Аԥсны акоронавирус 56-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

© AFP 2023 / ATTILA KISBENEDEKМестная медсестра готовит вторую дозу вакцины Pfizer / BioNTech против нового коронавируса в медицинском центре Будапешта.
Местная медсестра готовит вторую дозу вакцины Pfizer / BioNTech против нового коронавируса в медицинском центре Будапешта. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11411-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9782-а, рыԥсҭазаара иалҵит 168-ҩык.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 519-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 56-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 1937 шықәса рзы ииз апациент. Иизықәыргылаз адиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц ауп, иара убас идбалан ҩганктәи ахәышәтәырҭанҭыҵтә аполисегментартә гәыҵәкра.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 122-ы, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 42-ҩык, ибжьаратәуп - 56-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 34-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 47-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0