Асанҳақьым хада: Аԥсны иахьаҵанакуа 2000-ҩык рҟынӡа COVID-19 рзышьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра аднакылеит аԥкыратә уснагӡатәқәа жәабран 15 рҟынӡа рыҿҳәара инахазарц, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русурақәагьы абрахь иналаҵаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа 2000-ҩык рҟынӡа адиагноз COVID-19 рымоуп, абри атәы лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы.

ДПС - Канал в Гале. Зона отчуждения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аоперштаб абжьгара ҟанаҵеит ауснагӡатә цҵақәа мҩаԥгазарц COVID-19 аҿагыларазы

Лара лажәақәа рыла 2000-ҩык рҟынтәи 400-ҩык рчымазара бжьаратәуп ма ихьанҭоуп. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭоуп 50-ҩык ачымазцәа ӷәӷәақәа.

"Аҵыхәтәантәи афымш рыҩныҵҟа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа акыр еибарххоуп. Ичмазцәоу рхыԥхьаӡара иацлоит. Абыргцәа реиԥш аҿаргьы, ахәыҷқәагьы чмазцәахоит. Аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рзы игәаҭаз 169-ҩык рҟынтәи 12-ҩык хәыҷқәоуп. Аныҳәатә мшқәа абри аиԥш иҟоу асахьахь ҳкылыргеит", - лҳәоит Скорик.

Иара убасгьы илҳәеит амедусҳәарҭақәа ирыдҵаало рҟынтәи 30 процент аҿкы рымоуп. Ари ҩынтәны еиҳауп уаанӡа аасҭа.

"Ԥхьаҟагьы ахада иусдҵа ҳақәымныҟәар, локдаун алаҳәара ада ԥсыхәа ҳамам. Ауаа ианахәҭоу амедицинатә цхыраара роуроуп. Ауаа рацәа Аԥсны ахала ршьапы иазықәыргылом. Амедусзуҩцәа зегьы иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы изеихьӡом", - лҳәеит лара.

Скорик ишылҳәо ала амедусзуҩцәа уаанӡа аасҭа еиҵахеит. Уаанӡа урыстәылатәи рколлегацәа ацхыраар руазар, уажәы рхала ракәхеит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит Аминистрцәа реилазаараҿы ажьырныҳәа 11 азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0