Аԥсны АҶА: Мҵара ақыҭан иҟоу амцакра ауаа рынхарҭақәа иаԥырхагам

© Sputnik / Яков Андреев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТушение лесных пожаров в Томской области
Тушение лесных пожаров в Томской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 1 аахыс аҳаскьын ҩа абылра иаҿуп Гәдоуҭа араион Мҵара ақыҭан. Амца ахьаку абнараҿынӡа амцарцәаҩцәа зымнеит- уахь анеира ахьыуадаҩу иахҟьаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 4-Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭа араион Мҵара ақыҭан иҟоу амцакра ауаа рынхарҭақәа иаԥырхагам. Абри атәы рҳәеит Аԥсны АҶА анапхараҭаратә центр аҟны.

Лесные пожары  - Sputnik Аҧсны
Мҵара ақыҭа иахьаԥну абна амца акит

"Анеира ахьыуадаҩу иахҟьаны амцарцәаҩцәа ртехника рыманы аҭыԥахь изнеиуам, аха аусзуҩцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит. Дара азыхиоуп амца аҿагылара ауаа рынхарҭақәа ирзааигәахар",- азгәарҭеит Аԥсны АҶА аҟны.

Амцарцәаҩцәа амцакра аҵакыра рзышьақәыдмыргылеит, аха ирҳәоит абылра иаҿу аҵлақәа ракәымкәа аҳаскьын ҩа шаку.

Аԥсны АҶА анапхараҭаратә центр аҟны ирҳәеит абна абылра ишаҿу Гәылрыԥшь араион аҿгьы. Амцакра аҵакыра шьақәыргылам. Иазгәаҭоуп, иҟоу амцакра ауаа рынхарҭақәа ишаԥырхагам.

Уи аԥхьа Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рҿы иҟаз амцакра иааидкыланы 45 гектар аҵанакуан. Ԥшьымш рышьҭахь амцакра ырцәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0