Атуристтә дәыӷба "Шәача" Роза Хуторынтәи Гаграҟа мшаԥы нҵәаанӡа иныҟәалоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовый туристический поезд "Сочи"
Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аретро-дәыӷба "Шәача" Аԥсныҟа иныҟәоит 2020 шықәса нанҳәамза инаркны, ҭагалангьы, аӡынгьы аныҟәара иаҿын.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Ишиашоу ицо адәыӷбеимадара Роза Хутор – Гагра аус аулоит мшаԥымза нҵәаанӡа ҳәа адырра ҟарҵеит Урыстәылатәи аихамҩақәа рсаит аҟны.

"Атуристтә маршрут ҿыцқәа рырҿиаразы Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра иацнаҵеит ишиашоу Роза Хутор – Адлер иныҟәо атуристтә дәыӷба "Шәача" иацраҳәоу авагонқәа №930/929 рныҟәара аамҭа. Урҭ мшаԥымза нҵәаанӡа иныҟәалоит. Ашьхашәҩатә курорт Роза Хутор аҟны зыԥсы зшьо алшара рымоуп рыԥсшьараамҭа еиҳагьы идырлахҿыхырц Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ҽнактәи аныҟәара мҩаԥганы", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Ажьырныҳәа 13 инаркны атуристтә дәыӷба Шәачантәи Гаграҟа иныҟәалоит, Адлер, Весиолое, Цандрыԥшь аангыларҭақәа рҟны иаангылоит. Адлер адәыӷба иацрарҳәои ишиашоу ицо авагонқәа Роза Хутор – Адлер.

Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Кисловодскынтәи Гаграҟа: аретро-дәыӷба "Шәача" амаршрут ҿыц ала аныҟәара иалагоит

Шәачантәи Аԥсныҟа иаар зҭаху атуристцәа аҩаша ада есҽны иныҟәалар рылшоит. Шәачантәи адәыӷба дәықәлоит асааҭ 7:45 рзы, Гагра инеиуеит асааҭ 11:30. Гагрантәи шьҭахьҟа идәықәлоит 18:43 рзы, Шәача инеиуеит 22:25 рзы. Роза Хутор аҟынтәи ишиашоу иаауа авагонқәа аҩаша ада есҽны идәықәлоит асааҭ 07:14 рзы, шьҭахьҟа игьежьуеит асааҭ 23:10 рзы.

Атуристтә дәыӷба апассаџьырцәа Гагра ҽнак рхыргар рылшоит, мамзаргьы иаархәар ауеит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭааразы иаку атур.

Атуристтә дәыӷба "Шәача" амаршрут Тҟәаԥс - Шәача - Гагра аныҟәара иалагеит 2020 шықәса нанҳәамза инаркны. Уи авагонқәа асовет аамҭаан ишыҟаз еиԥшны иҟаҵоуп, убри аан иахьатәи аамҭа аҭахрақәагьы ирықәшәоит. Авагон-ақьафурҭаҿы ауаа ирыдыргалоит аурыси аԥсуеи чысқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0