00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рганахьала иреиҳау аҵара змоу усурала реиқәыршәашьа
13:19
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа 70 шықәса ихыҵит
13:43
26 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
Глэмпинг в Абхазии: спрос и предложения
14:17
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Как и когда пройдут выборы в Парламент Абхазии по Драндскому округу
18:49
7 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Амҩаҿ амашәырқәа, аԥсыҭбарақәа: 2020 шықәсазтәи Аҳәынҭавтоинспекциа аусура аихшьаалақәа

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы ареидқәа рымҩаԥгараан ашәҟәы иҭагалан 47557 амҩа-транспорттә еилагара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. 2020 шықәсазы Аԥсны иахьаҵанакуа амҩа-транспорттә еилагарақәа рхыԥхьаӡара еиҵамхеит 2019 иаҿурԥшуазар ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба Аҳәынҭавтоинспекциа аусура азҵаарақәа ирызкыз аҳасабырба-плантә еилацәажәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

2020 шықәса аҩнуҵҟа ареспубликаҿы 198 машәыр аҭыԥ рыман. Убри аан аахақәа роуит 282-ҩык, иҭахеит 57-ҩык; 2019 шықәса рзы – 56-ҩык ҭахеит, 332-ҩык аахақәа роуит, иҟалеит 197 авариа.

Агрба иҳәеит амашәырқәа реиҳарак мзызс ирымоу амашьына арццакра, арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра, амҩатә ԥҟарақәа реилагара роуп.

"67 амҩа-транспорттә хҭыс ҟалеит амашьынақәа реиҿасраан, 88 – акы ианҟьаны, 38 – ашьаҟауаа рыжәлараан. Амҩатә машәырқәа рлахәылацәа рықәратә категориа 25 - 35 ибжьанакуеит, 39-ҩык аԥсҟы зкыз арыжәтә ыжәны иҟан", - иҳәеит Баҭал Агрба.

Иара убасгьы 2019 шықәсеи 2020 шықәсеи реиҿырԥшра астатистика ааигеит. 2020 шықәса рзы ареидқәа рымҩаԥгараан ашәҟәы иҭагалан 47557 амҩа-транспорттә еилагара. Ари 2019 шықәсазы аасҭа 9923 рыла еиҳауп.

амҩатә машәыр - Sputnik Аҧсны
30 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика ааргеит

Агрба иазгәеиҭеит ииасыз ашықәс азы ижәны аԥсҟы зку раанкылареи аҭакԥхықәра рақәыршәареи рзы аусура арӷәӷәара иалҵшәаны иаанкылан 2800-ҩык, 2019 шықәсазы – 2471-ҩык.

"Ахара здыз административтә ҭакԥхықәра рыдҵан, 39 материал нашьҭын аӡбарҭатә усбарҭақәа рахь", - иҳәеит Агрба.

Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Чкадуа иазгәеиҭеит азинеилагаҩцәа раанкылара арбагақәа шыҳаракугьы, амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара шеиҵамхо.

"Ари ҟалашьа змам усуп, избанзар амилициа ианапынҵа хадоу атәылауаа рыԥсҭазаарақәеи ргәабзиареи рыхьчароуп", - иҳәеит иара.

Ҷкадуа аҳәара ҟаиҵеит ахылаԥшра ҷыда азузарц ареспублика аҩақәа рҿы аҭагылазаашьа, амҩатә ԥҟарақәа реилагаҩцәа аҭакԥхықәра ӷәӷәа рыдҵалазарц.

"Атәыла анапхгара аҿҳәарақәеи аусдҵақәеи ықәдыргылоит ҳҿаԥхьа амҩақәа рҿы ашәарҭадара аиҿкааразы. Амилициа аусзуҩцәа ртехникатә базеи рматериалтә гәазыҟаҵареи иацырҵоит, аха убри аан аусураз рҿаԥхьа иқәдыргыло адҵақәагьы акыр иҳаракуп", - иҳәеит Беслан Ҷкадуа.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла аминистр ихаҭыԥуаҩ амаҵзурақәа реиҳабацәа анапынҵақәа риҭеит Аҳәынҭавтоинспекциа аусураҿы иҟоу агхақәа раԥыхразы, иара убасгьы агәҽанҵара-профилактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0