Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Думаа: амшьҭа агәра згоит сара

© Sputnik / Томас ТхайцукАпполон Думава
Апполон Думава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ажьырныҳәа ашьҭахь аԥсуаа амшьҭа бзиа иадҳәалан имҩаԥыргоз аҵас атәы.
Думаа: амшьҭа агәра згоит сара

Агәыла иразу ахаангьы имшьҭа бзиоуп, иразым – имшьҭа цәгьоуп, ҳәа азгәеиҭеит Думаа.

"Абжьыуаа рҿы "кәычхьа" ҳәа азырҳәоит ари амш, уи агыршәа аҟынтә иаауеит, ашьапоуп иаанагогьы. Ҳара ҳмилаҭ аҿы жәынгьы-ҿангьы ҳара иаҳтәу аҵас беиақәа раасҭа атәым ҵасқәа ҟаҳҵо ҳалагеит. Ари ҳабацәа рхаан Аԥсны ақырҭцәа ахаԥаны ианыҟаз аамҭа аҟынтә иаауа ҵасуп. Сара усазҵаауазар, ашықәс ҿыц ҳанҭало агәылацәа роума, аҩызцәа роума еиҭанеиааиуа еидныҳәалар, убри иаҳа ииашан ҳәа сыԥхьаӡоит", - ҳәа иҳәеит Думаа.

Абырг еиҭеиҳәеит иаб иҟынтә иибахьоу, иара ихаҭа иахьа иҟаиҵо амшьҭа иазку аҵас атәы.

"Ашьыжьымҭан шаанӡа зегьы ҳаԥхьа саб дгылон, араса амаҵәи ашәчи ааашьҭыхны ацаҿы икнаиҳауан, аԥацхаҿы, аҩнаҿы, абораҿы. Амшьҭа бзиа иатәуп ҳәа. Ас еиԥш ҟарҵон џьоукы амза 14 рзы, џьоукы амза 15 рзы. Саб ианыҟаиҵоз амза 14 рзакәын", -  еиҭеиҳәеит Думаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0