рҿы аԥареизгара ишалагаз.

"Аӡәырҩы аҭел иасуеит, иаҳзырыҩуеит, иааиуеит. Афонд "Барақьаҭ" абзоурала имаҷымкәа аԥара еизганы иаҳзааргахьеит. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҳзықәшәаз амашәыр згәаҿы инаганы, хьаас ҳҟазҵаз, ацхыраара ҳазҭаз зегьы", - лҳәеит аҷкәын иан.

Гагра 16 шықәса зхыҵуа аҷкәын зыргылара хыркәшам аҩнаҿы алифт ашахта дҭаҳаит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит ахәаша, ажьырныҳәа 1 азы.

Аҷкәын ихәдаџьали агәышԥы иахьаҵанакуа ибӷашшареи ԥҵәоуп, ихшыбаҩ ааха амоуп.

Иара уҩас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0