Ермантәыла ирыланаҳәеит Ҟарабах ишҭахаз х-нызқьҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНагорный Карабах во время обострения конфликта
Нагорный Карабах во время обострения конфликта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа цәгьахеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Ермантәыла агәабзиарахьчара аминистр апресс-маӡаныҟәгаҩ Алина Никогосиан ирылалҳәеит Ҟарабах ишҭахаз х-нызқьҩык ауааԥсыра, цәыббра 27 инаркны абҵара 9-нӡа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости

"Ажьырныҳәа 1 азы иҟоу адыррақәа рыла аӡбара-медицинатә ҭҵаарақәа ирхыжьуп 3330 ԥсыбаҩ (Ҟарабах иҭахаз-аред.). Рхаҭарақәа рышьақәыргыларазы 1441 анализ гоуп, аҭҵаарақәа ирхысуеит 871", - абри атәы лыҩуеит Никогосиан Facebook лдаҟьаҿы.

Лара лажәақәа рыла, рхаҭарақәа шьақәыргылан 436 ԥсыбаҩ, 66-аҵыхәтәантәи жәамш рыла.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан. Убас, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачинтәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит. Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачинтәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0