Афымцамч ахархәара аларҟәра: Атәыла ахада идҵа шынарыгӡо

CC0 / / Майнинг
Майнинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит араионқәа рҿы аштабқәа аԥырҵарц, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иаздырхарц. Бжьаниа афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит, 2019 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны 2020 шықәса рзы афымцалашара ахархәара иааизакны 21 процент ихалеит.

Мчыбжьык аҩнуҵҟала араионқәа рҿы афымцалашара ахархәара аларҟәра алымшар, араионқәа рхадацәа, амилициа, апрокурорцәа лахь рыҭахоит, иҳәеит Ахада.

Афымцамч ахархәара аларҟәразы аоперштабқәа имаҩаԥырго аусурақәа ртәы Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

Ажьырныҳәа 22 рзы Аҟәа ақалақь ахада аусԥҟа инапы аҵаҩит "Закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагылара азҵааразы Аҟәа иаԥҵазааит аоперштаб". Аусԥҟаҿы иазгәаҭоуп, анагӡаратә план алацәажәаразы аоперштаб есыҽны аилатәара мҩаԥыргалоит, иара убас инарыгӡаз аусқәа рҳасабырба Аԥсны Ахада Иусбарҭахьи аминистрцәа Реилазаарахь инарышьҭларц адҵа рыҭоуп.

Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Афымцамч ахархәара аларҟәразы иаԥҵоу аҟәатәи аоперштаб уахгьы-ҽынгьы аус аулоит

Аҟәа араион

Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, закәаншьҭада аус зуа акриптофермақәа аанкылазарц ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, уажәшьҭа мызқәак ҵоит, есҽны афермақәа анаҿырхуа ыҟоуп. Еиҳа иуадаҩу ҳәа аӡбахә иҳәеит ахатә ҩнқәа рҟны игылоу амаругақәа рҿыхра.

"Акриптофермақәа аҿаҳхит, аха ауааԥсыра жәаба-жәабала рыҩнқәа рахь иганы иаҿаркит. Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҿакуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ҳара ҳрызнеиуеит, аҳәара ҟаҳҵоит дара рахь иҟоу аҭагылазаашьа баны иҿырхырц", - иҳәеит иара.

Гәылрыԥшь араион

Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа еиҭеиҳәеит, аоперштаб шеиҿкаау, насгьы дара уахгьы-ҽынгьы аус рулоит ҳәа. Араион аҟны ԥшь-станциа маҷ ыҟоуп, акы иара араион ахада ахылаԥшра азиуеит, егьырҭ хԥа- ихантәаҩцәа. Бараҭелиа иажәақәа рыла, уажәаԥхьа Гәылрыԥшь араион афермақәа баша иҿырхозҭгьы, иахьазы афымцацәаҳәақәа ҿахырҵәоит.

Бараҭелиа игәаанагарала, Аԥсны Жәлар Реизара административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара азԥхьагәазҭо азакәан апроект рыдыркылар, хаҭала акриптовалиута закәаншьаҭада аиуразы ахараԥсақәа акыр рышьҭыхра, ахархәагақәа рымхра, иамуаны ианыҟоу ашьаустә ҭакԥхықәра ақәҵара, усҟан ари аус еиҳа иманшәалахоит.

Очамчыра

Аоперштаб аусура иалагеит Очамчыра араион аҿгьы. Ахада араион ақыҭақәа рхадацәа дҵас ириҭеит доусы қыҭақәа рҟны ахылаԥшра ҟарҵарц. Иара убас, араион аҟны иалагалан афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара аграфик.

Очамчыра араион афымцалашара дырцәалоит абри аграфик ала:

  • 11:00 инаркны 12:00-нӡа- астанциа маҷ Ақалақь-1,
  • 19:00 инаркны 21:00-нӡа- астанциа маҷ Ақалақь-2,
  • 03:00 инаркны 05:00-нӡа- астанциа маҷ Ақалақь-3,
  • 13:00 инаркны 15:00-нӡа- Ачаифабрика,
  • 21:00 инаркны 23:00-нӡа- Полигон,
  • 05:00 инаркны 07:00-нӡа- Баслахә, Река, Ԥақәашь
  • 15:00 инаркны 17:00-нӡа- Аҭара-аԥсуа,
  • 23:00 инаркны 01:00-нӡа- Порт 1,
  • 19:00 инаркны 21:00-нӡа- астанциа маҷ Ақалақь-2,
  • 07:00 инаркны 09:00-нӡа- Ачазауад, Порт-4, Порт-2, Ӷәада
  • 17:00 инаркны 19:00-нӡа- Мықә-1,
  • 01:00 инаркны 03:00-нӡа- Мықә-2,
  • 09:00 инаркны 11:00-нӡа- лабра, Аӡҩыбжьа, Кәтол.

Тҟәарчал

Закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагылара азҵааразы тҟәарчалтәи аоперштаб аусура иалагеит, рыдҵа нарыгӡалоит есыҽны. Атәыла ахада идҵан инақәыршәаны афымцалашара ахарахәара ладырҟәыруп 5 мегаватт. Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа иазгәеиҭеит, иахьазы аа-мегаватт аҟынӡа аларҟәра шрылшахьо.

"Уи аԥхьа, ҽнак ҳхы иаҳархәон 31 мегаватт, Ахада иҳәеит 5 мегаватт рҟынӡа илаҳгарц, зынӡа 28 мегаватт ҽнак ахархәара ҟаларц, ҳара аларҟәра ҳалшахьеит 23 мегаватт рҟынӡа", - иҳәеит Кәыҵниа.

Кәыҵниа иажәақәа рыла, закәаншьҭада аус зуа акриптофермақәа аанкылазарц ауснагӡатәқәа уи аԥхьа имҩаԥыргон, аха уажәаԥхьа уахыки-ҽнакы афымцалашара шаҟа рхы иадырхәоз азгәарҭомызт.

Гал

Гал иаԥҵоу аоперштаб иалоуп ԥшьҩык, иара убас араион апрокурори амилициа аҟәша аиҳабыи. Иазгәаҭоуп, анагӡаратә план алацәажәаразы аоперштаб есыҽны аилатәара мҩаԥыргалоит ҳәа. Араион ахада адҵа ҟаиҵеит аҭел ҷыда аԥҵазарц. Аоперштаб инаныгӡаз аусқәа рҳасабырба Аԥсны Ахада Иусбарҭахь иаашьҭхоит.

Диспетчерская черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион иалагалоуп аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик

Гәдоуҭа

Афымцамч ахархәара аиҵатәразы Гәдоуҭа араион иалагалоуп аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик. АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа иажәақәа рыла, афымцалашара арцәара аамҭа џьбараӡам, иҟалоит арцәара аамҭа аиҵатәра ҳалшаргьы.

Гагра араион

Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь еиҭеиҳәеит, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵа анагӡарахы аусурақәа шцо, иара хаҭала далахәуп закәаншьаҭада аус зуа амаинингтә фермақәа рҿыхра. Ажьырныҳәа 22 ахәылбыҽха инаркны русура аанкылоуп 11 криптоферма. Аоперштаб есҽыны аус аулоит, афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара аграфик алагалахоит.

Бжьаниа, идҵала Гагра араион афымцалашара ахархәара еиҵаркроуп 17, 5 мегаватт рҟынӡа, аӡынра 2020 шықәсазы есыҽны Гагра афымцалашара рхы иадырхәон 115 мегаватт.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц Апарламент адепутатцәеи иареи реиԥылараан ажәырныҳәа 22 рзы. Изакәанымкәа мегаваттк афымцалашара ахархәаразы ахараԥса иартәоит миллионки бжаки мааҭ. Ашәахьаҽны Апарламент ахь инашьҭхоит административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара азԥхьагәазҭо азакәан апроект, хаҭала акриптовалиута закәаншьаҭада аиуразы ахараԥсақәа акыр рышьҭыхра, ахархәагақәа рымхра, иамуаны ианыҟоу ашьаустә ҭакԥхықәра ақәҵара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0