Аҳәынҭқарратә хшыҩи, алидертә ҟазшьақәа змаз аибашьҩы - Амиран Берзениа

© Фото : Mziia BerzeniiaЛеон иорден занашьоз Амиран Берзениа
Леон иорден занашьоз Амиран Берзениа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра мраҭашаратәи ахырхарҭа Гәымысҭатәи афронтаҿы Ешыратәи аҩбатәи абаталион аиҳабы Леон иорден занашьоз Амиран Берзениа ԥсабарала деибашьҩын, аибашьцәа дрԥхьагылан. Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа иҟалҵаз анҵамҭаҿы ицеибашьуаз иҩызцәа ихцәажәоит.

Аибашьра ианалага аԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥхьа дгылан Леон иорден занашьоу, ар ираԥхьагылоз Амиран Берзениа. Аибашьра ианалагаз раԥхьатәи афронтқәа, ахрыӷәӷәарҭақәа еиҿызкаауаз Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкиа дивагылан иара.

Аибашьра зақәыз шизымдыруазгьы, уи иаразнак иныԥшит агәаӷьи агәамчи шилаз. Аиқәырхара, ахьчара зҭаххаз идгьыл-иԥсадгьыл иҵанаҳәазар акәхап иҟаҵатәыз. Ирҳәоит агәымшәара илаз убри аҟара иӷәӷәан иааигәара иҟаз зеьы уи агәыӷра ӷәӷәа рнаҭон ҳәа.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш - Sputnik Аҧсны
Рауль Смыр Марттәи ажәылара иазкны: ақалақь ҳалаԥшуа ҳгылан

Аибашьра ианалагаз иҟаҵатәыз здыруаз даара дмаҷын аха, Амиран иидыруаз маҷӡамызт, иаразнак иааигәара иҟаз идирҵо далагеит артҟәацгақәа рыҵаҵашьа, ахрыӷәӷәарҭацәа рҿы ахымҩаԥгашьа уҳәа аибашьра иадҳәалоу акәамаҵамақәа рацәаны.

Иара есымша аибашьцәа рааигәара дыҟан, дрывагылан, дрыцхраауан, аибашьцәа ахьеилкаатәызгьы еилыикаауан, дырзааигәан. Арратә дҵа иҭаны аӡәы аибашьра адәахьы данашьҭуаз иара есымша идыруан уи аӡәы дшиԥоу, аӡәы дышиабу, иҟалон заҵәы аниакәызгьы адҵа анидиҵоз, иҵаиҳәон дилабжьон ихы шыихьчаша азын.

Ажәакала зегьы аӡәаӡәала дрыхӡыӡаауан. Иара иаҵкьыс иеиҳабацәаз аибашьцәа иҿырҵаауаз рацәан. Дахьыҟазаалакгьы зегьы ирылукаауаз иуаҩра ҳаракы ақәын. Иҩызцәа даныргәаладыршәо ирҳәоит: "егьа иаҳцәыцәгьазаргьы зегьы раԥхьа игылоу, зегьы ирыцку аиааира агароуп — аиааира ҳгароуп хәа ихәон есымша", ҳәа.

Аамҭа еиҳа-еиҳа инаскьанагоит аибашьра амшқәа. Аха уи иннажьыз ахьааи ахәрақәеи ӷьашьа рымаӡам. Урҭ ахәрақәа иҵауланы рҽыҵәахны ирынхаланы иҟоуп аибашьцәа рҭынхацәа рыгәқәагьы.

Амиран Берзениа хаҵаҵас аҟазшьа ӷәӷәа иман, илеишәагьы мариамызт, аха ицеибашьуаз иҩызцәа зегьы бзиа дырбон. Избанзар иаргьы зегьы аӡәаӡәала дасу ихатәы знеишьа мҩала дырзыҟан, бзиа ибон еилых ҟамҵакәа. Аибашьра изҭаргылан иамаз азын ирыцҳаишьон.

Мушни Хварцкия - Sputnik Аҧсны
Ԥсабарала, шьала-дала иеибашьҩыз - Мушьни Хәарцкьиа

Иара драԥхьагылон ажәыларақәа рахь ианцоз, аха шамахамзар ауаа ҭаирхомызт, иахьынӡауаз ируаа еиқәырханы дгьежуан. Иара дашьҭан, иеибашьцәа еиқәырханы иус ахьынӡаизынагӡо есымша. Амиран Берзениа напхгара азиуан мраҭашәаратәи ахырхарҭа Гәымсҭатәи афронтаҿы Ешыратәи аҩбатәи абаталион.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы еибадырит, анаҩс Амиран ибаталион далан Ахра Бжьаниа.

Амиран даара дуаҩы џьашьахәын. Иара ихаҵара даҽаӡәы иеиԥшымызт аӡәгьы диалаҩашьаӡомызт. Амиран дреиуан ахәынҭқарратә хшыҩ змоу ауаа ҳәа иԥхьаӡоу. Иара зегьы дрылукаауан, ԥшрала-сахьалагьы аӡәгьы дилаҩашьаӡомызт. Иара иԥшреи-исахьеи змоу ауаа аԥсҭазаараҿы имаҷны иуԥылоит.

Иаре дреиуан ауаажәларратә усқәа зхатә усқәа раԥхьа изыргылоз зыԥсҭазаараҿгьы, зхәыцраҿгьы, зус аҿгьы. Сара исгәалашәаӡом аибашьра ашьҭахьгьы ҳанеибабалакь иажәа далаго даҽа темак ала есымша ихадараз, даара ихадараз уаажәларратә уск ала далагон ицәажәара.

Уи аполитика ду иазкызар ауан, уи арратә ус дукәа ирызкызар ауан, асациалтә усқәа ирызкызар ауан. Абарҭқәа аԥхьа игылан иара изы есымша. Аха ус ишыҟазгьы иара амаҷгьы гәаиҭон. Иҭаацәа нцәахәык еиԥш акәын дшырзыҟаз. Аҩызцәа рҿы дҩыза дуун, игәы иалан иҩызцәа рыпроблемақәа зегьы. Иара ихатәызшәа идикылон. Егьа ҟаларгьы уиқәгәыӷыртә дыҟан ианакәызаалакь. Аӡә ихьаа иара ихатәызшәа идикылон. 

Амиран даара иӷәӷәаз хаҵан, ахаҵа ҟазшьагьы иман. Азҵаарақәа рӷәӷәаӡаны иқәиргылон. Дызусҭазаалакь длеиҿагылан аиаша иеиҳәон. Аха уи аҩыза аҟазшьа ацәыргара ахьаҭахымыз уаҟа иуаҩышьа ԥшқан.

Маврик Начҟьебиеи иҷкәыни. - Sputnik Аҧсны
Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл

Амиран ԥсабарала ар раԥхьагылаҩ иҟазшьақәа иман. Аха иара игәымбылџьабараз ар раԥхьагылацәа дреԥшӡамызт. Иара, зегь раԥхьа ауаҩы дидгылан, дизхәыцуан. Арратә хыдҵақәа рынагӡарақәа зегьы рҿы ауаҩы иԥсҭазаара дагәылаԥшны иахьынӡауа ихьчаны инаигӡон.

Амиран иахьа иҩызцәагьы дҳагуп, Аԥсынгьы дагуп, ажәларгьы дрыгуп. Иара зегь рыла алидертә ҟазшьақәа иман. Аибашьра анцоз зны ҳазегьы ҳаицны Лыхны сан лҿы ҳнеит. Сан лаҳәшьа Ҭамара Шьаҟрылԥҳагьы уа дҟан. Знызынла исазҵаалон уҩызцәа зусҭцәада ҳәа, саргьы ирасҳәолон. Аҩны ҳаннеи азал аҿы итәан зегьы.

Амиран шәҟәык иԥшаан ашьшьыҳәа дтәаны даԥхьон. Сан лаҳәшьа дҩналан зегьы аԥсшәа ралҳәеит, дрыхәаԥшиит. Дандәылҵ ус лҳәеит: "Абри аҷкәын аԥшь иоума шәара шәԥыза" ҳәа. Знык санынеиҿаԥшы иаразнак иеилыскааит лҳәеит. Убас, иаразнак дрылукаауан. 

Зегьы еицырдыруеит аибашьраан ирхәҭа драԥхьагылан иҟаиҵаз. Аха ианвартәи ажәылара ашьтахь иеиҿкааз адесанттә баталион напхгара азиуан иара. Дара алахәын марттәи ажәылара. Ари ажәылара ҳаруаа ишырҭахыз ианрықәымҿиа ашьҭахь ари абаталион иалырхит аԥшыхәратә гәыԥ. Ари агәыԥ иманы Амиран 1993 шыкәса рашәарамза хԥа рзын Мрагыларатәи аибашьратә хырхарҭахь диасит. Аибашьра нҵәаанӡагьы уа иҟан дара.

Игорь Хеция. - Sputnik Аҧсны
Игор Хьециа: гранатак-гранатак ҳхазы иҵәахны иҳаман

Амиран Берзениа аибашьра адәаҿы ицназгоз дмаҷын. Уи илаз афырхаҵара анаҩсангьы иуаҩра ҳаракын. Иара изын ишаҳҳәз еиԥш ажәлари иԥсадгьыли рус зегь раԥхьа игылан. Зехьынџьра ишьҭамҭа цқьан. Ас иҟаз ауаа аибашьраангьы рхыԥхьаӡара рацәамызт. Ицеибашьуаз аӡәгьы иара ииҳәоз дацәхьаҵуамызт, зегьы аӡәк еиԥш ииҳәоз нарыгӡон. 

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны зыжәлар рыгәҭа игылаз, архәҭа ираԥхьагылаз Амиран Берзениа дахьӡеит аиааира, Аԥсны Ахақәитра ибеит, инырит уи иацыз агәырӷьара.

Аибашьра ашьҭахь иара аус иуан Ашәахтә маҵзураҿы, анаҩс Аҳазалхратә еилакы аҿы. Аҭынч ԥсҭазаараҿгьы иара игәы иҵхоз ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рҭагылазаашьа аиӷьтәра акәын. Иара деиқәхеит аибашьраан. Аха машәырла дҭахеит 2001 шықәсазы имаҵуратә уалыԥшьа нагӡаны дшаауаз амҩаҿы. Усҟан иара 37 шықәса ракәын ихыҵуаз.

Ирацәаӡан иҟаиҵахьаз ҳажәлари ҳаԥсадгьыли русқәа реиҿкаареи рымҩақәҵареи рҿы. Иара иахьатәи ҳаԥсҭазаара даара иаҭахыз, ҳамҩақәызҵашаз, амҩа иаша ҳзырбашаз ауаа дреиуан. Аха ус иҟоу ауаа измааноу здырхуада, ирласны иццакны ари адгьылтә ԥсҭазаара аанрыжьуеит, изыхҟьо Анцәа ду иоуп издыруа. Уи амаӡа адырра ҳара иҳанашьамзар акәхап.

Ажәабжьқәа зегьы
0