Гагра абнарақәа рҿы амца аҭышәныртәалара рылшеит

© Sputnik / Яков Андреев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТушение лесных пожаров в Томской области
Тушение лесных пожаров в Томской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит хымш раԥхьа, анаҩс ахаша шьыжьнаҵы, ажьырныҳәа 6 рзы амца атрасса Ԥсоу - Егры ахь илбааит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Гагра араион аҿы абылрақәа рҭышәныртәалара ҳалшеит, ауаа рынхарақәа ирԥырхагам ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит хымш раԥхьа, анаҩс ахаша ажьырныҳәа 6 рзы шьыжьнаҵы амца атрасса Ԥсоу - Егры ахь илбааит, уи иахҟьаны ахаҳә леит.

"Гагра уахьналало ареспубликатә трасса ахәҭа ахаҳә дуқәа ықәҳаит. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амашьынақәа ганкахьала мацара рныҟәашьа еиҿыркааит, убри аамҭазы Амҩа-ремонттә ргыларатә усбарҭа аусзуҩцәа амҩа иаԥынгылаз ацаҟьақәа рҟынтәи ианаҳалаз ахәаҳә-мҿыхәи агәамсами ирласны идрыцқьеит", - ҳәа азгәарҭеит АҶА аҿы.

Аминистрра адыррақәа рыла, амца иамҽханакит ԥшь-километрак автротрасса инаваршәны. Ибылуаз еиҳарак абна аҵеи иҩаз аҳаскьынреи ракәын, аха иҟан ашәарҭара аҵлақәа рахь ииасыр ҟалоит ҳәа.

Природные пожары в Амурской области - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА аҟазауаа Гагра араион аҟны абнараҿы амца арцәаразы ицеит

Еиҳарак аҭыгалазаашьа уадаҩын асанатори "Москва" иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы. Иацы Гагра араион ахьчаразы амцарцәаратә усбарҭеи асанатори аусзуҩцәеи еицхырааны ишьақәдыргылеит асанатори аҿы иҟаз абылраҽацәыхьчаратә маруга, уахь инаргеит амцарцәаратә маӷрақәа хԥа, иара убас иаашаанӡа аҷаԥшьацәа дыргылеит. Ахыбреи акоттеџьқәеи рахь амца акыр ианазааигәаха, амцарцәаратә гәыԥқәа хәба неит. Амца аанкылара рылшеит, асанатори ԥырхага амоуит.

Гагра иахьаҵанакуа ҭыԥ-ҭыԥла макьана амца ахьцәырҵуа ыҟоуп, амцарцәаҩцәа аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0