Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьынџьал Уасил Царгәыш изы: аԥсуа музыкеи аҟазареи ауаҩ ду дацәыӡит

© Sputnik / Илона ХварцкияНора Аджинджал
Нора Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартистка Нора Аџьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит зыԥсҭазаара иалҵыз Уасил Царгәыш иҟамзаара - аԥсуа ҟазаразы ишцәыӡ дуу.
Аџьынџьал Уасил Царгәыш изы: аԥсуа музыкеи аҟазареи ауаҩ ду дацәыӡит

83-шықәса дшырҭагылаза иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль уаанӡатәи асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор, адиректор, "Ахьӡ-аԥша аорден II аҩаӡара занашьаз Уасил Царгәыш.

"Аԥсни, амузыкеи, аҟазареи ауаҩ ду дацәыӡит. Иара иусура дазҟазан - адирижиор, акомпозитор, аетнограф, асахьаркыратә напхгаҩы, жәлар рашәақәа ус адызулоз ахор азы. Уасим Михаил-иԥа ган рацәала аҟыбаҩ ҿыда илан. Ҳаргьы иара иаԥҵамҭақәа даара имаҷымкәа инаҳагӡахьеит. Дара аџьабаа ибон, зхы иамеигӡоз, уахгьы-ҽынгьы амузыка иашьҭаз, аҩра иаҿыз иакәын. Даара сгәы далсит", -  лҳәеит Аџьынџьал.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0