Аҭҵаарадырра зыԥсҭазаараз: лдунеи лыԥсахит академик Лидиа Ҷкадуаԥҳа

© SputnikЛидия Платоновна Чкадуа
Лидия Платоновна Чкадуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
91 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа.

Лидиа Ҷкадуаԥҳа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын, А.С. Чикобава ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа ланашьан, Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын. Аҵарауаҩ лыԥсҭазааратә мҩеи абызшәадыррахь ллагаламҭақәеи Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Кавказтәи абызшәақәа

Лидиа Ҷкадуаԥҳа диит нанҳәа 21, 1930 шықәса рзы Аҟәа, амаҵзурауаа рҭаацәараҿы. Аҵара лҵон Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, кавказтәи абызшәақәа рыҟәшаҿы. Аспирантура далгеит "кавказтәи афилологиа" азанааҭ ала.

Аусура хацлыркит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы рҵаҩыс. Аԥсуа бызшәеи азеиԥш бызшәадырреи рзы алекциақәа дрыԥхьон. Иара убри аамҭазы аус луан Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны.

© Foto / из архива Лидии ЧкадуаЛидиа Ҷкадуаԥҳа Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа рыгәҭа
Аҭҵаарадырра зыԥсҭазаараз: лдунеи лыԥсахит академик Лидиа Ҷкадуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Лидиа Ҷкадуаԥҳа Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа рыгәҭа

Ашьҭахь напхгара алҭон Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны абызшәа аҟәша, Арҵаҩратә институт аҟны – аԥсуа бызшәа акафедра. Лидиа Ҷкадуаԥҳа иҭылҵаауан аморфологиа, асинтаксис, алексикографиа, апунктуациа, аԥсуа бызшәа анормаркра.

Лидиа лколлега, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Леонид Саманба иҳәоит лыԥсҭазаара дшалҵыз аниаҳа заҟа игәы ихьыз, иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәадырра ллагала ахәшьара шыуадаҩу. Ҿырԥшыс иааигеит гәыԥҩык аҵарауааи лареи еицаԥырҵаз "Аԥсуа бызшәа ажәар". Саманба игәаанагарала, ари аҭыжьымҭа аԥсуа милаҭтә культура аҿиараҿы шьаҿа дуны иҟалеит.

"Ажәар аиқәыршәаҩцәа рхы иадырхәеит аԥсуа литературатә бызшәа иалаҵәаз аҭоурыхтә, ауаажәларра-политикатә, аҭҵаарадырра-техникатә терминқәа. Авторцәа рхы аадырԥшит аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭоурых нарҵауланы издыруаз ракәны, иара убасгьы рхы иадырхәеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рбызшәа алексикатә ҷыдарақәа", - ҳәа иҳәеит иара.

Уи адагьы авторцәа ажәацыԥхьаӡа аилыркаагақәа рыцырҵеит, абызшәа аҿиара аадырԥшит.

© Foto / из архива семьи АнквабАҵарауаа – Анатоли Возба, Павел Аӡынба, Лидиа Ҷкадуаԥҳа, Шота Арсҭаа, Владимир Анқәаб, Владимир Агрба.
Аҭҵаарадырра зыԥсҭазаараз: лдунеи лыԥсахит академик Лидиа Ҷкадуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаа – Анатоли Возба, Павел Аӡынба, Лидиа Ҷкадуаԥҳа, Шота Арсҭаа, Владимир Анқәаб, Владимир Агрба.

"Ҳәарада "Аԥсуа бызшәа ажәар" аҵак дуқәа ируакуп ахархәара маҷны измоу адиалекттә ажәақәа, аҭҵаарадырреи атехникеи ртерминқәа ахьалагалоу. Ари ажәар аԥсуа бызшәа ажәарқәа ираԥхьатәиу ируакуп, уа еизгоуп 20 нызқь рҟынӡа ажәа", - ҳәа иҳәоит Леонид Саманба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит 2000 шықәса рзы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба инапынҵала ишеиқәыршәаз "Аурыс-аԥсуа терминологиатә жәар" аԥсуа бызшәала аусеилыргара аиҿкааразы.

"Ажәар аздырхион иреиӷьу аԥсуа лексикографцәа, Лидиа Платон-иԥҳа Чкадуаԥҳа дназлаз. Лара далахәын агәыԥ "Акультуреи аҟазареи" аҟәша аззырхиоз. Ажәар еиқәзыршәоз еиҳа ахархәара змоу, еиҳа иуадаҩу ажәақәа алыркаауан. Русгьы акыр хра аманы иҟалеит зыҩаӡара ҳаракыз аҵарауаа Лидиа Ҷкадуаԥҳа, Шоҭа Арсҭаа, Лили Ҳагԥҳа, Анатоли Хьециа рыбзоурала", - ҳәа иҳәеит иара.

Лидиа Ҷкадуаԥҳа иара убасгьы авторс дрыман: "Аԥсуа бызшәа асинтаксис", "Аԥсуа бызшәа аҟаҵарбатә ажәахырҿиаара", "Аԥсуа бызшәа апунктуациа", "Аԥсуа литературатә бызшәа аграмматика".

© Sputnik / Томас ТхайцукЛидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа  - Sputnik Аҧсны
1/3
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
© Sputnik / Томас ТхайцукЛидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа  - Sputnik Аҧсны
2/3
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
© Sputnik / Томас ТхайцукЛидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа  - Sputnik Аҧсны
3/3
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
1/3
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
2/3
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа
3/3
Лидиа Ҷкадуаԥҳа лышәҟәқәа

Ацәыӡ ду

Алингвист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Чыргба радио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Лидиа Ҷкадуаԥҳа лыхьӡ ииасхьоу аамҭаҿы ахцәажәара шицәыуадаҩу. Иҳәеит ааигәаӡа ҭелла ишеицәажәоз.

"Дшызбац дыҟан, џьара цәгьарак ҟалап ҳәа угәы иаанагартә дыҟамызт. Гәалсра дула лыуацәеи лҭынхацәеи срыдашшылоит. Ари даара ицәыӡ дууп", - ҳәа иҳәеит иара.

Чыргба иажәақәа рыла Ҷкадуаԥҳа лусумҭақәа аԥсуа ҭҵаарадырра ахьтәы фонд иалалеит, амилаҭтә ҭҵаарадырра ахьӡ-аԥша шьҭнахит.

"Лара иналукааша бызшәадырҩын, аԥсуа-абаза бызшәадырҩын. Лусумҭақәа аҳаҭыр-апату ду рыман. Лидиа Платон-иԥҳа афилологиа аусхк аҿы ллагала ахәшьара ҳаракуп", - ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.

Иара иазгәеиҭеит Лидиа Ҷкадуаԥҳа ишеиҵалааӡаз аԥсуа филологцәа аӡәырҩы. Лықәра иахьмырԥшкәа аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа аус луан. Абри аҟара аусуралшара илымаз иаанаго акоуп - ԥсабарала дҵарауаҩын ҳәа азгәеиҭоит Чыргба.

"Лара ус хаданы илыԥхьаӡон аԥсуа бызшәа аларҵәара. Аҵыхәтәантәи лмонографиа аҟаҵарбатә ажәахырҿиаара иазкын. Аусумҭа ааигәа икьыԥхьын. Лара ибзианы илдыруан абызшәа аструктура. Аԥхьаҩцәеи астудентцәеи рҟынӡагьы анагара лҽазылшәон. Аԥсуа бызшәа макьаназ инарҵаулоу аҭҵаара амам. Лара иаллыршеит абызшәа азакәанеиҿкаара аарԥшра", - ҳәа иҳәеит иара.

Уи адагьы лара дҵарауаҩ дуӡӡан, зеиԥш дмаҷыз уаҩын ҳәа азгәеиҭоит Чыргба.

"Лацәажәара гәахәаран. Анык леиԥш дысзыҟан. Саргьы даара ҳаҭыр дула сылзыҟан. Лидиа Платон-иԥҳа леиԥш зеиԥшу ауаа ахьаҳцәыӡуа гәыхь дуӡӡоуп. Аха аамҭа иаратәы ҟанаҵоит", - ҳәа иҳәоит Виачеслав Чыргба.

Ҷкадуаԥҳа лусуратә рҿиара аҭоурых иазынхоит, уи аԥсуа филологцәа ԥхьаҟагьы реиҵааӡараҿы хәызмам акәны инхоит ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0