"Аибашьра сыԥхыӡ иалоуп": Ҭенгьиз Бганба Ианвартәи ажәылара игәалаиршәеит

© Sputnik / Саида ЖибаТенгиз Бганба
Тенгиз Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Ианвартәи ажәылара. Маҟҿаҳәаранӡа иауз асы ишԥынгыла духазгьы, ҳар Аҟәа аҭарцәра рҽазыршәеит. Ажәылара иалахәыз аветеран Ҭенгьиз (Заза) Бганба еиҭеиҳәеит уи иацыз ауадаҩрақәеи шьҭахьҟа ихьамҵыр шамузи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҭенгьиз Бганба аибашьра иалагаанӡа, Гагра "Акурортторг" аҿы аус иуан. Усҟантәи аҭынч аамҭазгьы аԥсуа хацәа рхәыцрақәа ирылан ԥхьаҟа аибашьра иалагар шалшо. "Ҳаишьцәоуп" ҳәа зыбжьы рдуны изҳәоз ақырҭцәа ҵаҟа-ҵаҟала аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥыргоз лымҳаҭасла ираҳахьан.

Переход реки Гумиста - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы ианвартәи ажәыларазы: игәыҭшьаагахеит

"Аԥсуа гвардиа иалаз ҳашьцәеи ҳҩызцәеи рҟынтә иаҳдыруан иахьа-уаҵәы ақырҭцәа ҳажәлар шыҟало. Бџьарла ҳаиқәшәамызт, аха моралла ҳазыҟаҵан. Амала акурорттә аамҭа ианашыкьымҭаз абри аҩыза агыгшәыгра аадырԥшуеит ҳәа ҳаҟамызт. Исгәалашәоит нанҳәа 14 аҽны, 30-ҩык рҟынӡа Гагратәи аҿар амшын аԥшаҳәаҿы ҳаԥсы шаҳшьоз, аԥсуа гвардиа иалаз ҳҩыза ҷкәын Ашот Атиан "аибашьра иалагеит" ҳәа адырра шҳаиҭаз. Ҳагәҭа иҟаз ақырҭцәа ирцәымыӷхан "ҳара ҳақәҵаны ҳцоит, абџьар ҳкӡом" рҳәеит. Уи анаҩс иҟарҵазгьы сыздыруам. Егьырҭ ҳаибарыҩуа араион ахадарахьы ҳдәықәлеит", - аибашьра раԥхьатәи амш далацәажәоит Ҭенгьиз Бганба.

Адырҩаҽны Цандрыԥшь ақырҭуа десант анӡхыҵ, Ҭенгьыз уантәи Гаграҟа дааит уи аиҿыхара ацхырааҩцәа адиԥхьаларц. Аха абџьар азымхара иалнамыршеит аӷа иаанкылара. Ус аибашьратә цәаҳәа Ԥсахара аҳаблан ишьақәгылеит.

Адгәыр Басариа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Басариа игәалаиршәеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ианвартәи ажәылара атәы

Ҭенгьыз Бганба Беслан Цкәуа икомандаҟаҵарала Ешыраҟа дцеит. Шықәсыбжак иназынаԥшуа ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара далахәын. Шамиль Басаев игәыԥ Шрома ақыҭа ианалаха, ацхыраара арыҭаразы идәықәҵаз аибашьцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан.

"Ҳаибашьцәа аӷа имацәаз иҭакын. Леван Миқаа икомандаҟаҵарала ацхыраара раҳҭар акәын. Абџьари аџьаԥҳани рнаҩс, афатә-ажәтәгьы ҳаҵан. Сара ааҵәак ача сҟәаҟәа иқәҵаны изгон", - иажәа иациҵоит аветеран.

Ҭенгьиз Бганба Ешыратәи ахырӷәӷәарҭаҿы дшыҟаз ауп ажьырныҳәа 5 рзы Аҟәа агаразы ажәылара ишдәықәло шыӡбахаз. Ашарԥазы, Амиран Берзениа икомандаҟаҵарала, Ҭенгьиз Бганба дызлаз, аиҳарак  Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа реибашьцәа ҩышәҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ, "Ацҳа кнаҳа" аладахьы Гәымсҭа аӡиас ируа иалагеит. Аха уи аамҭазы аӷацәа ажәҩан ахь иршьҭуаз алашарбага зцыз арҭҟәацгақәа иднарбеит аԥсуаа ажәылара ишалагаз.

Леон иорден занашьоз Амиран Берзениа - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә хшыҩи, алидертә ҟазшьақәа змаз аибашьҩы - Амиран Берзениа

Амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҩаԥхьа ҳар хьаҵыр акәхеит. Аӡиас ирыз ҳаибашьцәа аӷацәа иҭҟәаны иргеит, адырҩаҽны ишьны рыԥсыбаҩ аԥсуа ган иарҭеит. Гәымсҭа аӡиас шьҭахьҟа ирыз ракәзар, асы рҽылакәаҳаны рхы рзышьҭымхо шьыжьы инаркны хәлаанӡа илаиан ахымца рҽацәырыхьчарц.

"Ари иманшәаламхаз ажәылара даара ҳгәы канажьит, аха аӡәызаҵәык иабџьар шьҭаимҵеит, уимоу аӷа иахь ацәымыӷра еиҳагьы иӷәӷәахеит, иаҳцәыршьыз ҳашьцәеи ҳҩызцәеи ршьа ауразы иҳахон. Исымҳәарц залшом, Ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь, аҽны хәлаанӡа асы изылымҵыз ҳаҷкәынцәа агәамбзиарақәа шроуз. Уи иахырҟьаны аибашьра ашьҭахьгьы игәаҟуаз рацәаҩын", - ҳәа азгәаиҭоит аибашьҩы.

Ианвартәи ажәылара ашьҭахь, Ҭенгьиз Бганба аҩежьра чымазара ихьуеит. Аҩны иҽахьынӡаихәышәтәуаз Амиран Берзениа игәыԥ ахатәгәаԥхаҩцәа рыла ихарҭәааны Мрагыларатәи афронт ахь иманы дыԥроит.

Агәымшәараз амедал занашьоу Ирина Папԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Ирина Папԥҳа: ианвартәи ажәылараан иҭархаз аибашьцәа хашҭра рықәым

"Сшьапы санықәгыла, Ешыратәи ахырӷәӷәарҭахь сгьежьит, аха агәыԥ Мрагыларатәи афронт ахь иԥрит, урҭ ирыццеит Гагратәи сҩызцәа Заур Демерџьиԥеи Игорь Аргәыни. Рацәак исҭахымызт, аха аамҭак азы аерманцәа рбаталион ахь сыиасыр акәхеит. Урҭ сышрыцыз аконтузиа соуит, сааигәара иԥжәаз арҭҟәацга сцәеижь аблит. Ҩаԥхьа схы сақәгәыӷратәы саныҟала, Роман Аҩӡба командаҟаҵаҩс дызмаз 1-тәи аԥшыхәратә гәыԥ сахәҭакны Аҟәа ахырхарҭахь "Учхоз" ала ҳдәықәлеит. Аиааира саԥылеит Аҟәа, "Ацҳа ҟаԥшь" аԥхьа. Арҭ ахҭысқәа раахыс сынтәа 28 шықәса ҵуеит, аха лассы-лассы сыԥхыӡ иалоуп, илабҿабоу џьышьа егьараан сцәырҳаны сҿыхахьеит", - иеибашьратә мҩа далацәажәоит аветеран.

Ҭенгьиз Бганба убас дрылахәын Марттәи, Шроматәи ажәыларақәа. Аибашьра ашьҭахь иара Гагра араион Аинвалидцәа рассоциациа аиҿкааҩцәа дреиуан, ихаҭа II агәыԥ аинвалидра имоуп. Иахьа Ҭенгьиз Бганба аус иуӡом, аҩны дыҟоуп, диааӡоит жәашықәса зхыҵуа аԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0