Ҳлитература уаҵәтәи амш: Абзагә Аҟалӷьба ипоезиа азы ажәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАбзагу Колбая
Абзагу Колбая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Алашара ҳзырбо ауаа" апроект иаҵҵауа апоет Анатоли Лагәлаа дазааҭгылоит апоет-қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба ирҿиара.

Сара абри астатиаҿы сзыхцәажәараны иҟоу апоет ҿа Абзагә Аҟалӷьба ишәҟәы шықәсқәак раԥхьа иҭыҵит. Абзагә раԥхьатәи ишәҟәы сара редакторс саман, раԥхьатәи ишьаҿақәа срықәныҳәаны амҩа алԥха изеиӷьасшьеит! Абри ашәҟәы "Амра ақәла" хыԥхьаӡарала аҩбатәи ауп. Абраҟа иазгәаҭатәуп, Абзагә сынтәа Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа дышрылгаз, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дшаларҵаз, ус анакәха, уажәшьҭа иара иаԥхьаҩцәагьы еиҳа-еиҳа рылаԥш ихызаауеит, иҿыцу иҩымҭак шаацәырҵлак, ҳаԥхьандаз, иаабандаз рҳәо иҟалахьеит.

Ашацкыра апоетцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
"Ашацкыра апоетцәа": Аԥсны алитературатә еилазаара ҿыц аԥҵахеит

Убри азы, сара акыр исеиҵбу, аха зырҿиара есымша сацклаԥшуа арҿиаҩ қәыԥш инапы иҵыҵуа аҩымҭақәа бзиазар сҭахуп азы, сара сгәаанагарала, урҭ ирыгу-ирыбзоу ҳәа исыԥхьаӡо аартны иасҳәар, акыр ихәар шалшо здыруеит азы, уажәнатә, дшысзымгәаауагьы агәра ганы, иара ихәо, наҟ-наҟ апоезиаҿы "иныҟәашәа" зырԥшӡаша, инарха зырӷәӷәаша, гәаартылатәи еицәажәарак мҩаԥызгар сҭахуп…

Абзагә ипоезиаҿы иаразнак гәахәарыла иазгәаҭатәқәоу иреиуоуп иара ихәыцшьа аҵаулара, аметафора ҿыцқәа рыԥшаара, аԥхьаҩ иаҳахьоу, илымҳа зышьцылахьоу иахьынӡауа рцәыбналара, иара ихатәы аԥшаара. Иаҳҳәап, ажәеинраала "Ашьхақәа ирзымҳәо амшын иаҳәоит" аҿы автор абри аҩыза асахьақәа ҭихуеит: "Абахәқәа быргҵас рыбӷақәа хәоит", мамзаргьы "Амаҭ абз еиԥш аӡыхь ҵысҵысуеит". Ас еиԥш иҟоу аиҿырԥшрақәа ҳпоезиаҿы ирлас-ырласны иуԥылаӡом, убри азоуп, иахьҿыцу азы, ухшыҩ аҿы, угәалашәараҿы изаанхо…

Мамзаргьы, иара убри ажәеинраала анҵәамҭаҿы иҳәоит: "Ирхәыз алым еиԥш сгәы сцәыԥсуеит" ҳәа. Амала, абра иазгәаҭатәуп, асеиԥш икьаҿу ажәеинраалаҿы, иара зынӡа аа-цәаҳәак роуп иҟоу, х-еиҿырԥшрак мыцхәызар ҟалап, ажәеинраала иацәыхьанҭахоит, аидара мыцхә иаҵанаҵоит, аԥхьаҩ ихаҿы иаанхарц иҭаххоит уи зегьы, аха иахьеилацалацәоу, иахьеизааигәацәоу азы, ргәынкылара ицәыуадаҩхоит…

Апоет иажәеинраала "Ахаан имҩасуа" аҿы аӡиас аԥсҭазаареи иара иԥсҭазаареи еидикылоит, урҭ ирхырго ауадаҩрақәа даара ишеиԥшу ихы агәра аиргоит, аԥхьаҩгьы иаразнак уи ахьаа иара иахь ииаигоит, иаргьы итәушәа, уи аԥсҭазаара далахәушәа дҟаиҵоит:

Сҟамлацт уахеиԥш

Саб иҩнаҭа сызмыцәо…

Сқыҭа иахыҩуеит

Аӡиас абжьы хышхыҵәо…

Уи аасҭа иҵаулоу

Гәхьаак ацуп иазымҳәо…

Ирхәыз шәарахуп,

Абжьы цоит изымыҳәҳәо…

Ажәеинраала аранӡа еилкаауп, "уарблаҟьаӡом" аҵакгьы, аидеиа хадагьы ушагәылаку уцоит, аха ахԥатәи акуплет аҿы иаауԥыххыло ацәаҳәа ахьынтәиааз азхәыцра уаналагалак, иумбаӡакәа аԥсыӡ еиԥш ажәеинраала ахаҭа "умпыҵҵәраауеит", иаразнак иубоит ажәак шаҭаху, ишагу, аредактор инапы ахьӡар шакәыз…

Ирыцҳазшьаз аҵла,

Шьхныԥсылоуп ахәаҿы…

Сгәы сзырцәаӡом,

Иҭынчым аӡиас агәаҿы…

Сара стәала, "Ирыцҳазшьаз аҵла" аԥхьа иргылатәын ажәа "Уи", нас ауп ацәаҳәа хаҭәааны еилукаартә ианыҟало, насгьы уи акуплет аҿы рифмара зуа ажәақәа "ахәаҿы", "агәаҿы" иааинырслан иԥшаауп, апоет ҿа "иаашьара" ихьӡеит, убраҟагьы аредактор илаԥш иҵымшәар акәын… Аҵыхәтәантәи ацәаҳәақәагьы абас инҵәоит;

Ма ахаан са сеиԥш

Ишымҩасуа еилнакаау?

Араҟагьы, абызшәа анормақәа ирҭагӡаны иуҳәозар, "Ма ахаан" аҭыԥан, "Ма ахааназ" ҳәа ауп ишаҭаху.

Уи анаҩстәи ажәеинраала "Ԥхыӡым, аԥсҭазаара ԥхыӡым, Амшқәа иахьа ҳәа инаскьалап…". Араҟагьы ажәа иара аҭыԥаҿы иахьгылам иаразнак уааннакылоит, иамазма ииашан, ираԥсышәан аҳәашьа? Хымԥада иаман, "Амшқәа ашьшьыҳәа инаскьалап", мамзаргьы "Амшқәа ццакны инаскьалап", апоет ииҭаху аҵакы риҭар ауан, аԥхьаҩгьы агәра игон. Урҭ рладахьы ицо ацәаҳәа "Ианаламышәҭуа сгәы абзазара", иаразнак апроза ахыԥша ахукаауеит, мамзаргьы апублицистика… Убас ауп ишынҵәо "Аихеиԥш ижьакцеит аԥсҭазаара" аҵыхәтәангьы:

Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лагәлаа: аханатә аахыс "Алашара" аҿар бла ҵарыла ирыхәаԥшуеит

Аԥсҭазаара ачымазара бааԥсқәа

Ирхьымскәа еиқәхандаз ҳаԥсқәа.

Апоет иажәеинраала раԥхьа дызлалаго ацәаҳәа бзиаӡоуп, аха уи ахала ажәеинраала зегьы азышьҭыхӡом, егьырҭ ацәаҳәақәа аус "рзымуӡеит", арифмақәагьы рыԥшаара дашьҭамлаӡеит, рацәак еинымаало "аԥсҭазаара", "ажьакцара", "акҿаҩраҿы", "инапаҿы" рыла еибиҭеит…

Араҟа иуԥылоит ажәеинраала иаҳәо иҵегьы еилырганы исеиҳәандаз ззуҳәаша аҩымҭа. Иаҳҳәап, ажәеинраала "Аихатә уаргьала дантәала". Иара кьаҿуп азы, аԥхьаҩ ииашан дазхәыцырц аҵыхәанӡа иаазгоит:

Аихатә уаргьала дантәала,

Уа сылаԥш дыҵшәом иахьагьы.

Нырцәи-аарцәи еиҿартәыла,

Абаҩқәа ӷызгәышьоит аихагьы.

Уа сыгәхьаагара ҵәахымкәа,

Ахәыҷреи ашлареи сыртәымкәа

Стәоуп, сҿара сгәы ахымкәа,

Ахәыҷи ахәыҷреи сырзыԥшымкәа.

Ажәеинраала ахԥатәи ацәаҳәа иаразнак "иалҟьоит", иара ишатәым, "иштәымааӡароу" ахы унарбоит. Насгьы, ухы азҵаара ауҭоит, дызусҭа аихатә уаргьала иантәалоу, дхәыҷума, ддуума, дҭакәажәума, длыгажәума? Ажәеинраалаҿы уи убаӡом, автор штрихк ала иадамзаргьы иҳәар акәын. Аҩбатәи акуплет даара ибзиоуп, аха "анапы" амоуит, алагамҭа ҟаҵам, аԥхьаҩ ишьапы зықәиргылашаз ацҳа изхымҵеит апоет!..

Апоет ҿа даара имаурҽхәаша иреиуоуп иара изааигәоу, ибзиан "илсхьоу", даҽакала иуҳәозар "дзырҵәхьоу" атемақәа ахьышьҭихуа, ибзиан иидыруа акәша-мыкәша "дахьшәарыцо", ихымҭагьы ахькамшәо!.. Иаҳҳәап, ажәеинраалақәа рцикл "Амра асахьа" аҟны ауаҩи, амреи, аԥсаатәи реизыҟазаашьа азы игәҭахәыцрақәа урылархалоит, азныказ иудырбаӡом иара ажәеинраала иагу-иабзоу, иаразнак аҵакы аҵауларахь уиаргоит…

Ауаҩы инахысгьы ауаҩра

Аԥсаатә иныҟәырго збахьеит…

Ажәҩан иалсуа иҽырбахьеит,

Ауаҩы инахысгьы ауаҩра –

Ари аԥсабараҟны иҟалахьеит,

Уи дазхьамԥшкәагь дцахьеит.

Аха абраҟагьы апоет ҿа маҷк иццакра ахьихьӡо, ицәаҳәақәа иҵегьы рыԥсы ҭандаз, ршьа-рда еисында, мра шәахәак ргәылԥхандаз ахьуҳәаша аҭыԥқәа ыҟоуп ацикл аҿы. Насгьы иара ҩышықәса рыҩнуҵҟа иҩуан ари ацикл, иҟалоит "ицәыхьшәашәазар", ииҳәарц ииҭахыҵәҟьаз ахьицәыхьанҭацәахаз азы, ацикл изҭамыгӡазар, мамзаргьы иара иахьиҭахыз акәымкәа иара иахьаҭахыз дагазар, ажанр ицәдуцәахазар, аидеиа имч ақәымхазар… Апоет ҿа аҩымҭа аҩнуҵҟа дубоит аҽыццышә ишьҭнаԥааз аҷкәын иеиԥш!.. Иара уи аԥырцәқәа инацәкьарақәа рыларԥаны ишикугьы, зны-зынла иара иахьаҭаху дагоит, иара иитәым ацәаҳәақәа инарыҩуеит! Иаҳҳәап:

Лаԥшыцәгьак ҳацәыхьчам хаҭала,

Анхашьа ҳшанымшәогь ҳхазы…

--------------------------------------

Ауаҩы иахь абзиабара сцәымӡкәа,

Аизхәыцра суадаҿ исыԥшаауеит.

-------------------------------------

Ари амра сақәланы схәыҷны,

Сычча шәахәа касыршуан…

Уи аҿаԥхьа акымзарак сымчны,

Схәыҷра шагоз сазыԥшуан…

-------------------------------------

Дынхозаргьы исахьа иҽанраала,

Дихьоума инагӡаны ара иуаҩхахьоу?

Арҭ ацәаҳәақәа апоет ипоезиаҿы иаԥырхагахо, изырхәашьуа ҳәа иҟаӡам, аха урҭ рыриашара, иҵегьы игәылыршәоу ажәақәа рыла рыԥсахра автор зынӡа дымгәаҟӡакәа илшоит, избанзар иара абаҩхатәра имоуп, ас еиԥш иҟоу ацәаҳәақәа аницәалаԥсо, ибаҩхатәра иаразнак адырра инаҭозар ауп, уаангыл, узымцеит ҳәа "аҟаԥшь" акуазар ауп!.. Усҟан, зны-зынла ари ашәҟәаҿы егьырҭ ажәеинраалақәа рҿгьы ицәалаԥсо абасеиԥш иҟоу ацәаҳәақәа иаразнак рҭыԥ рзыԥшаашьа дақәшәоит. Иаҳҳәап:

Абзагу Колбая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Апоет: алитературатә институт исынаҭо рацәоуп, сыгхақәа схала избоит

Ҵыскгьы бӷьыцк еиԥшны,

Агага иацызбоит абжьы.

Гәилҵас ашәҭра аԥеиԥшны,

Исылазҳауеит сгәы абжьы.

Шәазхәыци шаҟа ирыхханы, иаԥсышәамкәа иҳәоу: "Исылазҳауеит сгәы абжьы".

Аха уи ахаҿы, иара ажәеинраала "Аҵла агага" дызлалаго ацәаҳәақәа даара уаареигәырӷьартә иҟоуп, ииашаҵәҟьан апоет абаҩхатәра шимоу, инарҵаулан дышхәыцуа, иаабахьоу, иаадыруа ацәаҳәақәа, асахьақәа дшырцәыбнало, иара ихатәы аартрак дшашьҭоу, уи ацәыргара дагьшазыманшәало унарбоит.

Агага сԥенџьыр иналсын,

Аҵла сыҩны иааҩналт.

Аԥша абӷьыц инахьысын,

Аԥсыԥ асаркьа ианхалт.

Асеиԥш иҟоу ацәаҳәақәа апоет ишәҟәаҿы ирлас-ырласны иуԥылоит, уи уаҩы деигәырӷьоит, избанзар апоет дыԥшаауеит, есымша аҿыц дашьҭоуп, иара аҿыцгьы ицәыбналаӡом!..

Насгьы, абра иазгәаҭатәуп, апоет ҿа илаԥшҳәаа ширҭбаахьоу, акыр шаҵанакуа Москва Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа дахьрылгахьоу, алитературазы арҵаҩцәа дуқәа рлекциақәа дахьырзыӡырҩхьоу, урҭ иара имбаӡакәа "идацқәа" дырӷәӷәоит!.. Насгьы илитературатә гьама дырбзиоит, дзыԥхьаша-дызмыԥхьаша, зныкала "илбааидаша", ма хәыҷы-хәыҷла дзыԥхьалаша, дыззыхынҳәлаша инардыруеит. Дарбану уажәы дысгәалашәом, аха шәҟәыҩҩык иҳәахьеит: "Следует читать много, но не многое".

Иҟоуп зны-зынла аԥсшәа цқьа ианымаало, иҵегьы еиӷьны иртәандаз, ишьалашьынындаз ззуҳәаша апоет ицәаҳәақәа, аха урҭ рҵакы уаназхәыцлак, иаарго аҿыцра агьама анубалак, иранаужьуеит урҭ аԥсышәала иахьыртәам, џьара-џьара иахьҭагәҭасуа, Шьынқәба ицәаҳәақәа реиԥш акы узрыцрымхуа, акы узрыцымҵо, "рҵыруа" иҭымҵӡакәа иахьымцо… Иаагап усеиԥш иҵегьы еиӷьны апоезиа "ашша" ахьишьындаз ахьугәахәша аҭыԥқәа, аха урҭ ҿызхуа, зҵакы ухнахуа ацәаҳәақәа "еиқәдырхоит" дара ажәеинраалақәа.

Аӡиаҵәа рыԥсыжырҭоуп быӷьқәак.

---------------------------------------------

Аамҭаҟынтә ахақәиҭра асҭеит

Снапы, асааҭ гьежь анахысх иахаз…

----------------------------------------

Амзеиԥш гәыӷрала сыҭәны,

Стәоуп, иқәыԥшу ахәыҷы…

Бӷьыцҵас сырӡааҟәрыло амшқәа,

Москва саԥылоит мшаԥы…

Апоет наҟ-наҟ иҵегьы ирифмақәа дрыцклаԥшлар сҭахуп, избанзар, ажәеинраала аклассикатә формала иануҩы, уи аԥҟара аҵыхәанӡа уацныҟәозар ауп, уи иаауԥахьашәаз арифмақәа ацәаҳәа анҵәамҭа иақәшәоит ҳәа ианадугала, иаҳҳәап, аԥацха быца бзиала ишышуа ушнеиуа, икьаҳәқәоу аналауҵалак, иаразнак ашышра ишаныԥшуа еиԥш, ажәеинраалагьы аиҿартәышьа ианыԥшуеит, узамыԥхьо, уҿы еимаҳәахаа иакуеит.

Иаагап аҿырԥштәқәа: ажәеинраала "Сымала сызшоу еиԥш" аҟны рифмара рзеибауеит рацәак еиқәымшәо, еинымаало ажәақәа: уиԥш, ҟаԥшь, иԥсыцқьеиԥш, анкьеиԥш; асырҳәы, шәахәаны, Ажәеинраала "Аҩны аԥсы-асаркьаҿы" - сгәахуеит, срыхәоит - уҳәа убас ирацәаны.

Разҟыс иҟоу, апоет ҿа абаҩхатәра имоуп, уи ихнаҽуеит иажәеинраалақәа рҿы зны-зынла иааинырслан иааиго, рацәак "зшьаҿақәа" еиқәымшәо ирифмақәа, аритмқәа. Избанзар, ашәҟәы иԥсаҟьаны иалаԥсоуп узеигәырӷьаша, абасеиԥш иҟоу ахшыҩҵак бзиақәа, ацәаҳәа хьыршәыгәқәа. Урҭ ажәеинраалақәа зегь рыхқәа ара иасырбаӡом, сара исҭахуп аԥхьаҩ иара ихала ашәҟәаҿы иԥшаарц, иаргьы ихы аџьабаа аирбарц!

Сбаҳчаҿ, саҳәшьцәа реиԥш, ашәҭқәа,

Саб дхьааго, аҳаҭгәын иахагылоуп…

--------------------------------------

Аԥсыӡқәа аӡсашьа адырҵоит,

Амза агага амшын агәаҿы.

Ҳабжьара ҭагалан аҽаӡоит,

Аҵлеиԥш ибажәхан ашьапы…

Бахьыҟоу сгәыӷреи сгәи наӡоит,

Ахаан еихьымсыргьы ҳнапы.

Аҟаза иаша абзиабаратә, алирикатә жәеинраала ҩны данаԥхьо, уи иазыӡырҩуа ихы ихашҭны ажәеинраала дышьҭнаԥаауазар ауп, уи аҩыза амч уаҩы изымдырӡо џьарантә иаанагозар ауп. Ишәгәаламшәои анемец поет ду Иоган Гиоте иажәақәа: "Поэт пишет своей возлюбленной, а сопереживает весь мир".

Сара исҭахуп апоет иажәа егьа ахақәиҭра аиҭозаргьы, егьа аӷәра аҿихуазаргьы, иара аҭыԥаҿ иргыларц, мчыла, иахьаҭыԥым инеимгарц… Уи аҩыза аҟазшьа иахьа иҩуа аҿар абжеиҳараҩык ирымоуп, иаартны рыгха анроуҳәалак, ҳара ус ҳхәыцуеит ҳәа уарҳәоит! Шәара ус шәхәыцуеит, аха аԥсуа бызшәа ус "ихәыцӡом", иаразнак ианыԥшуеит мчыла ажәа "алымҳа" ианкны иара иахьаҭыԥым иааганы иануртәалак!.. Урҭ, ишнеишнеиуа аамҭа иднарбоит ус аҩышьа алитература ишаднамкыло, нас, даргьы хәыҷы-хәыҷла ацәцара иалагоит, иацәхьаҵуеит, аха, зегь акоуп, ахәраҭыԥ еиԥш заатәи ражәеинраалақәа рҿы рышьҭа анхалоит… Уи ҳара шамаха аӡәгьы ҳзацәымцаӡеит, аха ҳашьҭахь иааиуа ргәырҽанаҳҵар ҳҭахуп… Абзагә ари ҳазлацәажәо ишәҟәаҿгьы уи аҩыза "амалырқәа" змоу ажәеинраалақәа имоуп, ҿырԥштәык аҳасабала урҭ рахьтә ак ааҳгақәар ҳҭахуп. Иаҳҳәап, жәеинраалак абас иалагоит:

Арҩаш амҩа аанкыла,

Иазышьҭымхуа аԥгылеит ахаҳә…

Араҟа ажәақәа рҭыԥ хымԥада иԥсахтәуп, уи автор иажәеинраала аиҿартәышьа атехника акымзарак иаԥырхагахаӡом, иаргьы шаԥсыуа жәеинраалоу иаанхоит, зыԥсаҭа бзиахаша апоет Мушьни Миқаиа иҳаиҳәалон еиԥш, иҵыгьны иуҿасӡом!.. Аҩбатәи ацәаҳәа абас иҟаҵатәуп: "Иаԥгылеит иазышьҭымхуа ахаҳә…"

Иаагап алирикатә жәеинраала "Быблақәа жәҵысны, исзаазго гәырӷьаҿҳәаша". Ари ажәеинраала даара уархәыцуеит, угәаҵанӡа инеиуеит, уара ухаҭагьы апоет ицәаныррақәа уҽруҭоит, уара иухатәы цәанырроушәа уҟалоит, аха, зегьы акоуп, ушнеиуа, цәаҳәак уара ишуҭаху ицәажәаӡом, зны даҽа бызшәак аҟынтәи еиҭагоушәа ахы унарбоит, даҽазных - уи автор игәы иҭыҵыз цәаҳәоуп, аха дызхыццакцәаз, иахьынӡахәҭаз изеибымҭаз, измырԥшӡаз, "зҳәынҵәрақәа" изеибамыркыз акоуп!..

Ицәырҵыз амра шхыбҩо збоит ахәаҿы,

Быхцәы агага снаӡаанӡа снапала снахьыст…

Аҩбатәи ацәаҳәа амаҷ ауп иагу, аха убри амч "аҽӡаны" иахьтәоу аԥшаара ауп имариам!..

Ажәеинраала уанаԥхьо, автор иуирбо асахьа агәра угароуп, уаԥхьа ииасуашәа, уара ухаҭа уалагылоушәа уҟанаҵароуп. Иаҳҳәап, аурыс литератураҟынтәи иаагозар Захар Прилепин иажәеинраалак абас иҟоуп:

Туман бережёт лодки

и тихо стоит над водой,

так градусник под мышкой

держит больной!

Ара амшын иху анышьи ауаҩы иҩыҵра иҵаку ишоурашәагеи еиҿырԥшны рсахьа ҭихит, иаразнак ула иаахгылартә, агәра угартә, уаҳа даҽа ажәак ацҵара уҭахӡам, уи узхоит…

Апоет ибаллада "Аӡиас-ауаҩы" аҿгьы усеиԥш иҟоу ацәаҳәақәа акыр ицәалашәоит, аха уи еиҳа инеиҵыхуп азы, аԥхьаҩ асиужет дшазхәыцуа, урҭ "дырхыҟьҟьаны" дцоит, аха даҽазнык уи еиҭах инагӡаны исзеилкаандаз ҳәа аԥхьараз даныхынҳәуа, урҭ деиҭаарыдгылоит:

… Иҳаиԥшым ҳамоуп рыххатәыс,

Аҳас ишьҭаҳхуеит, ма тәыс…

Адунеи ҳақәушәа наӡаӡа,

Ианеимаҳкуагь убап аӡаӡа…

Даара срықәшаҳаҭым аҵыхәтәантәи аҩцәаҳәак, еиҳаракгьы, зынӡа ҵакыла еиқәымшәо арифмақәа, урҭ араҟа еиуатәым аимаақәа анушьауҵо иаҩызоуп, иармаӷьырмоуп, аӡаӡа аӡәы еимеикит ҳәа аҳәара иашам, уи ара мчыла иааганы иргылоуп хыхьтәи ажәа "наӡаӡа" иахьақәшәо азы!

Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны
Инал Гыцба: жәларык ԥхьаҟа изго адырра ауп

Аԥсшәа бзиа иашьцылоу, уи ала зыԥсы ҭоу, ҿыц иааиҵагылаз аҿар игәыӷрақәа анрыдиҳәало, урҭ маҷӡак иадамзаргьы ражәа аныбырлак, шаҟа ирласны идыриашо, шаҟа ирласны рыгха хәыҷқәа рцәа ианыруа аҟара, иаргьы иԥсы еиҩигоит, иԥсыԥлагаҩагара еиҳа иҭышәынтәалоит, игәгьы рыладухоит. Сара сгәы иладууп Абзагә, избанзар, сара избоит уи ажәа агьама шикыз, уажәшьҭа уи дшаԥырымҵуа, дахьцалакгьы апоезиа шицу, ҭаха шинамҭо, издыруеит, иаргьы дацәыбналарц дшаламго, урҭ еибамбаргьы шамуа… Ус анакәха, ҳаԥсуа поезиа ашҭа дҭалеит абаҩхатәра змоу апоет, иҵауланы ихәыцуа, зыжәлар рхьааи ргәырӷьареи зцу, зхы-зыԥсы зегьы зус иазҭо, уи ала зыԥсы ҭоу, зажәеинраалақәа зыԥсҭазаароу… Аҵыхәтәан, сажәа хсыркәшар сҭахуп, абри ҳзыхцәажәаз ашәҟәы иагәылоу, апоет иреиӷьӡоу ифилософиатә жәеинраалақәа руак ала…

Ҳабацәа рхьаа – Гәымсҭа,

Ашьхақәа рылаӷырӡ-ӡиас…

Агәыӷра ҭарцәажәо аԥсҭа,

Иахашҭны изымцеит иниас,

Ҳабацәа ргәыӷрашәа – Гәымсҭа…

Ихуп агәалашәара алакҭа,

Ацәқәырԥ-кәицқәа ҭааӡом…

Уа ирыз ҳабацәа Гәымсҭа,

Ахашҭрамҩа ианыла иааӡом,

Ахашҭрамҩа ҳгәаламшәар ҳхаҭа…

Апоезиа ахықәкы хадақәа зегьы иреиҳау аԥшӡара, ауаҩра, аразра, ақьиара, агәырҩа-хаа, агәкамыжьра рныҟәгара ауп… Урҭ зцу, ҩнуҵҟала иззышьҭыхыз апоезиа, агәқәа рахь амҩа аԥшаауеит, аԥша ҟәандеиԥш, ацәыҵкәраарҭа адыруеит!..

Ажәабжьқәа зегьы
0