Аԥсны ахада мчыбжьык аамҭа риҭеит афымцалашара ахархәара аларҟәразы

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мчыбжьык аҩнуҵҟала араионқәа рҿы афымцалашара ахархәара аларҟәра алымшар, араионқәа рхадацәа, амилициа, апрокурорцәа лахь рыҭахоит. Егьи иааиуа ашәахьазы аҭагылазаашьа аҽеиҭанамкыр – русура иамххоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәараҿ.

"Зегь иаразнакы, аамҭа мгакәа иҟаҵатәуп. Ари апроблема аӡбара Аекономика аминистрреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистреи рымацара рықәҵара иашаӡам. Ақыҭақәа рхадацәа зегьы ирдыруеит досу инапы злаку. Мчыбжьык ахы-аҵыхәала аҭагылазаашьа шәнапахьы иаажәгароуп", - ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

Иара иажәақәа рыла аенергетика аусхк аҟны аҭагылазаашьа ҷыда ыҟоуп.

"Акризис алҵразы аҭагылазаашьа ҷыдақәа ҳадаҳкылароуп. Сара иҟоу ауп исҳәо", - ҳәа иҳәеит ахада.

2019 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны 2020 шықәса рзы афымцалашара ахархәара иааизакны 21 процент ихалеит. Тҟәарчали Тҟәарчал араиони рҿы – 62 процент, Очамчыра араион - 56 процент, Аҟәа араион - 47 процент, Гәылрыԥшь араион - 31 процент ҳәа арбагақәа рыӡбахә иҳәеит ахада.

Бжьаниа афымцамч ахархәара аларҟәразы аштабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа афымцамч ахархәара аларҟәразы аштабқәа аԥҵазарц адҵа ҟаиҵеит

"Араионқәа рҿы аштабқәа аԥҵахоит. Урҭ напхгара рыҭареи азеиԥш хылаԥшреи мҩаԥыргоит араионқәа рхадацәа. Аштаб иалахәхоит: амилициа аиҳабы, апрокурор, аенергетик. Иахьа хәылбыҽханӡа шәара шәусурақәа рахь шәнеины, аиԥыларақәа мҩаԥыжәгоит. Ари азҵаара зус алоу аминистрцәа русзуҩцәа иахәҭоу адҵақәа рырҭоит. Аштаб актәи аилатәара анымҩаԥыжәгалак, уаха аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡои ахада Иусбарҭа аиҳаби адырра рышәҭоит аштаб аилатәара шымҩаԥысыз азы", - ҳәа иҳәеит ахада.

Бжьаниа Тҟәарчал араион ахаҭарнак диазҵааит араион аҿы афымцалашара ахархәара азҳара мзызс иамои ҳәа.

"Шәраион аҿы афымцалашара ахархәара азҳара мзызс иаиузеи? Анаплак ҿыцқәа аусура иалагама?" - ҳәа дҵааит Аслан Бжьаниа. Уи аҭак иҭан закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа рыҽрыԥшьра шакәу мзызс иҟоу.

Абри аҩыза азҵаара иҭан Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиагьы. Уи иҭакгьы амаининг фермақәа ирыхҟьеит акәын.

Аилацәажәара иалахәын Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0