АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аԥсуа ҳазалхыҩцәа амаининг хархәагақәа быжьба аҳәаа рахыгара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.
"Ажьырныҳәа 19 2021 шықәсазы аҳазалхратә хылаԥшра азонаҿы аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" амаҵзурауаҩ иааникылеит автотранспорттә хархәага, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ зыԥсҟы икыз. Автомашьына агәаҭараан аидараҭраҿы иԥшаан Аԥсны залагалара азин ыҟам амаининг хархәагақәа быжь-цырак", - ҳәа аҳәоит Аԥсны АЕ адырраҭараҿы.
Абри административтә зинеилагара аганахьала аус нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Блабба амаининг фермақәа рырцәаразы: азакәан амч амоуӡеит
-
Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭобиектқәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ҟанаҵом