Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: ԥсыхәас иҟоу зегьы-зегьы ахархәара аҭахуп аҵарашықәс ацҵаразы

© Sputnik / Марианна Кубрава Адгур Какоба
Адгур Какоба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа иахҟьаны аҵарадырраҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит уаанӡа аҵара аминистрс иҟаз Адгәыр Какоба.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Какоба аҵаратә процесс аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы

"Жәабранмза инаркны ашколқәа раатра алыршахар, азин рырҭар, иҟалоит ухы иаурхәар ааԥынтәи аԥсшьарамшқәа, асабша. Абжьааԥны рашәарамзазы аҵара хыркәшахозҭгьы, уажәы ухы иаурхәар ҟалоит иара ԥхынгәымзагьы. Хәымз рҟынӡа аҵарашықәс ҟауҵар ҟалоит, уи аамҭа иалагӡаны алагарҭатә классқәа рҿы раӷьарак дырҵаны, ахәыҷы анбанқәа еихьшьааланы даԥхьо, акалам акышьа ирҵо абас ауаҩы иҟаиҵар алшоит. Имариоу усуп ахәыҷқәа шықәсык рааныжьра, аха уи даара ахәыҷқәа рзгьы рыцҳароуп. Сгәы иаанагоит ԥсыхәас иҟоу зегьы-зегьы ахархәара аҭахуп аҵарашықәс ацҵаразы. Аԥхынтәи амзақәа ацырҵаргьы, ахәыҷқәа аматериал шьҭыркаартә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭатәуп. Шықәсык ибжьахо аҵарашықәс аҳәынҭқарра ианымԥшыр залшаӡом. Аҵара милаҭтә идеиоуп ҳҳәозар, аҳәынҭқаррагьы иалшо зегьы ҟанаҵароуп. Ииашоуп, уи ахарџь аҭаххоит, аха уи иеигӡатәӡам. Аҿар рааӡараҿы ахарџь аигӡара аҭахӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какоба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0